Абаҩхатәра аҳәаақәа

Зыԥсҭазаара аҟазара ада зхаҿы иззаамго Софа Хынтрыгә-иԥҳа Агәмаа диит Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан. Абжьаратә ҵара аныхлыркәша 1956 ш. дҭалоит Ш. Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи атеатртә институт.

Уи даналга ашьҭахь, 1960 ш. инаркны С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны аусура далагоит. Убри ашықәсан Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа дҭалеит ахортә дирижиор изанааҭ ала.
Еицырдыруа артист раԥхьаӡа асценахь дцәырҵит ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа И. Ҭарбеи Ф. Искандери еиқәдыршәаз алитературатә композициа «Аԥсны» далахәны. Апрограммаҿы иҟан аԥсуа литература аклассикцәа рҩымҭақәа.
Софа Агәмаа амилаҭтә театртә ҟазара амҩа ду данысит, ллагалагьы маҷымкәа иҟоуп. Актиортә ҟазара анаҩсгьы, асахьаркыратә ажәа дазҟазоуп, лзанааҭ амаӡа ҿыцқәа раҵхра дашьҭоуп, аиҵбыратә абиԥара рзы дҿырԥшыгоуп, иахьа уажәраанӡагьы илҿырҵаауа рацәоуп.
Асценаҿы илыхәмархьоу ар­ольқәа рацәоуп, урҭ 70 рҟынӡа инаӡоит. Ԥыхьатәи Асовет ҳәынҭқарра аан атеатр шықәсыктәи аусуразы аплан шьақәдыргылон. Ашықәс аҩнуҵҟа ԥшь-спектакльк ықәыргылатәын. Рыԥшьбагьы, шамахамзар, лара дрылахәымкәа имҩаԥысуамызт.
Абаҩхатәра ҷыда злоу артист иналыгӡахьоу арольқәа зегьы еиԥшны исықәҿиеит ҳәа лзымҳәозаргьы, лгәы рзыбылуеит.

Зҟазарала хыԥхьаӡара рацәала ахәаԥшцәа хызххьоу артист асценаҿы актиорцәа дуқәа аӡәырҩы дрыцыхәмархьеит еиуеиԥшым арольқәа рынагӡараан. Атеатр аҟны аусура данрыдыркыла – 1960 ш. инаркны амилаҭтә ҟазара ахәышҭаара ду лара илыԥсҭазаарахеит.
«Аспектакль «Аиҿахысра» ақә­ыргылара иазирхион Михаил Мархолиа. Усҟан адекорациа заа ԥхыӡла избеит. Уи арежиссиор изеиҭасҳәеит. «Амшын ахықә аҿы ақьала еиԥш акы гылоуп, убри аҵаҟа ҳаҵатәаны атекстқәа ҳҳәоит, ҳахәмаруеит», — ҳәа сналагеит. Уи азирхеит. Убас егьыҟаиҵеит. Амшын ахықә аҿы ақьала иргылеит, акаҭа ақәиршәит, аҩныҵҟа иҟоу зегьы убауа. Асцена еицаздырхиеит асахьаҭыхҩы-ақәыргылаҩ Евгени Катлиарови иареи. Абасала, сыԥхыӡ лабҿабахахьеит». – Уи ахҭыс абас илгәалашәоит асцена азҟаза.
Софа Агәмаа дыхәмархьеит аурыс режиссиорцәа иҭырххьоу афильмқәа рҟны, иара убас аԥсуа телехәаԥшрала иддырбахьеит дахьыхәмаруа еиуеиԥшым аспектакльқәа.
«Фазиль Искандер иҩымҭа иалху афильм «Время счастливых находок» аҟны ауп раԥхьаӡа акәны сахьыхәмарыз. Усҟан 28 шықәса сырҭагылан, Сандрик иан лроль насыгӡон. Афильм арежиссиор уамак ала иқәҿиеит. Искандер ииумор еиҳарак иахьеиқәхаз зыӡбахә сымоу афильм аҿоуп», — иазгәалҭоит актриса.

Абарҭқәа инарҷыданы иазгәаҭатәуп еиуеиԥшым ажанрқәа рҟны еиуеиԥшым ахаҿсахьақәа шаалырԥшхьоу, насгьы даараӡа ишлықәҿиаз.
Софа Агәмаа еиуеиԥшым аш­ықәсқәа раан аԥсуа драматургиа аҟнытә иналыгӡаз арольқәа иреиуоуп: Асида (Н. Ҭарԥҳа – «Ашәа аԥҵара мариам»), Селма (Д. Гәлиа – «Анаурқәа»), Ланица (А. Аргәын – «Ахәра ашәа»), Тара Таразиа (Б. Шьынқәба – «Нас, ишышәҭаху»), Кафа (Ш. Ҷкадуа – «Акьанџьа»), Марика (А. Аргәын – «Ашьхақәа амшын иӡааԥшылоит»), Ан (Ш. Аџьынџьал – «Март 4») уҳәа егьырҭгьы. Акыр арольқәа дыхәмархьеит иара убас аҳәаанырцәтәи адраматургцәа рҩымҭақәа рыла иқәыргылаз аспектакльқәа рҟны: Тизбе (В. Гиуго – «Анџьело»), Агувернантԥҳәыс (Е. Шв­арц – «Аҳәынҭқар ҟьантаз»), Емилиа (У. Шеқспир – «Отелло»), Альвинг (Г. Ибсен – «Алаԥшҵашәарақәа»), Еболи (Ф. Шиллер – «Дон Карлос»), Бланш (Т. Уилиамс – «Атрамваи агәаҳәара»), Лаура (Ж. Шехаде – «Брисбентәи аемигрант»), Електра (Софокл – «Електра») уҳәа егьырҭгьы.
Акинематограф аганахьалагьы имаҷымкәа арольқәа лыдыргалахьан. Акинофильмқәа рҟны еиуеиԥшым арольқәа налыгӡахьеит, урҭ иреиуоуп: «Хҭырԥа шкәакәа», «Иԥшьоу ажьирҭа асаркьал», «У самого синего моря», «Бархатный сезон», «Огарева, 6» уҳәа егьырҭгьы. Лнапы иҵылгахьеит асценариақәа: Ф. Искандер иҩымҭақәа «Харлампо и Деспина», «Кролики и удавы», Ҷ. Џьонуа - «Ахра шкәакәа», Ш. Аџьынџьал – «Сыхаара Б», Ш. Ҷкадуа – «Иареи, лареи, рҩызеи», Ф. Г. Лорка – «Дона Перлимплина лыбзиабара», А. Чехов – «Амшә» уҳәа.
Ҳәарада, арежиссиорцәа дгәыгәҭарыжьуамызт, егьырҭ ақәыргыламҭақәа рҟынгьы дыхәмархьан, иаагозар, Р. Гамзатов иҩымҭа «Ашьха ҭыԥҳа», М. Шавлохов ирҿиамҭала ахәаԥшцәа ирыдгалаз аспектакль «Аԥҳәысҳәаҩ», Д. Павлова – «Аламыс», А. Островски – «Асҭыԥҳа», В. Вишневски – «Аоптимисттә трагедиа», Н. Мирошниченко – «Аиҭарҿиара» уҳәа рҟны.
Асатиреи аминиатиурақәеи ртеатр «Чарирама» ашҟагьы днаԥхьан артист. Ишдыру еиԥш, «Чарирама» хациркит ашәҟәыҩҩы, адраматург Шоҭа Ҷкадуа. Аԥхьа артистцәа Амиран Ҭаниа, Сергеи Сақаниа, Хәыта Џьапуа, Чынчор Џьениа рыла иалагеит. Аԥҳәыс лрольгьы дара ракәын ихәмаруаз.

Арежиссиор Михаил Мархолиа «Вечер комедии» ахьӡны Аԥснытәи афилармониаҿы аспектакльқәа ықәиргылон. Урҭ ларгьы дрылаирхәит. Ахәаԥшцәа рыҩнуҵҟа «Чарирама» ақәҿиара бзиақәа аман. Убри иабзоураны, ишнеи-шнеиуаз акомедиа рҽазыркит, ателехәаԥшралагьы ателефильм кьаҿқәа ддырбон, избозгьы иргәаԥхон.
Иахьа уажәраанӡагьы Софа Агәмаа ааԥсарак лнымԥшуа аҿар реиҵааӡара лнапы алакуп, напхгаҩыс дамоуп Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр. Ари атеатр еиҿкаахеижьҭеи изнысхьоу амҩаҿы ирымоу аихьӡарақәагьы маҷым.
Убас, Фазиль Искандер иҩымҭа «Харлампои Деспинеи» иалху амоноспктакль дыхәмархьеит. Москватәи ахәаԥшцәа рҟынӡагьы инаргеит, ашьҭахь аԥсуа қыҭа школқәа рҟны иқәдыргылеит.
Софа Агәмаа 1995 ш. инаркны напхгара алҭон Аҟәа, акультуратә центр «Абаза» аҟны еиҿылкааз ахаԥшьгаратә театр «Аамҭа». 1999 ш. акәзар, лара лыбзоурала Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҟны иаартхеит атеатр аҟәша, лҩызцәа лыцырхырааны аҿар рааӡара напы алыркит. 2014 ш. иаартыз Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿартә театр асахьаркыратә напхгаҩыс дарҭеит. Мшаҽнеиԥш, атеатртә ҟазара лыԥсҭазаара акәны дахәаԥшуеит.
Аҟазарахь зшьаҿа еихызго зегь раԥхьа илшо идыруазароуп, уи абаҩхатәра ҷыда аҭахуп, ахы аус адулара убрахь иналаҵаны. Софа Агәмаа лҟны урҭ рыҩбагь хеибарҭәаауеит.
Ашықәс ҿыц аламҭалаз лиубилеи лыдаҳныҳәалоит аԥсуа иқәра наӡеи, агәабзиареи, аихьӡара ҿыцқәеи ҳазшаз илаҭәеишьааит Аԥсны жәлар рартист Софа Агәмаа.
В. Ажәанба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me