1990 шықәса август 25 азы ирыдыркылеит Аԥснытәи ССР аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа. Уи аахыс 35 шықәса ҵит.
Иҭбааҭыцәӡа иҟоу аказармаҿы арԥыск ихы ақәырԥсны анышәаԥшь иалху аирыӡ ацәра даҿуп.
Хара имгакәа апроект «Аҟәатәи амодерн» аҳәаақәа ирҭагӡаны ақалақь аҿы игылоу амодерн аамҭа (аепоха) иаҵанакуа 19 ҩны рҿаԥшыларатә ганқәа рҿы аԥсышәала, урысшәала, иара убас англыз бызшәала иҩу, иара убас ахыбра аҭоурых азы еиҳа инарҭбаау аинформациа узҭо аудиогид ахь уназго QR-кодқәа рыла еиқәыршәоу аинформациатә ҭыӡҩырақәа шьақәдыргылоит, – адырра ҟанаҵоит ателеграм-канал «Окно».
Аԥсны Аԥыза-министр Владимир Делба хазы игоу акатегориақәа ирыҵаркуа атәылауаа ртәанчахәқәеи ироуа аԥаратә цхыраагӡақәеи рышьҭыхра азҵаарақәа рзы аилатәара мҩаԥигеит.
Аԥсны астатистиказы Аҳәынҭеилаки Урыстәыла астатистика Аусбарҭеи аусеицуразы аплан рнапы аҵарҩит.
Ҳаҭыр зқәу Денис Кьыршьал-иԥа!
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалоу рҭаацәара ду аҟнытә гәык-ԥсыкала иудаҳныҳәалоит 75 ш. ухыҵра аиубилеи.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба «Иаку асоциалтә шәахтә азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект аиӷьтәра иазку Аусуратә гәыԥ аԥҵаразы» Адҵа инапы аҵаиҩит.
Август 19 азы Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Анхәа ақыҭа даҭааит аҭагылазаашьеи иҟоу ауадаҩрақәеи реилкаара хықәкыс иҟаҵаны.