Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа аҳҭнықалақь ахь иусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Москва еиуеиԥшым аҵараиурҭақәа рҟны аҵара зҵо астудентцәа дырԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. Аиԥыларахь инеит 150-ҩык инарзынаԥшуа астудентцәа. Аиԥылара аартуа, Аслан Бжьаниа иазгәеитеит, астудентцәа Урыстәыла аҳҭнықалақь аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра хаҭарнакра шазыруа, дара рҵараҟны ирымоу алҵшәақәеи аихьӡарақәеи рыла Аԥсназы агәаанагара шышьақәгыло.
Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Урыстәыла афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Алеқсеи Сазанови анаҩстәи аҩганктәи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит. Аиԥылара далахәын Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟала «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәа аҳаҭырҭә хьӡы рыхҵоуп жәҩык арҵаҩцәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ашәарҭадара Ахеилак изаамҭанытәу аилатәара мҩаԥигеит, ирылацәажәеит адәныҟатәи аҩныҵҟатәи аполитика азҵаарақәа.
Аҧсадгьыл, даара аҵак ду змоу ажәоуп. Нбанцыҧхьаӡа уи иқәынхо ажәлар рыҧсадгьыл ахь абзиабара, рҭоурых, рнысмҩа аанарҧшуеит.
Ачечен ҭыҧҳа Роза Белал-иҧҳа Абдурахманова данқәыҧшыз аахысгьы лажәа иазҵаауан, лыцхыраара иаҳәон, ианакәызаалак зыгәҭа дыҟаз лыуаажәлар. Уи лҟазшьа хадақәа ируакын аиашамра баны аҩымсра.