Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Хашҭра зқәым

«Ҳара еснагь иаҳгәалаҳаршәоит Ахақәиҭреи Ахьыԥшымреи ҳзаазгаз ҳҵеицәа. Иахьа уажәраанӡа ари аҭыҧ аҿы ишьҭан иҭахаз ҳуниверситет аусзуҩцәеи астудентцәеи ргәалашәара иазкыз ахаҳә. Аха сынтәа, Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз иҳаӡбеит ҳҵеицәа рыхьӡ анаӡаӡатәра иазку, дара ирықәнагахаша абаҟа аартра. Иҭабуп ҳәа  шәаҳхәоит иааиз зегьы. Сара иахьа ауниверситет аҟны исасны иҟоу ҳәа уаҩ дызбаӡом, зегьы ҳара ҳааӡаамҭацәеи иҳазгәакьоуи  шәоуп – ҳгәырҩеи ҳгәырӷьареи ҳацеиҩызшо».

Аректор дырзааҭгылеит 96-ҩык иҭахаз аҵараиурҭа аусзуҩцәеи астудентцәеи рыстуденттәи русуратәи ԥсҭазаареи рҟнытә игәалашәарақәа. Ауниверситет астудентцәа рахь ихы нарханы иҳәеит:

«Аԥсны аҿиареи аӷьацареи рзы ахәҷы инаиркны аду иҟынӡа зегьы иҳалшо ҟаҳҵарц ҳақәнагоуп. Убасҟан ауп ҳҵеицәа ззықәԥоз рыгәҭакқәа анынагӡахо».

Иара убас аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит: урыстәылатәи аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ, ААУ Ҳаҭыр зқәу адоктор Сергеи Бабурин, Аԥсны  Жәлар Реизара Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, Жәлар реизара адепутатцәа, Аԥсуа Иашахаҵаратә Уахәама аиҳабы Аб Басариан (Аԥлиа), Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов, иҭахаз аибашьцәа ранацәеи рхәыҷқәеи, аибашьра аветеранцәа, ААУ апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи астудентцәеи.

Абаҟа аартра ацеремониа аҟны астудентцәа ажәеинраалақәа ирыԥхьеит, иҭахаз аибашьцәа ры- хьӡқәа ргәаладыршәеит.

Абаҟа ҟаҵан Ростов ақалақь аҟны, уи авторс дамоуп аскульптор Тимур Ҟаитан. Абаҟа аргылара аус напхгара аиҭон ААУ аҟазарақәа рфакультет адекан, асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа.

Аџьаз шәҟәаҟны иҭаԥҟоуп Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рзы иҭахаз 96-ҩык аибашьцәа рыжәлақәеи рыхьыӡқәеи.

Агәаларшәаратә митинг ахыркәшамҭазы уи иалахәыз зегьы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит абаҟа амҵан.


Алхас Чхамалиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me