Зҵакы ҵаулоу ари аусмҩаԥгатә иеиднакылеит Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәеи агәыларатәи ареспубликақәеи рҟнытә имаҷҩымкәа алитературеи аҭҵаарадырреи аҟазареи русхкқәа рхаҭарнакцәа.
Афестиваль хацыркын «Ҳаамҭеи «Коста Хетагуров илитературатә ҭынхеи» ҳәа темас измаз «астол гьежь» ала. Асасцәа «бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо уи ааиртит К.Хеҭагуров ихьӡ зху амилаҭтә ҭҵаарадырратә-культуратә Центр ахантәаҩы апрофессор Иван Алборов. Ражәахәқәа рыла иқәгылеит иара убас, Нхыҵ-Уаԥстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы, Урыстәыла акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, ажурналистцәа Жәларбжьаратәи реиҿкаара алахәыла Борис Хозиев, Урыстәылатәи ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла амаӡаныҟәгаҩ, апоет, аиҭагаҩ Нина Иагодинцева, апоет аиҭагаҩ алитературатә критик, «Кавказ ашәҟәыҩҩцәа Рклуб» ахада Миасаҭ Муслимова. Анаҩс, афестиваль алахәцәа зегьы аҭааит Косҭа Хеҭагуров анышә дахьамадоу, Уаԥстәылатәи ауахәама апантеон, ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит. Уи ашьҭахь асасцәа аҭааит арккаҩ ду ихьӡ зху Нхыҵ-Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә университет. Уаҟа ауаԥс филологиа афакультет адекан Гутиева Ельмира лнапхгарала еиҿкааз асасцәеи астудентцәеи реиԥылара аԥхара аҵаны имҩаԥысит. Уи ааиртит «иарбан усмҩаԥгатәзаалакгьы имҩақәызҵо, ихазырҭәаауа, иалкаау ауаа роуп. Ҳтәылаҿы иахьа цәаҩалеи доуҳалеи еизааигәоу ауаа жәаҩыла реиқәшәара, акырӡа зҵазкуа хҭысуп, ауаԥсаа ҳзы мацара акәымкәа, Кавказ ажәларқәа реиԥш Урыстәылеи уи агәыларатәи аҳәынҭқаррақәа рзгьы» ҳәа, еиҳау аҵаруиарҭа Ахада, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла Ахурбек Магометов ихьӡала иқәгылаз аректор Алан Огоев. Аиԥылараҿы асасцәеи аԥшәмацәа ҿарацәеи инеиҭакуа иазааҭгылон Косҭа Хеҭагуров дназлоу амилаҭтә рккаҩцәа рырҿиаратә ҭынха ажәларқәа рхаҿра аиқәырхареи реимабзиара арҵаулареи рус аҟны урҭ рлагала аҵакы, убасгьы аилатәаратә зал иҩныҩуан ауаԥсаа рҵеи лаша ипоезиа аурыс, авар, ачечен, англыз, аԥсуа (Д.Гәлиа иеиҭага К. Хеҭагуров иажәа «Ан» даԥхьеит арҭ ацәаҳәақәа равтор) бызшәақәа рыла. Аиԥылара хыркәшан уи иалахәыз шәҩык инарзынаԥшуа ауаԥс филологиа афакультет астудентцәа еицҿакны бжьеиқәшәала Косҭа ду иажәеинраала «Ныстуан» реицаԥхьарала.
Уантә асасцәа рымҩа хан зыхьӡ адунеи иахыҵәахьоу ақалақь Беслан ашҟа. Ишдыру еиԥш, ари ақалақьаҿы 20 шықәса раԥхьа сентиабр 1 азы, актәи абжьаратә школ аҟны аҵарашықәс алагара иазкыз агәырӷьаратә цәаҳәа амҩаԥгараан, 1200-ҩык инарзынаԥшуа ашколхәыҷқәеи 300-ҩык инареиҳаны арҵаҩцәеи аҭаацәеи атеррористцәа ирытҟәеит.
Хымш зыԥсҭазаарақәа ашәарҭа бааԥсы иҭагылаз рхы иақәиҭтәын амчратә усбарҭақәа русзуҩцәа ргәымшәареи рхаҵареи ирыбзоураны, аха араҟа рыԥсҭазаарақәа ҿахҵәеит зынӡа 334-ҩык, урҭ рахьтә 189-ҩык, иӡҟыз инадыркны 17 шықәсанӡа зхыҵуаз ахәыҷқәа. Ари агәаҟра бааԥсы зхызгази иалаӡызи ргәалашәара иазку амемориалтә комплекс «Амаалықьцәа рықалақь» иаҭаауа дарбанызаалак илаӷырӡ камҭәакәа дзыхынҳәуам. Угәаҵанӡа уеилнашьаартә иҟоуп араҟа иубои иуаҳауеи.
Аусмҩаԥгатә аҩбатәи амш алагеит уи алахәцәа Владикавказ ақалақь аҿы иҟоу, Косҭа Хеҭагуров аамҭала дахьынхоз, иахьазы уи емориалтә ҩны-музеи аҭаара ала. Азҿлымҳара ҳаракы зҵаз амҩаԥгаҩ лажәақәа рнаҩс, амузеи ауаҭах ҭбаақәа руак аҟны имҩаԥысит, еиуеиԥшым абызшәақәа рыла Косҭа Хеҭагуров ипоезиеи, авторцәа рхатәы рҿиареи иахьрыԥхьаз апоезиатә хәылԥаз маҷ. Уаҟа ауаԥс бызшәала арккаҩ ду иажәеинраалақәа руак даԥхьеит Аԥснытәи аделега-циа ахаҭарнак, жәларбжьаратәи апроект «Кавказ – наш общий дом» анапхгаҩы Давид Дасаниа.
Амш аҩбатәи азбжазы Амилаҭтә ҭҵаарадырратә библиотекаҟны имҩаԥысит апоезиа жәларбжьаратәи афестиваль «Ауаԥс лира» (Осетинская лира») иагәыцә хадахаз ахҭыс, 125ш. раԥхьа иҭыҵыз, Косҭа Хеҭагуров иажәеинраалақәа раԥхьатәи реизга ԥшьбызшәак: аурыс, ачечен, авар, афранцыз бызшәақәа рыла иеиҭаганы иҭыжьыз ашәҟәқәа рӡыргара иазкыз аилатәара. Абиблиотека афое аҟны ицәыргақәҵан аҭааҩцәа даара зҿлымҳара зырҭаз, ауаԥс литература ашьаҭаркҩы ирҿиара иеидызкыло еиуеиԥшым аамҭақәа раан иҭыжьыз ашәҟәқәеи уи ихаҭареи иҭынхеи ирызкны акыр абызшәақәа рыла апериодикатә ҭыжьымҭақәа рҟны акьыԥхь збахьоу анҵамҭақәеи рцәыргақәҵа. Аусмҩаԥгатә аныҳәатә ҵакы ханарҭәаауан ауаԥс милаҭтә кәашара «Хонга» ансамбль «Артхурон» алахәцәа рынагӡарала.
Кавказ ашьхаруа жәларқәа зегь реиԥш, агәырӷьаратә усмҩаԥгатә ауаԥсаагьы традициак аҳасабала Ҳазшаз имҵаныҳәара иазкыз ақьабз амҩаԥгарала иалагеит. Уи мҩаԥигеит апрофессор Иван Алборов. Анаҩс, агәырӷьаратә еилатәара алахәцәа ирзынархаз адныҳәалара атәыла ахадеи аиҳабыреи русбарҭа аиҳабы Ибрагим Гобеев ихьӡала даԥхьеит, жәлар реизара-апарламент ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Асланбек Гутнов. Иара убас, асасцәа ирыдныҳәало ажәа ԥхақәа рҳәеит аҭыԥантәи ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Борис Хозиеви, Нхыҵ-Уаԥстәыла жәлар рпоет Музафер Ӡасохови.
Анаҩс, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла анапхгара ахьӡала амилаҭтә литературақәа рызҵаарақәа рзы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Валери Латынин «Пушкин ихьтәы медал» ианаишьеит Борис Хозиев, «Сказитель Руси за заслуги» амедал ланаишьеит ари афестиваль аиҿкааратә хеилак ахантәаҩы, апоет аиҭагаҩ Залина Басиева, Пушкин ипоема «Руслан и Лиудмила» ауаԥс бы-зшәахьы иахьеиҭалгаз азы.
Убасгьы, Нхыҵ-Уаԥстъыла акультуреи, аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрреи ауаажәларратә еиҿкаара «К.Хеҭагуров ихьӡ зху амилаҭ әаҭҵаарадырратә культуратә Центри рыхьӡала афестиваль алахәцәа зегьы иранашьан аҳаҭыртә шәҟәқәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи.
Ихыркәшатәыз ахԥатәи амш азы асасцәа мҩахыҵит Нхыҵ-Уаԥстәыла амилаҭтә музеи ахь. Уаҟа адиректор Аслан Цуциев аҭааҩцәа ирзеиҭеиҳәеит адунеи аҿиара еиуеиԥшым аамҭақәа раантәи ауаԥс жәлар рҭоурых ҵаула зырҵабыргуа аҿырԥштәқәа, уи шьақәзырӷәӷәо аекспонатқәа гәадурала идырбо. Ахәылбыҽха Е.В.Вахтангов ихьӡ зху Академиатә аурыс театр аҟны имҩаԥысит Косҭа Хеҭагуров ицәаҳәақәа «Адунеи зегьы – сара исуахәамоуп (Весь мир – мой храм)» хьӡыс измаз апоезиа ахәылԥаз. Уи аартын Нхыҵ-Уаԥстәылатәи жәлар реизара апарламент адепутат, абаҩхатәра ҳарак злоу апоет Чермен Дудаев, ижәлар гәакьа зыхьӡ камшәо рҵеи лаша изикыз ажәеинраала ҟазарала анагӡарала. Анаҩс, рхатәы рҿиамҭақәеи К.Хеҭагуров иаԥҵамҭақәа реиҭагақәеи ирыԥхьон ахәылԥаз алахәцәа – Чечентәыла Жәлар рпоет, ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Шарип Цуроев, аҟабарда шәҟәыҩҩы Фарида Кудаева, Ингушетиа Жәлар рпоет Раиса Дидигова, Аахыҵ-Уаԥстәылатәи аҭҵаарадырратә институт аусзуҩ, абызшәаҭҵааҩы Залина Догузова, аурыс поетцәа, аиҭагаҩцәа Марина Кудимова, Генади Калашников, Наталиа Тимофеева уҳәа уб. егь. Косҭа Хеҭагуров иажәеинраала «Ауасиаҭ («Завещание)» ахәылԥаз алахәцәа аԥсышәала ирзаԥхьан арҭ ацәаҳәақәа зыҩуа сынагӡарала.
Афестиваль «Ауаԥс лира (Осетинская лира») ҩаӡара ҳаракыла амҩаԥысра зыбзоуроу драԥхьагылоуп жәаҩыла уи иаҭааз асасцәа рҿаԥхьа ашьхауаҩы гәаартылатәи исасдкылара аазырԥшыз, ауаажәларратә еиҿкаара «Иудзинад» ахантәаҩы, асасааирҭа «Амран» аиҳабы Тамерлан Марзоев.
Доуҳала ибеиаз арҭ амшқәа ирылагӡаны имҩаԥысит иара убас, Аԥсни Нхыҵ Кавкази ркультуратә еиҿцаарақәа рырҭбааразы хра злоу акыр аусмҩаԥгатәқәагьы. Анаҩс аимадареи аусеицуреи рзы аиқәышаҳаҭра ҳабжьаҳҵарц аиҿцәажәарақәа мҩаԥган: Даӷьсҭантәи алитература-сахьаркыратә журналқәа «Литературный Дагестан» «Соколенок» рредактор хада, апоет Мурад Ахмедови; Даӷьсҭантәи ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла авартә ҟәша анапхгаҩы, ажур-нал «Дружба» аредактор Гамзат Изудинови; Нхыҵ-Уаԥстәыла агазеҭқәа зегь раасҭа зтираж ҳараку (7.000 нызқь цыра), урысбызшәала есҽны иҭыҵуа «Севернаиа Осетиа» аредактор хада Марина Битаровеи; Нхыҵ Уаԥстәылатәи еицырдыруа алитература-сахьаркыратә журнал «Мах Дуг» аредактор хада Аксана Хеҭагуровеи ҳареи ҳабжьара. Урҭ ҳәарада иаарласны аҭыԥантәи апериодикатә ҭыжьымҭақәа рредакторцәеи, ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи Рассоциациеи рнапхгареи рыбзоурала аԥсҭазаараҿы иалыршахап ҳәа ҳгәыӷуеит.
Дарбанызаалак изы имаӡам, ауаҩы гәыла-ԥсыла данӷарха иԥсҭазаара аҵакы шацәыӡуа. Ҳазну аамҭазы ахеиқәырхара азҵаара акырӡа иҵарны ианықәгылоу, аиҳаракгьы ҳара ҳназлоу ажәлар маҷқәа ҳзы, Кавказ нхыҵтәи ажәларқәеи ҳареи ҳаимадара, ҳаиҭанеиааира амҩахәасҭақәа есымшааирагьы рырҭбаара акырӡа аҵанакуеит жәларык раҳасабала адгьыл аҿы ҳаҟазааразы. Уи ус шакәу аҭоурых иарҵабыргхьеит.
Ахра Анқәаб