Аусмҩаҧгатә аан Аҧсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа Ахантәаҩы Саида Быҭәба даҧхьеит анашьҭымҭа. Уаҟа иаҳәоит:
«Ҳаҭыр зқәу ҳколлегацәа-аӡбаҩцәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра азеиҧш иурисдикциа аӡбарақәа раппаратқәа русзуҩцәа – 2073 шықәсазы аиашаӡбара знапы алаку!
Ҳара, шәаҧхьа иҟаз, шәышҟа ааҧхьара ҟаҳҵоит 1992-1993 ашықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иргаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҽны, Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара 15 шықәса ахыҵра, Аҧсны Аҳәынҭқарра азеиҧш иурисдикциа аӡбарҭақәа 100 шықәса рхыҵра ашықәс азы.
Ҳара, аӡбаҩцәа, азеиҧш иурисдикциа аӡбарҭақәа раппаратқәа русзуҩцәа, Аҧсны жәлар зегьы иахьа еицазгәаҳҭоит Ҳныҳәа ду. Ҳара иҳалагылоуп Ҳџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993 ш.ш.) иалахәыз апатриотцәа, иреиҳау аҳамҭақәа ирыҧсахаз афырхацәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз аиуристцәа, ҳаҭыр зқәу аӡбаҩцәеи азеиҧш иурисдикциа аӡбарақәа раппаратқәа русзуҩцәеи.
Аҧсны азеиҧш иурисдикциа аӡбарҭақәа ирхыҵит 100 шықәса. Ари аамҭа иалагӡаны Аҧсны жәлар ирылшаз даараӡа ирацәоуп. Иахьа ҳара иҳамоуп алшара, жәлар рхатә ҳәаақәҵаратә зин инақәыршәаны, ҭоурыхла ишьақәгылаз, ихьыҧшым, адемократиатә, азинтә ҳәынҭқарраҟны аиашаӡбара амҩаҧгаразы. Уи алыршахеит зықьҩыла ҳҵеицәа рыҧсадгьыл рыҧсы ахҭынҵарала.
Агәыҕра ҳамоуп, 50 шықәса рышьҭахь, Аҧсны аӡбаҩцәа рҭоуба шәазыразны, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанқәеи инарықәыршәаны Аҧсны жәлар рҿаҧхьа обиективла аиаша шәадгылаҩцәаны, аиашаӡбара шынашәыгӡо, ҧсыцқьарылеи ламыслеи аӡбаҩ ихымҩаҧгашьаҿы ихадоу аморал-етика апринципқәа шәышрыцныҟәо, аӡбаҩ иҳараку изинтә ҭагылазаашьа иаҧырхагахаша, аӡбара амчра аҳаҭыр лазырҟәуа акгьы шыҟашәымҵо.
«Аамҭа Акапсула» иҭаҳҵеит: Аҧсны азеиҧш иурисдикциа аӡбарақәа 100 шықәса ахыҵра иазку афотосахьақәа; Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵара ҳазну аамҭазтәи аҳамҭатә ҭыжьымҭақәа; Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа ахылаҧшратә ҳамҭақәа агәраргагақәа рыцны; Иреиҳаӡоу аӡбарҭа иҭнажьуа Аацҳабҕьыцқәа; Амонографиа «Аҧсны Аҳәынҭқарра Аӡбаратә мчра Аҭоурых», Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбара ахыҧхьаӡареихшьалара аизга (1994-2022 ш ш.).
«Аамҭа Акапсула» Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахыбраҿы аҭӡы иаласахоит. Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахыбра Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭоурых-культуратә ҭынхақәа иреиуоуп, акырӡа ахыҵуеит.
Ари аус ҧшьа амҩаҧгараан ҳхәыҷқәагьы ҳацуп. Даара иаҳҭахуп урҭ ирымаадарц ҳдырра, ҳҧышәа. Ҳгәыҕуеит урҭ рахьтә иҟалап ҳәа «Акапсула» ахыртраан шәара ишәывагыло.
Аамҭа иагәылганы ишәыдаҳныҳәалоит Аҧсны Аҳәынҭқарра азеиҧш иурисдикциа аӡбарақәа 150 шықәса рхыҵра.
Ишәанаҳшьар ҳҭахуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аиубилеитә медалқәа – «Аҧсны Аҳәынҭқарра азеиҧш иурисдикциа аӡбарҭақәа 100 шықәса рхыҵра»: Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада, Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахантәаҩы.
Агәра ганы ҳаҟоуп, шәара – аӡбаҩцәеи Аҧсны Аҳәынҭқарра азеиҧш иурисдикциа аӡбарҭақәа раппаратқәа русзуҩцәеи, ҳаҧсадгьыл аҵеира иаҧсахо, ишәылшо зегьы шыҟашәҵо аӡбаратә мчхара аҳаҭыр арҕәҕәара, аҧхьа ишшәыргыло ҳаамҭазтәи ихьыҧшым аӡбаратә система, ауаҩҧсы иконституциатә зинқәа рыхьчара хықәкы хадас изауа».