Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Амшын аԥшаҳәаҿтәи анеиааира»

Абар, шьҭа акрааҵуеит И. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека анапхгарала имҩаԥысуеижьҭеи арт-фестиваль «Амшын аԥшаҳәаҿтәи анеиааира».

Сынтәа уи азкын Аиааира  30 шықәса ахыҵреи Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара  15 шықәса ахыҵреи.

Еиҳараӡак уи амҩаԥгара хықәкы хадас иамоуп аҿар ашәҟәыԥхьара радыԥхьалара, абиблиотекақәа рышҟа рымҩахгара.

Амилаҭтә библиотека иаҵанакуа амшын аԥшаҳәа ықәрҭәаан инеиааиуан асасцәа, урҭ ирзеиҿкаан ҳҭоурых, ҳҟазара, ҳфырхаҵара аазырԥшуа ацәыргақәҵақәа. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеиқәа, ашколхәыҷқәа рықәгыларақәа, абиблиотекақәа рышәҟәтәы цәыргақәҵақәа афестиваль аҵакы хадырҭәаауан.

Аԥсны аамҭацыԥхьаӡа инхоз-инҵуаз амилаҭқәа рбзазашьа анырԥшуп араҟа еиҿыркааз афотостенд. Улаԥш  узаҟәгомызт, шықәса рацәала иҳаланхоз абырзенцәа ирызку астенд.

Хыԥхьаӡара рацәала аибашьра Афырхацәа рфотосахьақәа ацәыргақәҵа иазлырхиеит Екатерина Бебиа лхатәы архив аҟнытә. Урҭ ирыбзоураны аҭаацәа еиҭаргәаладыршәон ԥсра зқәым Аԥсны Афырхацәа. Ара  иубон Аԥсны Раԥхьатәи Ахада имашьына, аибашьра аан иҭыху, зыԥсҭазаара  ҳахҭнызҵаз аибашьцәа гәымшәақәа Мушьни Хәарцкиа, Закан Амаршьан, Даур Амқәаб уҳәа шәҩыла ҳахьӡырҳәагақәа рхаҿқәа. «Ифырхаҵаратәын абжьыуаа ражәа», абас ахьӡын Е.Бебиа-ԥҳа лстенд, уи  ианыԥшуеит аибашьраан ладеи-ҩадеи ҳаидызкылоз аԥсуа радио аҟны ироуаз асалам шәҟәқәа. Убарҭ ируакуп Арасаӡыхьтәи асалам шәҟәы, уи  лнапҩымҭоуп усҟан истудентыз Наира  Чқәан.

Аибашьра анцоз ҳаӷацәа ааха ӷәӷәа рырҭеит Дырмит Гәлиа, Самсон Ҷанба, Иуа Коӷониа рбаҟақәа, ирблит, иццышәыртәит Аԥсны аҭоурых архив зегьы ахьыҟаз аԥсуаҭҵаратә институт. Уи рдыруазароуп еиҵагыло ҳҿар. Афестиваль аҿы  ицәырган урҭ хашҭра зқәым афотосахьақәа. Ҟарачы-Черқьестәыла, Абазашҭантәи Ԥсыж ақыҭан афестиваль аҿы еиҿыркааит ацәыргақәҵа. Уи  ианырԥшуп дара ҳашьцәа иахьатәи рыԥсҭазаара, изхыҽхәо аҿар аҵарадырра амҩа иану рдунеи ҭбаа.

Шықәса рацәала абиблиотека аус  иазааԥсахьоу Зоиа Кәыҵниа-ԥҳаи Лиусиа  Черевкои еиҿыркааит ашәҟәқәа рцәыргақәҵа, асасцәа ирылшон ара иргәаԥхаз ашәҟәқәа ргара. Ирацәаҩуп, аҿар, ашколхәыҷқәа ҳамҭас ашәҟәқәа згаз. Баша ирҳәом «зегьы аԥхьаҩ изы, зегьы аҿар рзы».

Афестиваль иалахәын Очамчыра араиони Гәдоуҭа араиони рҟнытә ашколхәыҷқәа, урҭ ицәырыргеит асахьаҭыхратә школқәа рҟнытә рҭыхымҭақәа. Ҳара ҳлыҿцәажәеит зхатәы ҭыхымҭақәа рыла ацәыргақәҵа еиҿызкааз Хәаԥтәи абжьаратә школ аҵаҩы Ерена Бебиа. Лара асахьаҭыхра даҿуп 1-тәи аклассаҿ дантәаз аахыс. Аиашазы, убла  аргәырӷьоит  лнапкымҭақәа. Ишәхьоу сахьаҭыхҩыки еиԥш ашәыгақәа лхы иалырхәоит. Иара убас илықәҿиоит акарандашь амацара ала иаԥылҵаз апатреҭқәагьы.

Афестиваль дырлахҿыхуан ашколхәыҷқәа рыла еиҿкааз аԥхьарақәа. Аҵаҩцәа аԥсы ахаҵаны иаԥхьон ҳаибашьра афырхацәа ирызку ажәеинраалақәа. Уи еиҿылкааит абиблиотека аусзуҩы Ламзира Шьынқәба. Аҿар гәахәала инарыгӡон аестрадатә ашәақәагьы.

Иааиԥмырҟьаӡакәа хәылԥазынӡа Амилаҭтә библиотека ашҭа иҭыҩуан ашәеи ажәеи.

Зегь рыла еиҿкаан есышықәса ҳзыргәырӷьо арт-фестиваль. Шьардаамҭа шәнеилааит уи иалахәыз зегьы!

Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me