Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Октиабр 11 – Аԥсны Арбџьар Мчқәа рымш

Октиабр 11 – ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҿы акрызҵазкуа рыцхәуп. Ампыҵахалаҩ иҟнытә ақалақь Гагреи атәыла мраҭашәаратәи ахәҭеи рхақәиҭтәра иааирала ианхыркәшаха анаҩс, 1992 шықәса ари амш аҽны, Аԥсны Ареспублика Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ахантәаҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Атәылахьчара Аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵаразы.

Убри аахыс ари амш ԥхьаӡоуп Аԥсуа Ар аира иамшны. Усҟан Атәылахьчара аминистрс дҟарҵеит аполковник Владимир Аршба, Аштаб Хада напхгаҩыс даҭан ахааназ зыхьӡ кашәара ақәым аполковник Сулҭан Сосналиев. Анаҩс маҷ-маҷла иаԥҵахеит аминистрреи Аштаб хадеи ирықәнагаз аҟәшақәеи амаҵзурақәеи. Иара убас иаԥҵатәхеит арратә зеиԥш напхгарагьы. Убри аҟнытә, Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ақәҵарала, Аԥсны Арбџьар мчқәа ркомандаҟаҵаҩ хадас дҟаҵан Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Арӡынба. Арҭ азҵаарақәа рыӡбара мҩаԥысуан иуадаҩӡаз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа аан, насгьы урҭ атәыла анапхгара рзы зегь реиҳа ихьанҭаз, аҭакԥхықәра ҵаулаӡа зцыз усмҩаԥгатәқәан.

Иахьа Аԥсны Арбџьар мчқәа ҳтәыла ихьыԥшым ҳәынҭқарран аҟазааразы ихадароу гәыӷраны иҟоуп, ҳаԥсадгьыл ахьчаразы ирымоуп алшарақәа зегьы.

Аԥсны Ахадеи Аиҳабыра Реилазаареи ианакәызаалак рылаԥш рхуп Арбџьар мчқәа, урҭ рылшаратә ҩаӡара аҳаракыра иацклаԥшуеит. Ҿыӷәӷәала иаҳҳәар ҳалшоит, Аԥсны Арбџьар мчқәа аӷа иҿагылара ишазыхиоу иаҭахханы ианыҟала, даҽазныкгьы уи агәра ҳнаргоит ирымоу арратә зыҟаҵара ҳаракы.

Ари арыцхә рымшныҳәоуп хеигӡарак ҟамҵакәа х-жәашықәсак раԥхьа абџьар кны зтәылеи зуаажәлари зыхьчоз, иахьагьы зыԥсҭазаара зегьы азкны зуалԥшьа назыгӡо, зхы мшаҭа ҳтәыла аҳәаақәа ршәарҭадареи рыхьчареи алзыршо.

Хьӡи-ԥшеи шәыгымзааит зыԥсҭазаара Аԥсны Арбџьар мчқәа ирыдҳәалоу, иҭабуп шәфырхаҵареи шәгәымшәареи рзы, шәуалԥшьа анагӡараҿы иаашәырԥшуа аиашареи, ачҳареи, алшареи, насгьы еиҵагыло абиԥарақәа аԥсадгьыл азгәакьареи, уи агәыбылра рылааӡараҿы шәлагалеи рзы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me