ААУ иаатит IX Жәларбжьаратәи арт-пленер «Аԥсны ҭагалантәи аԥшшәахәқәа 2025»

Арт-пленер аҳәаақәа ирҭагӡаны ААУ имҩаԥысуеит арҵаҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи еидызкылаз аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Атрадициақәеи иахьатәи аамҭеит».

Урҭ азааҭгылоит атехнологиа ҿыцқәа акультураҿы иҟарҵо анырра.

ААУ аректор, УАҬР академик, апрофессор Алеко Гәарамиа еизаз бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо аусмҩаԥгатә аартра рыдиныҳәалеит.

«Ацәыргақәҵатә зал хада ауадақәа рҿы иаҳбарҭоуп асахьаҭыхыҩцәа Аԥсны аҟазара шеиҭашьақәдыргыло, ишадгыло», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Апроект хыркәшахоит ААУ уахьыныҩнало еиҿкаахо аихшьаалатә цәыргақәҵала.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me