Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсныпресс. Цәыббрамза 17 рзы Брианск ақалақь ахада Марина Дбари Бриансктәи ақалақь ахадара аиҳабы Алеқсандр Макарови ақалақь Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы иааз ҳаҭыр зқәу асасцәеи аиашьаратә қалақьқәа рделегациақәеи официалла рԥылара мҩаԥыргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.
Ҵаҟатәи Ешыра қыҭа дынхоит Пичуриа ҳәа ихьыӡны ҭаҳмадак. Даагылеижьҭеи дшәарыцон, ихы баша иҭҟьом – ззырҳәо дреиуоуп.
Ҩажәи жәеиза шықәса раԥхьа Қырҭтәыла Аҳәынҭхеилак арбџьармчтә еиҿкаарақәа Аԥсны ахеиқәырхара аамҭа ианҭадыргыла, наџьнатә аахыс ҳажәлар имырӡкәа иааргоз, ҿыцәаара зқәым ацәанырра ҳаракы – аџьынџь азы ахамеигӡара здоуҳамч арҵасыз зықьҩыла ҳаԥсадгьыл аҵеицәа инарывагылеит, зхатәгәаԥхарала Нхыҵ-Кавказ, ихароу аҳәаанырцә, Урыстәыла еиуеиԥшым акәакьқәа уҳәа рҟнытәи, аҵабырг хәы шамам зеилкаарҭаз, ауаҩра агәаӷь злаз шәҩыла аҵеицәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ажурналистцәа Реидгыла иргәаланаршәоит ҳазну ашықәс март 30 азы ишрылаҳәаз «Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра идырым аҭоурыхқәа» атемала ажурналистцәа иреиӷьу русумҭақәа ирызку арҿиаратә конкурс.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа сентиабр 12 азы аҳасабрбатә еилацәажәара мҩаԥигеит. Уи азкын аҵарашықәс ҿыц алагара аҵарадырратә усҳәарҭақәа шазыҟаҵаз.
Абас ахьӡуп арҭ амшқәа рзы Аҟәа ақалақь абаа аҭыӡқәа рҿы еиҿкааз ацәыргақәҵа. Уи рыбзоуроуп асахьаҭыхыҩцәа Диана Хынҭәба, Аҧшьа Ҳагба, акуратор Саид Гьезердаа, Аинар Инал-иҧа, Азамаҭ Багаҭелиа, амузыкала аиқәыршәаҩ Надир Џьинал.