Астатиақәа

Ҳақалақь аԥшӡара иацҵо

Ҳақалақь аԥшӡара иацҵо

Ииуль 3 рзы еиҭарҿыцны иаадыртит Аҟәа, Диоскуриа аԥшаҳәа. Ари аҭоурыхтә хҭыс иаҭааит атәыла Ахада Бадра Гәынба, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Ҭаҭарсҭан араис Рустам Минниханов, Башкорҭостан Ахада Ради Хабиров, аԥыза-министр Андреи Назаров, ауаажәларратә усзуҩцәа.

Атәыла Ахада Бадра Гәынба ҷыдала иҭабуп ҳәа еиҳәеит иахьа илаша-лашо иаҳзаадыртыз Диоскуриа аԥшаҳәа зџьабаа, злагала аду Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко
Иазгәеиҭеит иара убас Ҭаҭарсҭани Башкорҭосҭани рроль иахьатәи аҭоурыхтә хҭыс аҟны. Аганахь иаҳзаважьуам ақырҭуа-аԥсуа еибашьра анцоз иаҳзыҟарҵоз адгылара. Усҟан арҭ аҩ-тәылак ахәшәқәа, амедицинатә усзуҩцәа уҳәа рыла иҳацхраауан. Иахьа уи атрадициа бзиақәа Владислав Арӡынбеи,

Минтимер Шаимиеви, Мурҭаз Рахимови зхы ркыз ҳара реихаҳара иацаҳҵоит», иҳәеит атәыла Ахада Бадра Гәынба.
Аԥшаҳәа аартра иазкыз аныҳәа иалахәын Аҟәа 16 школ рҟнытә ҩыџьы-ҩыџьа аҵаҩцәа, актәи аклассааи, аушьҭымҭацәеи. Уи ашколқәра алагамҭеи, ахыркәшареи ирсимволуп. Ажәа иҳәеит А. Пушкин ихьӡ зху 2-тәи абжьаратә школ 6-тәи акласс аҵаҩы Никита Ҷанба. «Сара сзы акырӡа аҵанакуеит аԥшаҳәа аиҭарҿыцреи, насгьы «Капсула времени» аҵаҵареи сахьалахәыз. Уи ҟалоит2026-2071 рыбжьара еиҩызаратә цҳаны.

45 шықәса рышьҭахь ауп ари акапсула ашколхәыҷқәа иҵарҵаз анаадыртуа, усҟан дара ирбарҭахоит ҳабиԥарақәа реимадара, ҳара аҵарадырра, аиҩызара, аҭынчра, акзаара агәра шаҳгоз. Бзиа ишаҳбо ҳақьалақь, агәра шаҳгоз уаҵәтәи амш», – лҳәеит Аҟәатәи 2-тәи ашкол арҵаҩы Екатерина Галкина. Акапсула аҿы иҭоуп Аҟәатәи А. Пушкин ихьӡ зху 2-тәи абжьаратә школ ашколхәыҷқәа иҟарҵаз анашьҭымҭа.

Иахьа иҳауит еиҭарҿыцны Диоскураа рыԥшаҳәа Ҭаҭарсҭан, Башкорҭасҭан, Нижни Новгород, иара убас В. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа», Урыстәылеи Аԥсни рбизнес ахаҭарнакцәеи ирыбзоураны. Иҟаҵоуп 1920 метра амҩа, уи иартәоит 2,5 миллиард мааҭ.
Аԥшаҳәа аартра иаҭааз амра­шәахәа еиԥш идырлашон уи амҩаԥгара здыз ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа. Урҭ Аԥсни Урыстәылеи рбираҟқәа рхаԥырԥыруа аԥшаҳәа иқәсны Идырым асолдаҭ ибаҟа ашҭанӡа инаӡеит.
Аусмҩаԥгатә иалахәыз зегьы Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Идырым асолдаҭ ибаҟа ааигәара иҟоу абаҳча еиҭашьақәыргылоуп В. Арӡынба ихьӡ зху Жәлабжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәеи», ЗҲӘА «Аинфраструктуратә ҿиареи» рыбзоурала. Иара убас, араҟа иқәыргылоуп ахаҳә иалху аҭаӡҩыра, ҳаԥшаҳәа аиҭарҿыцра алзыршаз ҭабуп ҳәа разҳәо.

Уи ашьҭахь сасгьы аԥшәымагьы ирзыԥшын Ҭаҭарсҭан рмилаҭтә ныҳәа «Сабантуи» (Праздник плуга). Иара мҩаԥысуан амҳаџьырқәа рыхьӡ зху аԥшаҳәаҿы. Аҭаҭарцәа рмилаҭтә ныҳәа ахы ркуеит ачаи ажәрала, иқәыргылан асомовар ду, асасцәа ирыдыргалон аҵиаахәшәқәа ирылху ачаи, ауасажьы иалху абрынџь еилыршәшәа (плов).

Еиҿкаан еиуеиԥшымыз ахәмаррақәа, насгьы хыԥхьаӡара рацәала ашәаҳәаҩцәа злахәыз аконцерт, урҭ рзыҳәан ишьақәыргылан асцена ду.
Еиҭашьақәыргылаз аԥшаҳәа аартра иалахәыз ирзыԥшын ахәылԥаз аҳамҭа ду. Раԥхьаӡа акәны Аԥсны иаҭааит Еизгоу Урыстәыла акоманда КВН, Аԥсны акоманда «Нарты из Абхазии» дареи аҽа ныҳәа дук рзаадыртит саси аԥшәымеи. С. Ҷа­нба ихьӡ зху Аԥсуа адраматә театр ашҭаҿы еиҿкаан аҩ-командак рықәгылара. Аицлабра мҩаԥигон Дмитри Хрусталиов. Аӡбацәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан Константин Ернст, Роман Карманов, Анатоли Кузичев, Сергеи Жилин, Едгар Запашныи, Валиа Карнавал, Александр Шоуа, Шаман (Иарослав Дронов).

Ақәгылара еиҳарак аиҩызаратә ҵакы аман. Ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылон ажәа, аиумор азҟазацәа дуқәа. Асценаҿ аҳра ауан алаф, урҭ ирныԥшуан агәырӷьара, апроблема, аԥсҭазаара аганқәа зегьы, аха аԥсы ахаҵаны, амҵәыжәҩақәа аҭаны. Аконкурс шьақәгылан хыхәҭак рыла: аԥсшәа аибыҳәара, амузыкатә адҵа. Аицлабраҿ аиааира агара акәмызт ихадаз, – ахәаԥшцәа ироуит иҳәаадоу агәахәара, еицырдыруа Урыстәыла «КВН» алахәылацәа Аԥсны, аԥсуа сценаҿы рықәгылара, ҳахьӡырҳәагақәа «Нарты из Абхазии» иалоу реицыхәмарра хәы змам ҳамҭоуп.
Ҳажәлар рыҩнуҵҟа агәынамӡара шырацәоугьы, аԥшӡареи агәырӷьареи иалхәдамзааит ҳҿар. Убри азын ауп ҳҵеицәа рыԥсадгьыл рхы захҭнырҵазгьы.

Наира Сабекиа 

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image