Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз 21 шықәса ирҭагылаз Аҷандаратәи арԥыс Балтикатәи афлот, Таллин ақалақь аҟны артиллериа архәҭа аҿы аррамаҵзура ихганы дхынҳәижьҭеи 4 мзы ракәын иҵуаз, иҭаацәагьы рызхара дрымбацызт, дрыламтәацызт.
Рамиз Орчыҟәба дабиԥазаҵәын, ԥшьҩык иаҳәшьцәа иреиҵбыз иакәын аҟнытә, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба «абиԥазаҵәқәа» аангыларц иҟаиҵаз адҵала, иара иеиԥш иабиԥазаҵәқәаз аӡәырҩы реиԥш, урҭ реиқәырхараз ажәыларахь акырынтә дырмышьҭыкәан дныркылахьан, аха, иеиҳабацәа ргәы дасыр шиҭахымызгьы, иԥсадгьыл аҿаԥхьа идыз ауалԥшьа анагӡарагьы мап ацәкра илымшеит.
Ҳаиҿцәажәараан аибашьра аветеран иазгәеиҭеит уи дызлахәыз раԥхьатәи ажәыларақәа ишыруаку Ахбиук ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәылара.
– Ахбиук аҳаракыра агара, уи ахы ақәиҭтәра мариамызт. Гиви Смыр напхгара зиҭоз аԥшьбатәи абаталион аибашьцәа ҳҿаԥхьа иқәгылан адҵа «лаԥшхырԥагаҵас» аӷа дхьарԥшны, маанала, ҳизгәамҭартә ҳаҽшаны аҳаракыра ҳнапаҿы аагара.
Ахбиук аҳаракыра агараан 450-ҩык инарзынаԥшуа аибашьҩцәа еидызкылоз ҳбаталион иалаз ачеченцәа, ауаԥсцәа, иара убас Дәрыԥшь, Лыхны, Аҷандара, Хәаԥ, Ҟәланырхәа уҳәа рҟнытә агәаӷьреи агәымшәареи злаз ҵеицәан, урҭ рахьтә иалухуа-иалауҵо дыҟамызт, зегьы рхы бзианы иаадырԥшит аибашьра адәаҿы.
Ашықәсқәагьы маҷымкәан иахьцахьоу аҟнытә, урҭ хьыӡҳәала ргәалашәара ахьсылымшо аҭамзаара шьҭасҵоит. Аха аӡәык-ҩыџьак иахьагьы сыбла ихгылоуп, сгәалашәараҿ инхаз рыӡбахә алкааны исҳәарц сҭахуп. Урҭ дыруаӡәкуп, аибашьҩы еимҿас, агәаӷь зызҭаз, Махно Абӷаџьаа. Уи апулемиот кны деилҟьа-еилӷәыцә гәеиҭаԥарак имамкәан, аԥхьа дгылан, раԥхьа ахысра аазыртызгьы иара иоуп Ахбиук аҳаракыра ахақәиҭтәраз имҩаԥгаз ажәылараан.
Аибашьцәа ҳгәы рӷәӷәо, ажәа ҟәышла иҳацәажәоз «Аиааира ҳара иаҳтәхоит, акы шәацәымшәан «сыҷкәынцәа», сара сеиҳабуп ишәыхьша сара исыхьааит «сеиҵбацәа» – ҳәа ихатәы хшара реиԥш, аҿар иҳахӡыӡаауа иҳацеибашьуаз, зыламыси заԥсуареи ҳаракыз, зыԥсадгьыл иапатриотыз аԥсуа хаҵа Мирод Гәажәба иажәақәа иахьагьы слымҳа иҭаҩуеит.
Леон иорден занашьоу, Дамсик ҳәа хьыӡшьарас измаз Геннади Мхонџьиа, уи иашьа Тангулик Мхонџьиа хаҭала, Аҷандараа ҳабригада акомандир Адгәыр Царгәыш, 16 шықәса зхыҵуаз аибашьҩы гәымшәа Амиран Џьарсалиа ракәзар, «Амца иақәуҵар имбылуа» – ззуҳәо ҵеицәан. Азныказы Ахбиук аҳаракыра ҳнапаҿы иаагеит, аха нас ҳамчқәа мхеит, ҳхьаҵыр акәхеит. Аҳаракыра ааныжьны ҳанылбаауаз, еицыз аиҩызцәа ҳаицәыхҟьеит. Сара саб иашьа иԥа, ааигәа зыԥсҭазаара иалҵыз Руслан (Утка) Орчыҟәба сышишьҭаз данысымба, ҩаха-ҩымши ҳацәа-ҳтәа ыҟамкәан иаҳныҟәаз, сааԥсара сыхьӡан, ақәа кыдхаҽа ишауазгьы ԥсаҵлак ашьапы сахьнадиалаз самхацәеит. Ԥыҭрак ашьҭахь, сзышьҭаз сашьа Утка сара сиԥшааит. Ҳаицны албаара ҳшаҿыз ҳгәылацәа еибашьцәа Алмысхани Ҭемыри Царгәышаа ҳақәшәеит. Аацәылашон еиԥш Гәымсҭа аӡиас ҳанхықәгылеит. Уи аамҭаз Ҭемыр «ажьымҵ» даара ирацәоуп, аӡә дыԥсны дышьҭахар ҟалап» – иҳәеит. Ҳаргьы иажәа ааҩбамтәкәан ҳаимдо, хәыҷык ҳнаскьазар, амина иахаԥжәаз, зызшьапык хжәаны ӷәӷәала ихәыз, зыԥсы ахәага ҭаз, амҵ ҭаха имҭо изхаз аибашьҩы ҳнеихагылеит. Уи ҳахҩык ҳаицхырааны ашьаршьаф дылаҳәаны, ахқәа наҟ-ааҟ иҿаҳәаны дкамҳартә ашаха данҵаны аӡиас дыраагеит. Анаҩс, амедиаҳәшьцәа Рита Жьи-ԥҳа, Фениа Аҩӡ-ԥҳа уҳәа раԥхьатәи ацхыраара ирҭеит.
Рамиз иҩызцәеи иареи рыбзоурала еиқәхаз аибашьҩы, анаҩс излеилкаахаз ала Хьырсон Гәазаа иакәын.
Аибашьра зхызгаз, уи иалагылаз аибашьра аветеранцәа рахьтә шамахамзар, дыҟам уи атема алацәажәара зцәыхьанҭам, уимоу мап ацәызкуагьы. Рамиз Орчыҟәба иакәзар, хаҭала акырынтә иацәажәара сҽазыскхьан, аха, уи еснагь «ҽазны», ҳәа иахигон. Аха, ишырҳәо еиԥш, «зегь ҿҳәарак-ҿҳәарак рымоуп»… Уи аҽны машәыршәа срыхҭыгәлеит, аишәачара иадтәаланы, Аԥсынра аныҳәаҿа анышьҭырх ашьҭахь, ажәеи-ажәеи шеихырҳәаауаз Аԥсынра иҟоу аҭагылазаашьа ишалацәажәоз аибашьра атемахь ианианагоз аламҭала. Анаҩс Рамиз аибашьратә хҭысқәа аиҭаҳәара дналагеит, нас даҽа хҭыскгьы игәалашәан, уигьы аиҭаҳәара иҽыназикит. Уи акәхеит, Рамиз ихы-игәы ишҭамыз, сара схаҭагьы сшазыԥшымыз, имариа ансоу «сабџьар» аацәырызгеит, сыхәмаруа, «умыццакцәан, сахьӡаӡом» – ҳәа ҿаасҭит. Сҽырхианы ииҳәоз анҵара сшалагахьаз гәазҭаз Рамиз «абларҭа дҭахеит» «даҽазны» ҳәа ишахигалоз еиԥшгьы, ахгара шалымҵуаз ибарҭан.
Рамиз иажәабжьеиҭаҳәара иацҵо даҽа еибашьратә хҭыск аиҭаҳәара дналагеит.
– Шрома 920 аҳаракыра ахы иақәиҭтәын, уа ахырӷәӷәарҭа аанкылатәын, хысрада аҳаракыра ҳхалахьан еиԥш 700-800 метра раҟра шыбжьаз, «умхысын, ихарацәоуп» шаҳҳәоз иҳацыз ҳҩыза еибашьҩык дыццакцәан, агранатамиот ала атанк данеихс, ҳаӷацәа ҳгәарҭеит. Абџьар усгьы меигӡарахда ирыман, «аҟәҟәаҳәа» иҳаихсуа, аснариадқәа рҿаархеит, дгьыли-жәҩани зегь лашон, «амца ркын» убриаҟара «акырцх» еиԥш аснариадқәа аауан.
Убри аамҭазы, уи аҭыԥаҿы шықәск исеиҵбыз Баҭал Ҳагбеи иҳаиҵбыз Омар Царгәыши аснариад иашьит. Баҭал данҭаха ашьҭахь иԥсыбаҩ аагара уадаҩхеит, аха иааулак иҳалҳаршеит. Омар уи аснариад ӷәӷәала дацҟьеит, иԥсыбаҩ еидаҳкылеит…
Ари ахҭыс аиҭаҳәара ашьҭахь Рамиз даара илахь еиқәылеит, ҿыц ибла ихгылазар акәхап, издыруада иҵегь игәаланаршәаз ахҭысқәа?!..
Ԥыҭрак ашьҭахь, ҳаиҿцәажәара иацҵо, Аиааира Амш дахьаԥылаз аилкаараз иаҳҭаз азҵаара аҭак ҟоҵо иажәа дналагеит: «Аҟәа ахақәиҭтәраан, аибашьратә мҩа иахьынӡауадаҩыз Ахақәиҭра ашҭа аҟынӡа акәын. Шромантәи илбаауаз аибашьцәа ҳзы ишәарҭаз еиҳарак аснаиперцәа ракәын. Урҭ икылкааны иреихсны иҭадырхон ҳҩызцәа еибашьцәа. Линдава ақыҭаҿы аснаиперцәа иҭадырхеит ҳҩызцәа еибашьцәа х-ҩык: Мирод Гәажәба, Рауф Џьыкрба, Адгәыр Царгәыш. Ирацәаҩуп Аиааира Амш зынӡа мышқәак шагыз изахьымӡакәан иҭахаз ҳҩызцәа, аха ихадароу урҭ ргәаҳәара ахьынаӡаз ауп, урҭ зхьымӡаз инхаз инаҳагӡеит, ҳаԥсадгьыл ахы иақәиҭаҳтәит. Хыхь ишысҳәахьоу еиԥш, Ахақәиҭра Ашҭа аҟнытәи еибашьра ҳақәымшәеит, ҳаӷацәа ыҩны ицон, ҳзырхьымӡо аҟынӡа ҳрышьҭан. Исгәалашәоит, амҩахь Абжьыуаа рқыҭақәа ҳрылсны ҳахьцоз, ҳашьцәа Гәдоуҭаа аауеит ҳәа ргәырӷьара ҳәаак амамкәан ишаҳзыԥшыз, ишаҳԥылоз, аишьцәа ҳаибабара, ҳаиқәшәара иаҵаз агәыбылра, аԥхарра. Аибашьра адәаҿы, абџьар шьҭыхны еибашьуаз зегьы сара сзы ифырхацәоуп, аха ҳашьцәа абжьыуаа ирылшаз шьардоуп, аибашьраан, урҭ рҭагылазаашьа еиҳа иуадаҩын, гәкаҳарак рынмырԥшкәан уи иаҵгәаны иаадырԥшыз алшареи ачҳареи рзы «ҩынтәны ифырхацәоуп» ҳәа сыԥхьаӡоит, хаҭала, сара», – иҳәеит урҭ дрызгәдуны.
Аиашазы, ҳаԥсадгьыл еиқәзырхаз афырхацәа, уи зхы-зыԥсы ахҭнызҵаз рыхьӡ анаунагӡатәраз досу иҳалшо зегь ҟаҳҵозароуп. Иахьа зыбзырӡы ҳәам рацәаҩуп, аамҭа маҷымкәан ишцахьоугьы, урҭ досу ирыхәҭоу ажәа ҳәазароуп, агәцаракреи ахылаԥшреи рыгыжьтәым.
Алиса Гәажә-ҧҳа