Аслан

Аслан

Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит аԥсуа бызшәа арҵаразы ахәыҷбаҳчақәа рҿы аметодика ҿыцқәа шалагалоу, уи акрызҵазкуа хырхарҭаны ишыҟоу инаҵшьны иазгәеиҭеит. Ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи ахәыҷқәа аԥсуа бызшәа дырҵара аус аҿы ихадоу мыругақәаны ишыҟоу дазааҭгылеит.

Иҷыдоу арратә операциа амҩаԥгараан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа ргылахоит Аԥсны. Амемориал азы аҭыԥ алхра иадҳәало аусура атәы ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Бадра Гәынба апресс-конференциаҟны.

Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп афымцамч атарифқәа рырманшәалара, аҳасабырбатә мыругақәа рышьақәыргылара, афымцацәаҳәақәа рырҿыцра, астанциа маҷқәеи атрансформаторқәеи реиҭашьақәыргылара, акоммерциатә фымцамч ахь аиасра аамҭа алхра уҳәа ирацәаны.

«Шәара зегьы ишәгәалашәоит 2024 шықәсазы, афымцалашара арцәара 10-12 сааҭ рҟынӡа ианынаӡоз. Доусы ишәнырит аԥхарреи алашареи рыда анхара шаҟа иуадаҩу», - иҳәеит ахада.

«Аиҳабыра — ари адинамикатә ҟазшьа змоу еилазаароуп, аҳәынҭқарра аҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа хра рыманы рыӡбаразы уи аҽарҿыцлароуп»,- иҳәеит атәыла ахада, ааигәа аилазаараҿы иҟалаз аиҭакрақәа дрыхцәажәо.

Абри атәы иҳәеит Бадра Гәынба Аԥсны амасса-информациатә хархәага ажурналистцәа злахәыз апресс-конференциаҟны.

«Аиааира Амш азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны Москва имҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Владимир-иԥа Путини сареи ҳаиԥылара. Ишәгәаласыршәар сҭахын ари ашықәс иалагӡаны ахԥатәи ҳаиԥылара шакәу. Еснагь еиԥш, уи даара аконструктивтә ҟазшьа аман имҩаԥысит. Ҳалацәажәеит арратә шәарҭадара азҵаарақәеи ҳтәылақәа рыбжьара аинырра арҭбаара», - иҳәеит Гәынба.

Ҳтәыла иаҭаарц агәаҳәара змоу рхыԥхьаӡара есымшааира еизҳауеит, еиҳаракгьы аԥхынтәи аамҭақәа раан. Урҭ рырманшәалара ауп ирхықәкы хадоу мшызҳа, хырхарҭа рацәала зымҽхак зырҭбаауа Аԥснытәи атранспорт хкқәа: аҳаир, амшын, аихамҩа.

«Ҳазлацәажәо атема акриминалтә ҟазшьа адагьы иҵаулоу асоциалтә, амедицинатә, ҟазшьақәагьы амоуп. Лҵшәа бзиала ҳусеицура иахьыԥшуп амилаҭ агәабзиара, аҳәынҭқарра ашәарҭадара, абиԥара ҿа рԥеиԥш.

Аилацәажәара иалахәын аԥыза-министр Владимир Делба, аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб, аимадареи ацифратә ҿиареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Роланд Берулаа, иара убас атәыла апрофильтә ИТ-наплакқәа рнапхгаҩцәа.

This work is marked CC0 1.0

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me