Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Аиааирамш ҭысхроуп!»

Абас иҳәон згәыхәтәы намӡаз афото корреспондент Андреи Соловиов. Дҭахеит Афырхаҵа Ҳиааира аагара хымш шагыз, Аҟәа ахы ианақәиҭыртәуаз сентиабр 27 аҽны. Зқәыԥшра иҭагылаз арԥыс илиршеит аибашьра аҭоурых афото ҭыхымҭақәа рнырԥшра.

Арҭ амшқәа рзы Афырхаҵа дахьҭахаз Аҟәа (Сахаров) уажәы В.Аршба ихьӡ зху амҩаду аҿы иаартын агәалашәаратә ӷәы.  Уи еиҿыркааит Аԥсны ажурналистцәа Реидгылеи Аҟәа ақалақь Ахадареи. Арахь иааит афото-корреспондент ибзиан  дыздыруаз, иҩызцәа ажурналистцәа. Амитинг аартуа Руслан Ҳашыг иазгәеиҭеит  афотокорреспондент  Андреи Соловиов иаҳзынижьыз иҭыхымҭақәа аҵак ду шрымоу. Ажәа ииҭеит  ИТАР – ТАСС ахаҭарнак Андреи Цицинов. «Андреи Соловиов далгеит архитектуратә институт, аха 1987 шықәса инадыркны иара иалихит афото-корреспондент изанааҭ, иара иҭихуан зегь реиҳа ахҭыс ахьеилашуаз, ашәара захьӡыз издыруамызт, аиаша аарԥшра дашьҭан. Ҳара имаҷуп  урҭ афырхацәа рхамыршҭраз иҟаҳҵахьоу, шәара хаҭала Аԥсны жәлар  шәаласҵом, избанзар шәара шәҿы Афырхацәа рыхьӡ ҳаракны иркуп, ҳаҭыр  ду рықәуп. Хашҭра иқәымзааит Аԥсны Афырхаҵа Андреи Соловиов»,  –абас ихиркәшеит уи иажәа.

Аԥсны ашәарҭадара амаӡаныҟә́гаҩ Сергеи Шамба  дықәгылеит аибашьра аҟнытә игәалашәарақәа рыла: «Андреи Соловиови сареи ҳаибадырит аибашьра анцоз, ажәыларақәа руак аан  дысзааит  дрыццарц азын  ақәшаҳаҭра исҭарц, мап аницәыск игәы ԥжәаны ашә кыдҟьан  ддәылҵит. Зегь акоуп ажәыларахь ицоз асолдаҭцәа рмашьынак иҽахьыгӡаны дрыццеит, уи ашьҭахь Каман  афронтаҿ избеит асакасала дшааргоз арԥыс қәыԥшк, цқьа сихәаԥшызар, абар Андреи, дыхәны дааргоит… Аҵыхәтәан деиҭасзааиуеит, усҟан ихы зегьы еиқәыҿаҳәаны иҟан, даҳәон  ажәылара ицоз дрыцны  дцаразы  ашәҟәы.

Иара иаҳзынижьыз аҭыхымҭақәа зегьы иҳарҳәоит шаҟа дгәымшәаз, зегь  реиҳа амца ахьакуаз дыҟазар акәын, уи иҭыхымҭақәа ирынирԥшуан аибашьра ахаҿра, аиаша», – азгәеиҭеит иара.

Амитинг  хыркәшо дықәгылеит  Екатерина Бебиа, «Афотохроника аибашьра аҭоурых иаҿахәҳәагоуп, аибашьраҿы абџьар иацназго ируакуп акамера. Андреи  Соловиов Аԥсны мацара акәмызт аус ахьиухьаз, иара далахәын Ҟарабах, Уаԥстәыла, Ермантәыла. Аԥсны ицоз аибашьраҿ иара ихәҭаа ду алаигалеит. Уи ихьӡ аҭоурых иазынижьит, абиԥарақәа еимырдалоит наунагӡа, ҳара иҭаҳхит иара изку адокументалтә фильм, ихарҭәааны идҳарбараны ҳаҟоуп», – лҳәеит лара.

Иахьарнахыс Андреи Соловиов ихьӡ аныҷҷалоит аҳаҭыртә ӷәы изкыдырҵаз, игәымшәара рзаанартлап ес-ииуа  ахьыбҿар!

Хашҭра иқәымзааит Аԥсны Афырхаҵа.

Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me