Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа Башкортосҭан Ареспублика Амшныҳәа азгәаҭара иазкыз аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
Аныҳәаҿы Беслан Бигәаа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит.
«Ҳаҭыр зқәу Ради Фариҭ-иԥа!
Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаажәлар рыхьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Ареспублика Амш!
Ари агәырӷьаратә мшы иаанарԥшуеит Башкортосҭан аҭоурых аҿы акрызҵазкуа аетап, аҳәынҭқарра аргылареи асоциал-економикатә ҿиареи рыҟны аихьӡарақәа зныԥшуа.
Иахьа Башкортосҭан Урыстәылатәи Афедерациаҿы аԥхьагылара змоу арегионқәа ируакуп, ааглыхратә, ақыҭанхамҩатә, асоциалтә хырхарҭақәа рыҟны акрызҵазкуа аихьӡарақәа маҷымкәа иамоуп, ибеиоуп акультуратә ҭынха.
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реизыҟазаашьақәа иҷыдоу апартниортә ҟазшьақәа рымоуп. Убри аан, Урыстәыла Афедерациа арегионқәеи ҳареи аимадара ҳабжьаҳҵоит, ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аидгылара арӷәӷәоит, уи азы иҿырԥштәы бзиоуп Башкортосҭани ҳареи ҳусеицура.
Ҷыдала иазгәасҭарц сҭахуп Аԥсни Башкортосҭани жәытә-натә аахыс аиҩызара шрыбжьоу. Еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аҿиара иаҿу аусеицура ахә ҳаракны иаҳшьоит.
Агәра ганы сыҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи Башкортосҭан Ареспубликеи ирыбжьоу аусеицура аринахысгьы аҿиара шаиуа, иҿыцу, иҳараку аҩаӡара аҟынӡа ишнагахо.
Ҳаҭыр зқәу Ради Фариҭ-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҭакԥхықәра ду зцу шәусураҟны аихьӡарақәа, Башкортосҭан иқәынхо ауааԥсыра ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара, аҿиара!»