Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ҳтәылаҟны имҩаԥысуа иласу-атактикатә ҽазыҟаҵарақәа дырҭааит

Аҳәынҭқарра  Ахада, Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Хада Гәынба уахь ицны инеит: атәылахьчара аминистр Влалимир Ануа, Арбџьармчқәа рыштаб Хада анапхгаҩы Владимир Савченко, ашәарҭадара  Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа.

Арезервистцәа ахьтәаз аҭыԥқәа гәаҭо, Арбџьармчқәа рыштаб Хада аиҳабы Тҟәарчал даҭааит, игәеиҭеит ишьақәгылаз аҭагылазаашьа зеиԥшроу, аҭыԥқәа рҿы амчра аихшара шымҩаԥысуа. Иарбоу атехника ахархәара рыҭареи, иқәыргылоу адҵақәа рынагӡареи ирызку ажәахәқәа дырзыӡырҩит.

Арратә зыҟаҵарақәа рымҩаԥысшьа агәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны, атәыла Ахада архәҭақәа рнапхгаҩцәа драцәажәеит, адҵақәа риҭеит.

Хаҭалатәи аҟәшеи, арезервистцәеи рахь ихы рханы, акомандаҟаҵаҩ Хада инаҵшьны иазгәеиҭеит арратә зыҟаҵара амҩаԥгара иамоу аҵакы хада.

«Ихадоу ахықәкқәа:

• адгьылҵакыратә хьчара амҩаԥгараан, арратә напхгаҩцәа аҩаӡарақәа зегьы рҿы аԥышәа рыҭара;

• архәҭақәеи, агәыԥқәеи, арратә еиҿкаарақәеи, арратә усмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы ихианы рыҟазаара;

• хаҭалатәи аҟәшаҿы абџьари атехникеи рхархәашьа аҩаӡара аизырҳара, аибашьраҿы руалԥшьақәа рынагӡара;

• арратә уалԥшьа анагӡаразы аруаа шазыҟаҵо агәаҭара», – иҳәеит Бадра Гәынба.

Арезервистцәа рахь ихы рханы иазгәеиҭеит:

«Аҩызцәа, арезервистцәа!

Иацы шәара Аԥсны аҭынчтә ԥсҭазаара амаҵ азызуаз шәреиуан, иахьа арратә хәҭақәа шәрылоуп, азыҟаҵарақәа цонаҵы аруаа рыстатус шәымоуп. Уи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ишьақәнаргыло, 1992-1993 шш. рзы зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз аибашьцәа ршьала ишьақәырӷәӷәо аҭакԥхықәра шәыднаҵоит шәыԥсадгьыл аҿаԥхьа.

Аибашьра еилгеижьҭеи 32 шықәса шыҵуагьы ашәарҭара шыҟац иаанхоит, аӷа ихықәкқәа мап рцәимкӡеит, уи иаанахәеит даҽа ҟазшьак.

Иахьа «адунеи ҿыц» ашьақәгылара иаҿуп, жәларбжьаратәи ашәарҭадара асистема аҽаԥсахит, уи иацуп ана-ара арегионалтә еиҿагыларақәа жәпакы. Ари аҭагылазаашьаҿы даҽа аамҭанык еиԥшымкәа арратә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгара аҭахуп.

30 шықәса раԥхьа еиԥш иахьагьы аибашьра аамҭазы ар шьагәыҭс иамоуп Аԥсны жәлар, агәыӷра сымоуп шәырратә уалԥшьа хьыӡла-ԥшала инашәыгӡап ҳәа».

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me