Аспециалист иабжьгарақәа

Амармалташьтә бты Амшын Еиқәа аҿықә иаԥну атәылақәа рҿы ицәырҵит аа-шықәса раԥхьа. Иара рбеит Новороссиски Шәачеи иахьрыҵаркуагьы. Ауаа рзы шәарҭара аҵам.

 Аа-шықәса раԥхьа Аԥсны ицәырҵыз амармалташьтә бты араҟа иаабит, ишьагәыҭу ахкы астатус ахь ииасит.  Абас аԥхасҭа зырҿио бты аҿагыларазы азнеишьа ҿыц иазкны аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ақыҭанхамҩа Аминистрра аҵиаақәа рыхьчара Амаҵзура аиҳабы Владимир Гьериа.

Владимир Гьериа иажәақәа рыла, раԥхьатәи ашықәсқәа рзы бты ахыԥхьаӡара акырӡа ианырацәаз, ԥсабарала урҭ ирҿагылоз ахкқәа анмаҷыз аамҭазы, уи ахәырма, алаҳа, амандарина уҳәа ашәырхкқәа ӷәӷәала ааха рнаҭон. Аха аҭагылазаашьа акыр аҽаԥсахит иахьа.   «Ҳара уи ахала иқәҵуеит ҳәа ҳақәгәыӷуамызт. Аха аамҭак ала хра злоу ахҭысқәагьы ҟалеит – абты зфо амаҵагьы цәырҵит, урҭ уи аҿиара акыр иаԥырхагахеит», —  иазгәеиҭеит амаҵзура ахада.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит иарбоу аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷа хкы ахыԥхьаӡара аԥхьатәи аамҭақәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар, акыр ишагхаз, аҽаҩра ацәыӡ апроцент акыр армаҷра шалыршаз.

Ақыҭанхамҩа Аминистрра иарбоу аԥхасҭа зырҿио абты ақәгараҿы даҽа хырхарҭак шьҭнахит. Ахылаԥшырҭа есышықәса аԥаратә малқәа азоунажьуеит, еиҳа иуашәшәыроу акультурақәа (араса, ацитрустә шәырқәа, ашәырқәа, ауҭраҭыхқәа) рыхьчаразы ахимиатә маҭәашьарқәа ррезерв аԥнаҵоит. Уи адагьы иаахәахәоит абты аиҳарак арасаҿы иарҿио акәыкәбаа чымазара аҿагыларазы афунгицидқәа. Арҭ апрепаратқәа хәыда-ԥсада ақыҭауааи ақыҭанхамҩатә аалыҵ аарыхыҩцәеи аҵиаақәа аҿа  анылырго аамҭазы ирызшахоит.

Ауааԥсыра ахьынхо аҭыԥқәа рҿы аиԥш, урҭ рыкәша-мыкәша абты рацәаны иахьеизо инадҳәаланы жьҭаарамзазы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа далацәажәо, аспециалист ари аӡынтәи аҽыԥхьакра иадҳәалоу «амзартә цәырҵра» ауп, уи зынӡа иадҳәалаӡам  ҳәа иҳәеит. «Уи абты ҩаԥхьа иҿиеит ҳәа акәӡам иаанаго. Уи ахыԥхьаӡара акыр еиҵахеит ԥыхьа аасҭа, аха уажәы ҳазҭоу ҭагалантәи амшқәа рзы ҳара уи аабоит, избан акәзар, уи иара аԥсҭазаашьа иадҳәалоуп», - иҳәеит иара.

Абты аҽыԥхьакра аамҭахәҭазы ақыҭанхамҩа Аминистрра ахимиатә маҭәашьарқәа рхархәара рабжьыргаӡом ақыҭауаа, избан акәзар, иарбоу аамҭазы абты акрафаӡом, иара убри ала ақыҭанхамҩатә ҵиаақәа аԥхасҭа рнаҭаӡом, ахимиатә маҭәашьарқәа ракәзар, хра злоу аентомофауна ықәнагар алшоит.

Владимир Гьериа амц-ԥхьакырҭақәа рыҟаҵаразы ажәалагала ҟаиҵеит: ажә-мыжә, ма ақьаадыжә ала ирҭәу, иабац еиқәырҽу аҭрақәа  рхархәара. Абты урҭ ирҭаланы рҽыԥхьаркуеит, уи ашьҭахь иарбоу «аԥхьакырҭақәа» амца рыцраҵаны иублыр алшоит.

Аԥхасҭа зырҿио абты активра аамҭазы (ааԥыни аԥхынреи)  ашәыри ауҭраҭыхи рыхьчаразы ахимиатә усдулара хымԥадатәиуп. Усҟан ақыҭанхамҩа Аминистра есымша арезерв аҿы иҟоу ахимиатә инсектицидқәа рхархәара еиҿнакаауеит.  

Еиҳа лассы-лассы ахархәара зауа амаҭәашьарқәа рахь иаҵанакуеит: 

- «Исперу» (Урыстәыла иҭыжьуп) — ҩ-компонентк рыла ишьақәгылоу акыр аамҭа аус зуа аинсектицид;

- «Зондер» (Европа иҭрыжьуа) — аконтактә маҭәашьар.

Абты шьаҭанкыла ақәгара залшом, аха ахыԥхьаӡара акыр илаурҟәыр ауеит ҳәа азырыԥхьаӡеит аусбарҭаҿы.

Владимир Гьериа амармалташьтә бты аҿиара амаиурц ақыҭанхамҩа Аминистрра арезерв аҿы есымша ҩба-хԥа хкы ахимиатә маҭәашьарқәа, иара убас абты иарҿио акәыкәба ачымазарақәа рҿагылара иазку ахархәагақәа ыҟоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me