Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсуа жәлар иарбан ҭоурыхтә аамҭазаалакгьы ауаа нагақәа, ахатәрақәа рылиаауан, ажәлар рҿахәы зҳәашаз, аӷьеҩ ҳәа зыбжьы зыргар зылшоз ианаҭахыз. Еснагь зхатәы гәаанагара аахтны изҳәоз, амилаҭтә қәԥара иалагылаз иреиуан Малиа Владимир иԥацәа – Зураби Заури.
Ԥхынгәы 11 азы, Аԥсны ижәытәӡоу ақалақьқәа руак - Очамчыра амш азгәаҭара иазкыз аныҳәамш еиҿкаан ақалақь аԥшаҳәаҿы. Аныҳәа есышықәса иазгәарҭоит ԥхынгәымза аҩбатәи асабшаҽны. Сынтәа ақалақь 2526 шықәса ахыҵит. Аныҳәа амҩаԥгара заа рҽазыҟарҵахьан. Апрограмма инақәыршәаны иазԥхьагәаҭан аиԥыларақәа, ақәгыларақәа, еиуеиԥшым ацәыргақәҵақәа.
Иналукааша арккаҩы арҵаҩы, алингвист – аԥсуа школ абду ҳәа изышьҭоу, Аԥсны аҵара аус ауасхыр азышьҭаҵараҿы злагала дуу Фома Христофор-иԥа Ешба диижьҭеи 170ш. ҵит.
Ииуль 3 рзы еиҭарҿыцны иаадыртит Аҟәа, Диоскуриа аԥшаҳәа. Ари аҭоурыхтә хҭыс иаҭааит атәыла Ахада Бадра Гәынба, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Ҭаҭарсҭан араис Рустам Минниханов, Башкорҭостан Ахада Ради Хабиров, аԥыза-министр Андреи Назаров, ауаажәларратә усзуҩцәа.
С.П.Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы, агазеҭ «Аԥсны» аредакциа амаҵ зуа, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Гугуца Џьыкрба 65ш. лхыҵит.
Ԥхынгәымза 2, 1993 шықәса рзы ақырҭуа архәҭақәа Аҟәа ақалақь ахь раагара аԥхьырҟәҟәаареи уаҟа аӷа ирхәҭақәа амацәаз рҭакреи рзы Тамшь ақыҭан 300-ҩык инарзынаԥшуа рыла ишьақәгылаз арра- мшынтә десант ӡхыҵит. Ԥсҭбарада, аӷа рҽимырбакәа аӡхыҵра аналдырша ашьҭахь, арра-мшынтә десант аибашьцәа урҭ ирзыԥшыз Мрагыларатәи афронт аибашьцәа ирыцлеит.
Аҳәаанырцәтәи аҧсуаа иналукааша рхаҭарнакцәа ируаӡәку аҭҵааҩы, апоет, ауаажәларратә усзуҩы, «Ахьӡ-Аҧша» аорден актәи аҩаӡара занашьаз Омар Бирам-иҧа Беигәаа диижьҭеи 115 шықәса аҵра азгәаҭара аиҿкааразы иаҧҵаз аҳәынҭқарратә комиссиа анапхгарала аусмҩаҧгатәқәа азгәаҭан даниз амш – ииуль 1 азы.
Аҳәаанырцәтәи аҧсуаа иналукааша рхаҭарнак, аҵарауаҩ, арккаҩы, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, абызшәадырҩы, ашәҟәыҩҩы, анџьныр, апатриот ду Омар Бирам-иҧа Беигәаа (1901–2001) диижьҭеи 125 шықәса ҵит.
Аԥсуаа ражәа иалаҵаны ирҳәоит «Ацгәы аԥа аҳәынаԥ акуеит» ҳәа. Ари ажәаԥҟа аҵакы ҭбаауп, ацгәи аҳәынаԥи рымала ракәӡам изызку, уи аҿырԥшы ухьанарԥшуеит дызусҭзаалак иеиҳабацәа зҿу аус шырҿиҵаауа, ишрымидо ахь.
Аҧсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса ҵит. Аиубилеи инамаданы, агазеҭ «Аҧсны» 105 шықәса ахыҵра азгәаҭахоит. Иаҧҵоуп аҳәынҭқарратә комиссиа.
Аԥсны Аҵара Аминистрра аиубилеи азгәарҭоит. Аԥсны Аҵара аминистр Инал Габлиа иҿцәажәара.
Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com
