Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Еицырдыруа аԥсуа музыкатә коллектив аконцерттә программа ӡырыргоит Донецк, Мариуполь, аҳабла Мангәыш рҟны.
Акьанџьа аԥҵоуп аԥсуа сахьаҭыхыҩ Александр Чачба-Шервашиӡе 1909 шықәсазы Николаи Евреинов испектакль «Илахҿыху аԥсра» иазикыз аескиз амотивқәа рыла.
Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысуаз аиԥылара далахәын ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниагьы.
Аусмҩаԥгатә аадыртаанӡа алахәылацәа Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аекспозициа аатит лаҵараиза 21 азы амилаҭтә галереиаҿы.
Аинтерактивтә ҭыԥ аартра ргәы иҭоуп цәыббрамза 30 рзы. Аекспозициа шьақәгылоит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи, раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынбеи, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи, иҷыдоу арратә операциеи ирызку азалқәа рыла. Ихадоу елементны иҟалоит ацифратә портрет, уаҟа еиуеиԥшым аамҭақәа ирыҵаркуа ахьчаҩцәа рхаҿсахьақәа ԥшьаала рҽеиҭнырыԥсахлоит, иара убас Асовет Еидгыла Афырхацәа 23-ҩык рбиографиақәа зну аинтерактивтә екран шьақәыргылахоит.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәарц инеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аиҳабыра, зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа, ауаажәларра, астудентцәа, ашколхәыҷқәа.
Аибабара, аиҭанеиааирақәа, аиԥыларақәа роуп агәеизыблра еиззырҳауа, агәцареибакра еицәызмырӡуа. «Абрыскьыл икәасҭӷа ааиҩызшаз, еибызшәаку рԥацәа ҳауп» ҳәа, абазажәа сахьарк еицырдыруа арҿиаҩцәа хатәрақәа ируаӡәку Ҟали Џьгәаҭан ишиҳәахьаз еиԥш, ҵабыргыхаҭаны, ҳарҭ анык лшьа здақәа ирҭаныҟәо аҩеишьцәа – аԥсуааи абазақәеи рҵеира ҳаигәныҩра адаракәац акыр иҵаулоуп.
Адыга (аҟабарда) поет, адраматург, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ажурналистцәа Реидгылеи ирылоу, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәыла, Ҟабарда-Балкариа зҽаԥсазтәыз ажурналист, ареспубликатә газеҭ «Горянка» аредактор хада, арегионтә уаажәларратә еиҿкаара «Жан» анапхгаҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩы Зарина Ҟаныҟәа лаԥшьгарала еиҿкаауп апроект «Круговорот поэзии». Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥырго аԥсуа-адыга литературатә фестиваль есааира амҽхак арҭбаауеит. «Чтения на Чегете», «Руфабго ацәаҳәақәа» инарыцлеит 2018 шықәса инаркны Аԥсны зымҩаԥгара хацыркхаз «Риҵа арифмақәа».