Арҵаҩы-ааӡаҩ,  ари  ажәа  ахаҭа  иаҳәоит  иарбан  ҭакҧхықәроу  ауаҩы  иднаҵо.  Ишдыру  еиҧш,  абаҩхатәра  ахала  ахы  цәырнагоит.  Ауаҩы  даныхәыҷу  инаркны  лассы-лассы  дазхәыцлар  иаҧхьаҟа  иалихуа  азанааҭ,  ҳәарада,  уи  аусаҿ  иҽҧишәар,  изанааҭгьы  иқәманшәалахоит. 

Еицакра зқәым аҵабырг

26 Жьҭаара 2023 12:42

Ааигәа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны имҩаԥган Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Шьазина Џьапуа лышәҟы «Амшынҵақәа. Шәиԥхьыӡ згымхаша аибашьра…» (14.08. 1992 – 30.09. 1993) аӡыргара.

«Урҵаҩхарц  азы идурҵо амаҭәар бзиа иубар ауп», – лҳәоит иахьатәи сажәабжь ҩынҩажәи жәаба шықәса аус зухьоу 1942 ш. Очамчыра араион Аҭара ақыҭан ииз Маро Андреи-иҧҳа Кәыҵниа. Аҭыҧантәи абжьаратәи  ашкол даналга анаҩс дҭалеит Аҟәатәи арҵаҩратә институт афизика-математикатә факультет. Лҵара аныхлырқәша ашьҭахь дрышьҭит Аҭараҟа, лышкол гәакьаҿы иааиҧмырҟьаӡакәан аус луит жәибжь шықәса.

Аетиудқәа

19 Жьҭаара 2023 14:44

«Аҧсны асахьаҭыхҩцәа»

19 Жьҭаара 2023 14:43

Октиабр 17 рзы ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иӡырган аҟазараҭҵааҩ  Аза Аргәын ахҧатәи лышәҟәы «Аҧсны асхьаҭыхҩцәа» захьӡу. Уахь имҩахыҵит аҟазара абзиабаҩцәа, аҵарауаа, ақалақь ауааҧсыра.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me