Астатиақәа

Ианаҭахыз – напышьашәалагьы

Ианаҭахыз – напышьашәалагьы

Аԥсуа жәлар иарбан ҭоу­рыхтә аамҭазаалакгьы ауаа нагақәа, ахатәрақәа рылиаауан, ажәлар рҿахәы зҳәашаз, аӷьеҩ ҳәа зыбжьы зыргар зылшоз ианаҭахыз. Еснагь зхатәы гәаанагара аахтны изҳәоз, амилаҭтә қәԥара иалагылаз иреиуан Малиа Владимир иԥацәа – Зураби Заури.

Ақалақь агәҭа инхоз, Малиа Владимир Камыгә-иԥа иԥшәма Ӡиӡариа Софа Алықьса-иԥҳаи иареи х-ҩык аԥацәа рхылҵит. Аӡәы дшыхәыҷыз иԥсҭазаара далҵит. Ҩыџьа Зураби Заури рхы иаламырԥшыкәа, рхәыҷра аамҭа иақәнагоз зегьы рыманы ирызҳаит. Аишьцәа агәырҵҟәыл бзиеи адырра ҵаулеи рыман. Малиа Заур Владимир-иԥа 1943 ш. жәабран мза 20 рзы, Гәдоуҭа ақалақь аҟны диит. Уи Гәдоуҭатәи 2-тәи абжьаратә школ далгеит, нас Аҟәатәи арҵаҩратә институт афизика-математикатә факультет далгеит. Аинститут даналга Калдахәаратәи ашкол -интернат ахь ддәықәырҵеит. 1966 шықәсазы Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ ахь диаган. Убраҟа мызқәак аус иухьан еиԥш, Гәдоуҭатәи 2-тәи абжьаратә школ ахь даарышьҭуеит. 

– Сара, – иҳәеит Заур Владимир-иԥа, – схаан, арҵаҩцәа аҵаҩцәа рзы иҿырԥшыган. Школк аҟынтә даҽа школк ахь сиаргон. Гәдоуҭа араион аҵараҟәшаҿы аҳасабра амаҭәар азы аинспекторс аус зуан. Ашкол аҿы рҵаҩыс сыҟан, еилазыгӡон. Убра сшыҟаз, Асовет аамҭазы атуризм азы ахеилак аадыртит. Уаҟа аусура аинтерес аҵан. Аус шыруаз «Атехникцәа қәыԥшцәа» рыстанциа ахыбра аныҟарҵа, уахь сиасит. Уаантә Бамборатәи абжьаратә школ адиректорс сарҭеит. Убраҟа бжьышықәса аус зуит.Малиа Заур 1983 ш. Гәдоуҭа ақалақь араионтә хеилак адепутатс далырхит. Уи ашьҭахь адепутатцәа рхеилак ахантәаҩыс днаган, уаантә араионтә еизара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс диаргоит. Мызқәак аус аниу ашьҭахь араион администрациа Ахада ихаҭыԥуаҩыс дҟарҵеит… Малиа Заур аус ахьиуазаалак пату иқәын, иажәа иазыӡырҩуан…

Заур иашьа Зураби иареи аԥсуа милаҭтә қәԥара, 1967 шықәса инаркны агәҭаҵәҟьа иалагылан. – 1967, 1978, 1979, 1989 ашықәсқәа ақырҭцәа ҳарҿагыланы, иҳалшоз зегьы ҟаҳҵон. Урҭ ахҭысқәа зегьы аиҭаҳәара уадаҩуп. 1989-тәи ашықәс хҭыск шәзеиҭасҳәоит. Уи мшаԥымза аказы акәын. Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩс Барцыц Мсас Ҳаџьым-иԥа дыҟан. Уи Озган Константин Константин-иԥа ҭелла еиҳәеит аҽеизгара шаҭаху, Кобахьиа Валериан Осман-иԥа дшаауа. Сареи Валериан Осман-иԥеи Константин Константин-иԥа иҿы ҳахьнеиз, Гьечрыԥшь Костава амитинг амҩаԥгара дшаҿу ҳаиҳәеит. Уи акәхеит, х-машьынак ҳрықәтәаны ҳцеит: Озан Константин, Барцыц Маса, Арӡынба Дмитри (Дима), Оҭырба Оҭанди, Папба Иура, Малиа Зураб, сара…

– Ҳахьнеиз аабатәи аполк иакәшаны ирыхьчон, Костава ала еиԥш, ибжьы рдуны дыҳәҳәон. Аӡәгьы рԥырхагаӡамызт. Игыланы зегьы ӡырҩуан. Аобком аусзуҩцәагьы гылан: Қәачахьиа, Александров… егьырҭ сгәалашәаӡом. Озган Константин Константин-иԥа асценахь дыхәнеит. Уи асце­нахь даннеи ҳара еицыз, асценахь аӷәтәымардуан иамаз ҳаҿатәеит, аха ицәгьахоушәа анаҳба Димеи сареи Озган иахь ҳнаскьеит. Иара, Озган ақырҭуа бираҟ ихшьыз книхит. Нас, Контантин Константин-иԥа ибжьы аарӷәӷәаны,– ара амитинг ҳәа акгьы ҟалаӡом, ҳәа рылеиҳәеит.Малиа Заур усҟантәи аԥсҭазаара иҽаҭаны, еиҭеиҳәоз ахҭысқәа уртәыртәуан, хара удырԥшуан, удырхәыцуан… 
– Иарбан шықәсқәазаалакгьы ақырҭцәа еиҿыркаауаз ахәымга-ӡымгарақәа аԥсуа жәлар рхаҭарнакцәа аҿагылон. Убри аҟынтә 1989-тәи ашықәс ԥхынгәы 15-16 мзазы иҟаз ахҭыс сашьа Зурабгьы, уи иԥазаҵә Багратгьы, саргьы ҳалахәын. Аҟәа Пушкин ихьӡ зху амҩаҿы ҳашгылаз, «Аԥсуаа рыҷкәынцәа рыпҟеит» ҳәа ааҳалаҩит. Аҭынчра амҩа инаркны Лакоба имҩа аҟынӡа автобусқәа игылаз ҳрыбжьагылан. Автобусқәа  зегьы рԥенџьырқәа ԥаҳҽит. Русҭавели ибаҟа ахьгылаз Аҟәатәи апаркқәа руак аҟны аибапҟара бааԥсы ҟаҳҵеит. Сышьҭахьҟа иӷәӷәаз акала сҟәаҟәа иасит. Ақырҭцәа иҳацәшәаны ршьапы рҽадыргон. Амашьынақәа хыма-ԥсыма зыҽҭазыжьуаз рацәаҩын. Ақалақь  агәҭа ианеиԥхьаҳартта, Ацҳа ҟаԥшь ахь ҳдәықәлеит, ҳрацәаҩын – иҳәеит Заур Владимир-иԥа.

Ацҳа ҟаԥшь аҟны иахьнеиз Ҵышәба Тарик махәҿала деисуан. Иааигәа амашьына «Камаз» ахаҳә дуқәа ақәыжьны игылан. Аусқәа цәгьахар, урҭ ахаҳәқәа рхы иаадырхаразы еизган. Ашҭа ду ахь ажәлар дәықәлеит. Ақырҭцәа алашьцара рҽарҭон… Аботаникатә баҳча аҟынтә, Русҭавели ихьӡ зхыз  акинотеатр ахьыҟаз инеит амца рҿатәаны. Возба Анатоли, Папба Иура, Гәынба Џьамал…

– Ақырҭцәа рҿанаарха, ҳанрылаԥш, азныказы иҟаҳҵо ҳзымдыруа ҳааилахеит. Убри аамҭазы, – иҳәеит Заур, – сашьа Зураб арҵәааҳәа дыҳәҳәеит: – Аԥсуаа шәымшәан! – ҳәа… Возба Анатоли даҳцәыршьхьан, Папба Иура ишәақь  ала ахысра далагеит. Ус, Аҟәа ашҭа ду зегьы аӷьара-ӷьараҳәа Марыхәба Игор, ибжьы аақәҩҩит: – Шәеиха аԥсуаа! Даара ишәарҭоуп! Шәеиха! – ҳәа.

– Напышьашәалатәи аисра ҳаналага, – иҳәеит Малиа Зураб, – Лакоба Оҭар ихы ҿаҳәаны даабеит. Саргьы исшәыз сымаҭәақәа ԥыжәжәаны иҟан, скьаҿ ҳәынҵәра  ҿамызт. Исгәалашәоит, Аҟәа аҳҭны-қалақь аҟны 1989-тәи ашықәсқәа раан ақырҭцәеи ҳареи ҳаиҿагылара ашьҭахь, иалагылаз иаҳхаагаз… Усҟан ақырҭцәа Аԥсны рнапаҿы иааргарц шырҭахыз  еилкка иаҳбеит.

– Арӡынба Владислав Григори-иԥа Д.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт данахагыла, ажәлар иҳәаны даннарга Аиба Валериани сареи иара иҿы ҳцеит. Уи ҳашидикылаз, дышҳацәажәаз, иахьагьы лассы-лассы исгәалашәоит. Ҳанеицәажәа ашьҭахь, ус ҳиазҵааит: – Владислав Григори-иԥа, ҳара жәлар рмилаҭтә партиа ҳалоуп. Уаҟа ҳажәлар ргәы иҵхо, ҳазмырҭынчуа азҵаарақәа ықәыргыланы, ҳаилацәажәар, ҳаидкылараҿы иҳахәарҭахоит. Владислав Дуӡӡа иаҳҳәаз акы иаҩмыжькәа даҳзыӡырҩуан. Ицәырҳгаз азҵаара игәы иаахәеит, дадгылеит.

Нас, Аԥсны ахы-аҵыхәа иҟаз аԥсуаа алархәны аизара ду мҩаԥыргеит. Уаҟа еиқәышаҳаҭны  хантәаҩыс Марыхәба Игор Ражден-иԥа далхын. Ашьҭахь, Аԥсны Жәлар рфорум «Аидгылара» анаԥҵаха алахәылацәа зегьы уахь ииасит.

Малиа Зураб Владимир-иԥа ашкол даналга, Гәдоуҭатәи аҵә­ымӷҟаҵарҭатә зауад аҟны  аусура далагоит, нас прорабс диаргоит. Уи ашьҭахь арратә уалԥшьа нагӡаны дхынҳәуеит. Ицәа-ижьы иалаз аҟазара зегьы еицгәарҭон. Аԥсыԥтә оркестр далалоит, раԥхьа «альта», нас «актәи атруба» арҳәаҩыс. Зураб даныхәыҷыз инаркны аԥсуа жәлар рҟазара дазааигәан, бзиа ибон. Изымариан ажәлар рашәаҳәара, акәашара дазыласын.

Аамҭақәак рнаҩс, Қарҭ аполитехникатә институт дҭалеит, аха игәы ззыбылуаз аҟазарахь дхынҳәуеит. Дызҭаз аинститут ааныжьны Қарҭ атеатртә институт (академиатә музыка аҟәша) ахь диасуеит. Уи аниркәша, Гәдоуҭатәи араион амузыкатә школ акыр шықәса инеиԥынкыланы анапхгаҩыс  дыҟан. Аамҭаказы ашәаҳәаратә ансамбль «Риҵа» асахьаркыратә напхгаҩыс аус иуан…

Малиа Зураб Владимир-иԥа ашәақәа маҷымкәа иаԥиҵахьан. Урҭ ажәлар ирылаҵәахьеит, иртә­ыртәхьеит…
– Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, – иҳәеит Малиа Заур, – аԥхьатәи амш инаркны сашьа Зураби, уи иԥа Баграти сареи Начач Владимир икоманда ҳалан. Аибашьра аԥхьатәи амзақәа – ԥшьымз аибашьра аҳәааҿы сшыҟаз сыҟан. Сычмазаҩхеит… Сашьа иԥазаҵә Малиа Баграт Зураб-иԥа 28.08.1992 ш. Гәымсҭа дҭахоит, 23 шықәса зхымҵыцыз, аҭаацәара иаламлацыз…

Малиа Зураб Владимир-иԥа – иарбан аамҭазаалакгьы аԥсуа жәлар рыгәҭа игылаз. Урҭ рхьаа зхьааз. Аҵыхәтәантәи ҳаиқәшәара, иԥсҭазаара алҵразы ҩажәаҟа мшы бжьазар акәхарын. Иара ақалақь ахәҭахьы данааиуаз амузеи даҭаауан. «Агәалашәаратә» уадаҿы иҭахаз ҳҵеицәа зегьы рлакҭа дҭаԥшуан. Нас, игәы ԥшаауа иԥазаҵә Баграт ипатреҭ акыраамҭа дахәаԥшуан. Заураб Владимир-иԥа иуадаҩыз аџьабаа зцыз амҩа данысит. Уи иӷәӷәареи игәымшәареи, Аԥсни аԥсадгьыли рзы иџьабаа дуӡӡеи аԥсуа ҭоурых аҿы иаанхоит.

Малиа Зураб Владимир-иԥа аҟазараҿы иџьабаа ду азы ихҵоуп «Акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иааирԥшыз ахамеигӡаразы ианашьан «Агәымшәаразы» амедал. 

Гугуца Џьыкырба

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image