Борис Багаҭелиа азҟазацәа рыҩнуҵҟа самбо азы адунеи ачемпионат аҟны аиааира игеит, иаанацҳауеит Аԥсны аспорт азы Аҳәынҭеилакы. Аиԥылара мҩаԥысуан Ареспублика Ҟазахсҭан, Уральск ақалақь аҟны сентиабр 8 инаркны 10 азынӡа.

Аԥсуа спортсмен дықәгылон 98 зкапануа рыбжьара.

Борис Багаҭелиа адунеи хынтәны ачемпион, адунеи ачемпионатқәа араӡнытә, аџьазтә ԥхьахәқәа ҩба игахьеит, азҟазацәа рыҩнуҵҟа Урыстәыла ԥшьынтәны ачемпион, Урыстәыла Ахраҿеи Москва Ахраҿеи иоухьеит, самбо азы жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза иоуп, ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара.

* * *

Аԥсуа боқсиор Харитон Агрба диааит Панамантәи аспортсмен. Аиԥылара мҩаԥысит Челиабинск сентиабр 8 азы RCC Boxing Promotions аҟнытә абокс ахәылԥаз инақәыршәаны. Харитон диандаҭлон 31 шықәса зхыҵуа Алеқсандр Диуран.

Аиԥылара мҩаԥысит Харитон аԥыжәара иманы. Агрба даиааит ҳәа иԥхьаӡан ажәабатәи араунд аҟны техникатә шьапықәҟьарала.

Харитон Агрба апрофессионалтә ринг аҟны иаиааиуа дҟамлац.

* * *

Амҵәышәмпыласҩы Нестор Цужба 13 шықәса зхыҵуа рыҩнуҵҟа «Кубок Спартака» аиԥылараҿы аиааира игеит. Уи мҩаԥысуан Москва, сентиабр 4 инаркны 8 азынӡа, иаанацҳауеит аҿари асорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы.

Нестор иҽазыҟаиҵоит Алеқсандр Мальцев инапхгарала Алеқсандр Островски и-Академиаҿы.

Уи длааӡамҭоуп Арзамеҭ Ҭарба ихьӡ зху Аԥсны Ареспубликатә ԥқьаҭасырҭатә школ адиректор, аԥқьаҭасразы Аԥсны аспорт азҟаза Елизабет Акуциа.

Ааигәа Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аиааира 30 ш. ахыҵра аҳаҭыр азы Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла имҩаҧнагеит апоезиа ахәылҧаз «Абрыскьыл иоуп рашьла инеиуа».

«Идырым аибашьҩы»

15 Цәыббра 2023 09:25

Ишдыру еиҧш, сынтәа Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) аан Аиааира 30 шықәса ахыҵра азгәарҭоит. 30 шықәса ирылагӡаны хыҧхьаӡара рацәала Аҧсны зхы ақәызҵаз афырхацәа аӡәырҩы ирыхцәажәахьеит амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа, телехәаҧшрала иддырбахьеит авидеонҵамҭақәа, астатиақәа, аочеркқәа, аиҿцәажәарақәа акьыҧхь ианырҵахьеит.

Ишәарҭахаз аҩны

15 Цәыббра 2023 09:16

Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб идикылеит Аҟәа, Наӡаӡе лымҩаҿы игылоу, ауада рацәа змоу иуашәшәырахаз аҩны ауааԥсыра рхаҭарнакцәа.

1993 шықәса ииуль 27 азы Шәача анапы зҵаҩыз Аԥсны ахымца аанкылареи уи ахылаԥшышьеи рзы Аиқәышаҳаҭра иззыԥшыз аҭышәынтәалара аанамгеит, аха «аинышәара» раԥхьатәи амчыбжьқәа еилыхха иаҳдырбеит аӷа игәҭакқәаҵәҟьа.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ҳазну ашықәс аԥхынразы иҟалаз аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы Арезервтә фонд аҟнытә иҟоу ахыхь амалқәа роушьҭразы адҵа инапы аҵаиҩит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me