Аԥсыуашәала ааӡаразы

Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра амш азы аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысит аконцерт, «Ахәрашәа, ахәра зырӷьо» ҳәа хьӡыс иаманы.

Ашколхәыҷқәа инарыгӡон аибашьра ашәақәа. Ахор адирижиорцәа руаӡәк – Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Лиова Смыр, 40 шықәса иреиҳаны зыԥсҭазаара аҵара-ааӡара иазикхьеит.

Лиова Смыр 75 шықәса ихыҵуеит. Иара Анхәа диит. Ԥшьҩык иашьцәеи иаҳәшьа заҵәи рахьынтә иара иоуп аҟазара амҩа ианылаз. Уи Урыстәыла атехнологиатә институт автотранспорттә факультет дҭалар акәын, аха иара аҟазаратә ҟәша алихит. 

«Ашкол аҿы аҵара анысҵоз черчениа амаҭәар бзиа избаӡомызт. Сара исҭахыз амузыка акәын, аха уи сҭаацәа ргәы иақәшәомызт. Автотранспорттә факультет ахь сымцаӡакәа, иахьысҭахыз снеит. Сыбжьы гәаҭаны срыдыркылеит», -  игәалаиршәоит уи аамҭа Лиова.

Аҵараиурҭаҿы иаразнак игәарҭеит, аҷкәын аҟыбаҩ шилоу. Ибзиангьы далгеит, идипломтә усумҭа аус шадиулоз иахьагьы дазгәдууны еиҭеиҳәоит. Лиова илиршеит акомпозитор Фельцман имелодиа аранжировка ҟаҵаны ахор адырҳәара. Анаҩс, Аԥсныҟа данаа, уи ашәа аԥсышәала еиҭаганы иҵаҩцәа идирҵон. Иара убысҟан ауп ахор аус рыцура абзиабара анизцәырҵгьы.

Лиова Смыр иҵара хыркәшаны данаа аусура далагоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә хортә капеллаҿы. Усҟан уи дахагылан Вадим Судаков. Аԥсны уи аамҭазы ирацәан аҟазаратә еицлабрақәа, еиҳарак аҳҭнықалақь ашколқәа рыбжьара. Абжьаратә ҵараиурҭақәа рыхьӡ аҭгаразы акырӡа аҵанакуан урҭ. Алашарбага аҳаблаҿы иҟаз ашколтә  хор анапхгаҩы данагха, Лиова Смыр уахь ааԥхьара иоуит. Абасала, ашкол аҿы ахор рҵаҩыс аусура далагеит. Уи ашықәсан, Лиова ибзоураны ашколгьы аҟазаратә еицлабраҿы актәи аҭыԥ ааннакылеит.

Анаҩс, аҟаза ашколқәа жәпакы рҿы аус иуан. Зны ашколхәыҷқәа рхан аҟны иҟаз апионерцәа рхор аиҿкааразы ааԥхьара ирҭеит. Дара Қарҭ иқәгылараны иҟан, иазыҟаҵатәын. Усҟан ахәыҷқәа идирҳәеит аԥсуа ашәа «Азамаҭ». Уи ақәгылара ашьҭахь дхынҳәны Аԥсныҟа данааи, аус ахьиуаз  дамырхит.

Лиова Смыр дахьықәгылоз есн­агь концертмеистерс ицыз Анатоли Гельбак иакәын. Зны Қарҭ рықәгылараан рыжәлақәа рыԥсахырц иалагеит. Лиова ижәла Смир ҳәа иадырбеит, Анатоли иакәзар, Гельбах ҳәа дҟарҵеит. Ирулак рҩыџьагьы рыжәлақәа хьчаны иқәгылеит, аицлабраҿгьы аиааира ргеит.

«Ахор атәы даара ицәгьоуп. Аӡәы заҵәык абжьы анеилеигалак, зегьы еилагоит. Иҟоуп ахәыҷқәа зыбжьы бзиоу, аха зҟазшьа џьбароу. Дара рыгәшәымшә аҳәашьа уақәшәароуп, иҟоуп зыбжьы зыԥсахуа.  Ахәыҷбаҳчахь ицо ибжьы зеиԥшроу удыруазароуп. Актәи акласс ахь ицо ус. Ашәа ззымҳәо уиацәҳар, игәнаҳа цәгьоуп, иахьынӡауала ирҳәа, нас иара далшәоит.», - иҳәоит Лиова иԥышәа инарҵаз атәы далацәажәо. 

1996 шықәса рзы Лиова Смыр аҷкәынцәа рыла еиҿикааз ахор иманы дцеит Москва, «Актәи аканал» аҟны адыррҭара «Утренняя звезда» рҽаладырхәырцаз. Усҟан агәыԥ аиааира ргеит.

Иахьа Лиова аус иуеит Аҟәатәи аԥшьбатәи амузыкатә школ аҿы, анаҩс ахәбатәи абжьаратә школ аҿгьы, иара уи адагьы Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә культура аҵараиурҭаҿы. Лиова аҵараиурҭаҿы ахәыҷқәа «жәлар рышәаҳәара ашьаҭақәа» ҳәа амаҭәар дырзаԥхьоит.  «Ҳара ҳада аԥсуа ашәақәа рхыҵхырҭақәа ахәыҷы иазҳәо дыҟаӡам. Даргьы азҿлымҳара аадырԥшуеит. Иаҳа инарҵауланы аматериал рызназгарц рҭахуп азы, аԥшаара салагеит. Ҿыцк еснагь ирыдугалар, аинтерес ркуеит. Саргьы сџьабаа мыӡырцаз дара рҟынтә аҭак ансоуа – уи сгәы шьҭнахуеит», - иҳәоит Лиова. Иара дазыразуп ажәытә ашәақәа ԥсахны ианыҟарҵо, ҿыц аԥсҭазаара анрырҭо ашәаҳәаҩцәа, аха амелодиа алакьысра аҭахӡам, ашәа абжьы анго ауп ианмыӡуа, иазгәеиҭоит уи.

Лиова Смыр 75 шықәса дш­ырҭагылогьы мышкы иусура дагымхацт. «Аусураҿы сыԥсы сшьоит. Сара сдыррақәа шьҭа даҽаӡәы иахь исырхароуп. Ахәыҷқәа санрылагылоу сгәы еизҳауеит. Сычмазаҩны схы сымбаӡац. Уаурыжьӡом!», - длафуеит Лиова. Иара иҵаҩцәа аӡәырҩы амузыка рыԥсҭазаара адырҳәалеит. Урҭ дрызгәдууп. Иԥҳа Николь, ишьҭа дықәлеит,  дырҵаҩуп, ахәыҷқәа амузыка длырҵоит. Аҩбатәи лакәзар, зыҽны амузыкатә школ далгаз, лдиплом лаб инапы инаркны, иреиҳаӡоу аҵараиурҭа дҭалеит, даҽа мҩак данылеит.

Лиова Смыр қәралеи ҟазшьалеи еиуеиԥшым аҿар аԥсыуа шәала иааӡоит. Иԥсҭазаара аӷьырак уи иазкуп. Агәымшәареи, ақьиареи, аԥсуареи рыла еиҿартәоу урҭ, ааӡагоуп ҳәа иԥхьаӡоит. Ахәыҷқәа рдунеихәаԥшышьа ибзианы идыруеит азы, рызнеишьагьы дақәшәоит. Арҵаҩы иалихыз изанааҭ дахьхәны ҳәа иҟамлацт ахаан.

 

Альбина Жьиба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me