Аслан

Аслан

Ажьиба Валера Зосим-иԥа еилҟьаз, иҵаулаз, еснагь иҿыцыз акы иазхәыцуаз, ирацәаны ашәҟәқәа ирыԥхьоз, аҩызцәа рацәаны измаз арԥысын. Ихәыҷра ашықәсқәа иаб иқыҭа Мгәыӡырхәа иадҳәалан. Ашкол аҟынтә аԥсшьара мшқәа шыҟалалак иаҳәшьаду (иаб иаҳәшьа) Наташа лахь даауан. Ақалақь аҟны изызҳаз диеиԥшӡамызт, иаҳәшьаду длывагыланы длыцхраауан, нас ахәылбыҽха уаҟа адәы ԥшӡаҿы ампыл асра иҽалаирхәуан. Акиносахьа ҳахәаԥшуашәа уи ихәмаршьа ҳазҿлымҳан, ҳахәаԥшуан. Иқәлацәа ампыл асраҿы еиҳа иманшәаланы ишастәу дирбон…

Даур Қарбеи-иԥа Акаба – аԥсуа сцена ахьшьыцба, адунеи зегьы аԥсуа жәлар рыкәашарақәа азырдырыз, ҳмилаҭтә культура аҳаракыра адунеи ажәларқәа ирыхзырҵәаз.

«Уажәазы иаздырхиахьеит 20 тонна аӡыржәтә зҭоу аидара мҩангага машьынақәа ԥшьба. Иахьа аидарақәа реиқәыршәара хыркәшаны Даӷьсҭанҟа ҳдәықәлоит. Аҭыԥ аҿы ҳаннеилак аилацәажәара мҩаԥаагахоит, еилкаахоит ԥхьаҟатәи аусқәа рыплан», – иҳәеит АҶА ахада аԥыза-министр иҟны имҩаԥысуаз аилацәажәараҿы.

«Иаку» абилеҭ ала Аԥсныҟа апассаџьырцәа рымҩангара еиҭахацыркхоит мшаԥымза 30 рзы, иагьымҩаԥыслоит 2026 шықәса цәыббрамза 30 рҟынӡа.

Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба инапынҵала, Аинрал С. Дбар имҩаҿы ақәаршҩытә ӡымҩангага шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа ирылагеит.

«Аԥсшәа – ҳԥеиԥш абызшәа» – абас ахьӡуп ҩымз рыҩнуҵҟа имҩаԥысуа апроект. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аурысшәа аҟ­ынтә аԥсшәахь, мамзаргьы аԥсшәа аҟынтәи аурысшәахь еиуеиԥшым атексқәа реиҭагара цоит. Ҵакыс иамоузеи ари апроект, насгьы иара шԥаԥшьгаз, аус адызуло зусҭацәада?!

Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба ақалақь аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит. Аҵарауаа иҟарҵаз аҳәарала аобиект аҿы имҩаԥырго археологиатә ԥшаарақәа рыҿҳәара даҽа хымз иацҵан ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура.

Гагратәи ансамбль «Афырҭын» аиҳабыратә еилазаара Чечентәыла имҩаԥысыз жәларбжьаратәи афестиваль «Кавказ Ахраҿа "Адацқәа рымч"» аҟны Ахьтәы Гран-при ранашьахеит ҳәа аарыцҳауеит аколлектив анапхгаҩцәа Мураҭ Қриеи Алиас Барцыци.

Абри атәы аалыцҳаит Аҳәынҭқарратә хортә капелла адиректор, акультура-усуратә ҭыԥ «Гәыма»анапхгаҩы Хьыбла Возба.

Аԥсуа драма (аамҭаказы ус рҳәон, ирҩуан) артистцәа В.Шеқспир итрагедиа «Отелло» аспектакль ихәмарраны ишыҟоу раԥхьаӡа акьыԥхь аҿы уи аӡбахә иҳәеит асахьаркыратә напхгаҩы Азиз Рашьыҭ-иԥа Агрба. Уи 1940-41 шықәсқәа рзы атеатралтә сезон ҿыц сентиабр 21 рзы иаатуаз Аԥсны аҳәынҭқарратә театр (аԥсуеи, ақырҭуеи, аурыси драмақәа) агазеҭ «Советская Абхазия» 1940 ( №219) иазкны еиҿнакааз ҷыдалатәи адаҟьаҿы икьыԥхьын.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me