Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсныпресс. Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Ҟазахсҭан имҩаԥысыз I Жәларбжьаратәи атуристтә форум «Иҭышәынтәалам адунеи аҿы иҭышәынтәалоу атуризм аҿиара», иара убас атуроператорцәа жәларбжьаратәи рконгресс «Жәларбжьаратәи атуристтә џьармыкьа ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа рҿы атрансформациа, аҿиареи апартниорреи рперспективақәа» ҳәа ажәахә ҟаиҵеит.
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира амш 30 шықәса ахыҵра аламҭалаз, аибашьраҿ иҭахаз рҭаацәарақәа Атәанчахәытә фонд амчала ирызшәахоит зныктәи аҧаратә ҳамҭа 20 нызқь мааҭ.
Аҧсны Акультура аминистрра ахаҵгыларала сентиабр 16-17 рзы Аҧсны имҩаҧысит аҧсуа-адыга фестиваль «Риҵа арифмақәа». Афестиваль хацыркын 2018 шықәса рзы. Уи шьҭа традицианы ишьақәгылеит. Аханатә аҧшьгаҩыс дамоуп аҟабарда поет, адраматург, ажурналист, ауаажәларратә усзуҩы Зарина Ҟаныҟәа.
Аҧсны имҩаҧысуан «Аурыс культура амшқәа». Аусмҩаҧгатәқәа еиҿкаан Аҧсны акультура аминистрра ахаҵгыларала.
Афестиваль еиднакылеит апоетцәа, апрозаикцәа, ажурналистцәа, асахьаҭыхҩцәа, акультура аусзуҩцәа. Урыстәылантәи иааз арҿиаҩцәа ргәыҧ напхгара алҭон Москватәи ажурнал «Литературные знакомства» аредактор хада Лола Звонарева.
Сентиабр 30 хақәиҭра мшуп. Абри аҽны ҳаибашьцәа Аҟәа ахы иақәиҭтәны Аиааира абираҟ шәыршәыруа ишырхагылаз Егры ахықәанӡа инаӡеит, иранарыжьызҭгьы урҭ Гыртәылагьы дыршьаҳаиҭуан, Қәҭешьгьы иагәаладыршәон анкьатәи аҳҭынра аамҭа.
Аҭоурых шьықәгылоуп ахьыӡқәа рыла, ауаа роуп иара зхылҿиаауа, наунагӡа хашҭра ақәымкәан иҟазҵо. Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы ҵҩа рымам иҿырҧшыгоу ахҭысқәа.