Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Гагра ахақәиҭтәра амш

Жьҭаара 6, 1992-1993 ш ш. Аҧсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраҟны игоу раҧхьатәи иааираны иазгәаҳҭоит есышықәса. 31 шықәса раҧхьа Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ ахашәыршәырит аӡиас Ҧсоу ахықәан Амраҭашәаратәи аҳәаа.

Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҿы, Гагра ақалақьи ҳаҧсадгьыл мраҭашәаратәи агани рхақәиҭтәра ахә ашьара уадаҩуп. Уи аҧсҭазааратә мҩа аанартит, иалнаршеит аҧсуа Арбџьар мчқәа рышьақәыргылара. Ҳауаажәлар  Аиааира нагӡахьы ргәыҕра шьақәнарҕәҕәеит даҽазныкгьы. Ари Аиааирала гәыҩбарада еилкаахеит ҳажәлар шьҭахьҟа ишхьамҵуа, мҩашьарада иаҳҳәар ҳалшоит, аибашьра наҟ-наҟтәи алҵшәа мҩақәнаҵеит ҳәа.

Зынӡаск аибашьыгатә бџьар зманы Гагра ахақәиҭтәра иалахәыз: 570-ҩык аибашьцәа,  рахьтә иҭахеит 112-ҩык , 15-ҩык зхатә гәаҧхарала еибашьуаз назлоу. «Буря» ҳәа ахьӡ ҷыда зауз арратә жәылара иалагеит октиабр 1 азы, ижәылон  агәыҧқәа О. Хьециа, Џь. Чыркба, З. Хәарцкьиа, Џь. Тәанба  заҧхьагылаз.Ари ажәылара иалахәын убасгьы И. Иаганов дызҧызаз аҟабардақәа  ргәыҧ  (40-ҩык), Ш. Басаев дзаҧхьагылаз ачеченцәа ргәыҧ зеилазаараҿы Х. Ханкарови С. Дашаеви ргәыҧқәа рыла ишьақәгылаз (60-ҩык), М. Кьылба наҧхгара зиҭоз Ҟарачы-Черқьестәи  агәыҧ (27-ҩык), иара убасгьы Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа рхылҵшьҭрақәа еидызкылоз  Шь. Ажәанба дызҧызаз.

Гагратәи ахырхарҭа ажәылара акомандаҟаҵаҩыс дыҟан аполковник Сергеи Дбар. Абраҟа иазгәаҭатәуп жәылара ианцоз ихьанҭоу аибашьыгатә маругақәа рахьтә ирымаз атанкқәа Т-55-қәа ҩбеи аминаршәгақәа ҩбеи шракәыз ҳаруаа.

Гагра ақалақь ахақәиҭтәра  азгәаҭара инамаданы октиабр 6   асааҭ 10 рзы араион Ахадара аусзуҩцәа, хатәгәаҧхарала иааны ҳаҧсадгьыл ҳацзыхьчоз рхаҭарнакцәа, абжьаратә школқәа рҵаҩцәа ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит ақалақь агәҭа иҟоу Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынбеи, аҧсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵази рбаҟақәа рҟны. Убасгьы, Гагра ақалақь ахақәиҭраҿы зылшамҭа рацәаӡоу Аҧсны Афырхаҵа Роберт Кәарҷиа дахьҭахаз аҭыҧ аҿы иаартыз абаҟаҿгьы. Анаҩс, Абазгаа рымҩаду аҟны аветеранцәеи иҭахаз рмаҭацәеи еицеиҭарҳаит аҵлақәа, Аиааира 30 шықәса ахыҵра ахьӡала.

Гагра араион Ахада ихаҭыҧуаҩ Гәынба Хана лажәақәа рыла Аиааира 30 шықәса ахыҵра ахьӡала, Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра  аветеран, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу х-ҩык ахшара зааӡо Арсҭаа Асҭана иҭан милионки ҩышәи ҩынҩажәи жәаба нызқь мааҭ зыхәҧса наӡо, х-уадак змоу анхарҭа, Бзыҧҭа аҳаблан Асҧа аиланхарҭаҿы. Иара убас, хатәгәаҧхарала иааны ҳаҧсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз Рамзан Кунжуеви Али Нагаеви рҭаацәарақәагьы ауаҭахқәа рзалхын «Кемпинг» ҳәа иахьашьҭоу аиланхарҭаҿы.

Нхарҭала иеиқәыршәоу аҭаацәарақәа рыхьӡала: – Иаҳзыҟашәҵаз азҿлымҳаразы зегь ҳахьӡала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Ҭынчрала ихаҭәаау агәырҕьара нагӡа рҧеиҧшзааит зҭоурых ҵаулоу ҳажәлар, ҳәа азгәеиҭеит Арсҭаа Асҭан, араион Ахадара аусзуҩцәеи ари аус анагӡара зыхәҭаа алоу зегьы рахь ихы рханы.


Ахра Анқәаб

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me