Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ажәабжьқәа

Аԥсныпресс. Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Ҟазахсҭан имҩаԥысыз I Жәларбжьаратәи атуристтә форум «Иҭышәынтәалам адунеи аҿы иҭышәынтәалоу атуризм аҿиара», иара убас атуроператорцәа жәларбжьаратәи рконгресс  «Жәларбжьаратәи атуристтә џьармыкьа ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа рҿы атрансформациа, аҿиареи апартниорреи рперспективақәа» ҳәа ажәахә ҟаиҵеит.

 

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира амш 30 шықәса ахыҵра аламҭалаз, аибашьраҿ иҭахаз рҭаацәарақәа Атәанчахәытә фонд амчала ирызшәахоит зныктәи аҧаратә ҳамҭа 20 нызқь мааҭ.

«Риҵа арифмақәа»

21 Цәыббра 2023

Аҧсны Акультура аминистрра ахаҵгыларала сентиабр 16-17 рзы Аҧсны имҩаҧысит аҧсуа-адыга фестиваль «Риҵа арифмақәа». Афестиваль хацыркын 2018 шықәса рзы. Уи шьҭа традицианы ишьақәгылеит. Аханатә аҧшьгаҩыс дамоуп аҟабарда поет, адраматург, ажурналист, ауаажәларратә усзуҩы Зарина Ҟаныҟәа.

Аҧсны имҩаҧысуан «Аурыс культура амшқәа». Аусмҩаҧгатәқәа еиҿкаан Аҧсны акультура аминистрра ахаҵгыларала.

Афестиваль еиднакылеит  апоетцәа, апрозаикцәа, ажурналистцәа, асахьаҭыхҩцәа, акультура  аусзуҩцәа. Урыстәылантәи иааз арҿиаҩцәа ргәыҧ напхгара алҭон Москватәи ажурнал «Литературные знакомства» аредактор хада  Лола Звонарева.

Сан - сыԥсадгьыл

21 Цәыббра 2023

Сентиабр 30 хақәиҭра мшуп. Абри аҽны ҳаибашьцәа Аҟәа ахы иақәиҭтәны Аиааира абираҟ шәыршәыруа ишырхагылаз Егры ахықәанӡа инаӡеит, иранарыжьызҭгьы урҭ Гыртәылагьы дыршьаҳаиҭуан, Қәҭешьгьы иагәаладыршәон анкьатәи аҳҭынра аамҭа.

Аҭоурых шьықәгылоуп ахьыӡқәа рыла, ауаа роуп иара зхылҿиаауа, наунагӡа хашҭра ақәымкәан иҟазҵо. Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы ҵҩа рымам  иҿырҧшыгоу ахҭысқәа.

Аԥсныпресс. Цәыббрамза 17 рзы Брианск ақалақь ахада Марина Дбари Бриансктәи ақалақь ахадара аиҳабы Алеқсандр Макарови  ақалақь Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы иааз ҳаҭыр зқәу асасцәеи аиашьаратә қалақьқәа рделегациақәеи официалла рԥылара мҩаԥыргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.

Ҵаҟатәи Ешыра қыҭа дынхоит Пичуриа ҳәа ихьыӡны ҭаҳмадак. Даагылеижьҭеи дшәарыцон, ихы баша иҭҟьом – ззырҳәо дреиуоуп.

Ҩажәи жәеиза шықәса раԥхьа Қырҭтәыла Аҳәынҭхеилак арбџьармчтә еиҿкаарақәа Аԥсны ахеиқәырхара аамҭа ианҭадыргыла, наџьнатә аахыс ҳажәлар имырӡкәа иааргоз, ҿыцәаара зқәым ацәанырра ҳаракы – аџьынџь азы ахамеигӡара здоуҳамч арҵасыз зықьҩыла ҳаԥсадгьыл аҵеицәа инарывагылеит, зхатәгәаԥхарала Нхыҵ-Кавказ, ихароу аҳәаанырцә, Урыстәыла еиуеиԥшым акәакьқәа уҳәа рҟнытәи, аҵабырг хәы шамам зеилкаарҭаз, ауаҩра агәаӷь злаз шәҩыла аҵеицәа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ажурналистцәа Реидгыла иргәаланаршәоит ҳазну ашықәс март 30 азы ишрылаҳәаз «Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра идырым аҭоурыхқәа» атемала ажурналистцәа иреиӷьу русумҭақәа ирызку арҿиаратә конкурс.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа сентиабр 12 азы аҳасабрбатә еилацәажәара мҩаԥигеит. Уи азкын аҵарашықәс ҿыц алагара аҵарадырратә усҳәарҭақәа шазыҟаҵаз.

«Ауашәшәыра»

15 Цәыббра 2023

Абас ахьӡуп арҭ амшқәа рзы Аҟәа ақалақь абаа аҭыӡқәа рҿы еиҿкааз ацәыргақәҵа. Уи рыбзоуроуп асахьаҭыхыҩцәа Диана Хынҭәба, Аҧшьа Ҳагба, акуратор Саид Гьезердаа, Аинар Инал-иҧа, Азамаҭ Багаҭелиа, амузыкала аиқәыршәаҩ Надир Џьинал.

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me