Аамҭақәа реигәныҩра

28 Цәыббра 2023 14:22

1992 ш. август 14 рзы ҩ-нызқьҩык еидызкылоз Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Егры аӡиас аҟны – Қырҭтәылеи Аҧсни рҳәаа иахысны ҳтәыла иақәлеит абџьарлеи техникалеи рҽеиқәыршәаны. 

Сынтәа Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә   еибашьраҿы   Аиааира 30 шықәса ахыҵуеит. Уи Аҧсны жәлар зегьы иазгәарҭоит.

Дҳаԥхеит Инна Аҳашба

27 Цәыббра 2023 09:46

71 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит апоет Инна Аҳашба. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла гәалсра дула ирыдышшылоит уи лҭаацәеи лҭынхацәеи.

Аԥсныпресс. Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Ҟазахсҭан имҩаԥысыз I Жәларбжьаратәи атуристтә форум «Иҭышәынтәалам адунеи аҿы иҭышәынтәалоу атуризм аҿиара», иара убас атуроператорцәа жәларбжьаратәи рконгресс  «Жәларбжьаратәи атуристтә џьармыкьа ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа рҿы атрансформациа, аҿиареи апартниорреи рперспективақәа» ҳәа ажәахә ҟаиҵеит.

 

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира амш 30 шықәса ахыҵра аламҭалаз, аибашьраҿ иҭахаз рҭаацәарақәа Атәанчахәытә фонд амчала ирызшәахоит зныктәи аҧаратә ҳамҭа 20 нызқь мааҭ.

«Риҵа арифмақәа»

21 Цәыббра 2023 12:27

Аҧсны Акультура аминистрра ахаҵгыларала сентиабр 16-17 рзы Аҧсны имҩаҧысит аҧсуа-адыга фестиваль «Риҵа арифмақәа». Афестиваль хацыркын 2018 шықәса рзы. Уи шьҭа традицианы ишьақәгылеит. Аханатә аҧшьгаҩыс дамоуп аҟабарда поет, адраматург, ажурналист, ауаажәларратә усзуҩы Зарина Ҟаныҟәа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me