Аслан

Аслан

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иаартыз, 20-ҩык аҟазара афакультет астудентцәа русумҭақәа рыла еиҿкааз ацәыргақәҵа азкын  Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа 80 шықәса ахыҵра.

Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспора иналукааша ахаҭарнакцәа ируаӡәку ашәҟәыҩҩы, аҭҵааҩы, апублицист, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы, Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалоу Маҳинур Папаԥҳа 75 шықәса лхыҵит.

Ааигәа Краснодар ақалақь аҿы имҩаԥысит активистцәа еидызкыло Урыстәылазегьтәи арра-патриоттә форум «Пост №1» ҳәа изышьҭоу аартра. Уаҟа рхы аладырхәит Аҟәа ақалақь еизгоу акоманда.

Абар, уажәшьа 20 шықәса инареиҳаны иҵуеит абас ааԥхьара ҳалҭоижьҭеи, аибашьра ашьҭахь иааиҵагылаз ҳмилаҭ рабиԥара ирхаҭарнаку, ҳгәы ҭызго, еҵәа шашаны ирылҷҷаауа, ирылԥхо, адунеи аҿы еицырдыруа (ус ҳҳәартә ҿыӷәӷәала азин ҳамоуп) Хьыбла Герзмаа.

Абаза поет, аиҭагаҩ, ажурналист Едгьы (Едуард) Ӡыба диижьҭеи 80 шықәса ҵит. Едуард Асхад-иԥа Ӡыба диит 1945 ш. маи 1 азы Аҟәа ақалақь аҟны.

 

Иҳаҩсыз ашықәс азы, Д.Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵраинамаданы ирылаҳәаз аусмҩаԥгатәқәа рхыркәшара шеиҿкаазгьы, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны, иагханы акәзаргьы, ари аусмҩаԥгатә иацҵо, хаҭала, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла абзоурала, Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҟны имҩаԥган, Д.Гәлиа иҩымҭақәа ирылхыз Алитература-театртә композициа «Аԥсы ҭоуп сара схәышҭаара» захьӡыз.

Ареспубликатә унитартә наплакы «Аԥснытәи аихамҩа» амаҵзурақәа зегьы аԥхынра аҽазыҟаҵара иаҿуп. Ишьақәырӷәӷәоуп адәыӷбақәа рныҟәара аграфик ҿыц.

Аԥсни Урыстәылеи рнапы аҵарҩит «Ҩ-тәылауаҩрак рызҵаарақәа рырманшәаларазы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра» аратификациазы ашәҟәқәа реимдара иазку аԥкаанҵа.

Ҭырқәтәыла иналукааша куро­рттә қалақьуп Анталиа. Уи иаланхоит миллионки бжаки ауааԥсыра. Ақалақь акырӡа иԥшӡоуп, ирацәоуп асасааирҭақәа, ақьафурҭақәа, акаҳуажәырҭақәа.

Аконкурс рылаҳәоуп

Аԥсны акультура Аминистрра Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба изку иреиӷьу амузыкатә усумҭазы аицлабрақәа ишрылаго рыланаҳәеит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me