Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Урыстәыла Алхырҭатә ҭыԥ хада аҳәаанырцә еиҿкаау алхырҭатә ҭыԥқәа рзы аинформациа акьыԥхьит. Урыстәыла атәылауаа рыбжьы рҭиир рылшоит Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхрақәа раан цәыббрамза 20 рзы 152 тәыла рҟны 319 алхырҭатә ҭыԥ рҟны.
Аԥсны абжьыҭара мҩаԥыслоит 35 алхырҭатә ҭыԥ рҿы, аԥыжәара рыҭоуп ауааԥсыра зышьцылахьоу абжьыҭирҭа ҭыԥқәа. Уи цәыббрамзазы ареспубликаҿы иҟало иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауааи атуристцәеи рырманшәаларазы иҟаҵоуп. Аҳәаанырцә алхырҭатә ҭыԥқәа еиҿыркаауеит адипломатиатә хаҭарнакрақәа-Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭақәа. Абжьыҭира рхы аладырхәыр рылшоит рхаҭара шьақәзыргыло адокумент ала Урыстәылатәи атәылауаҩра змоу.
«Аԥсны хыԥхьаӡара рацәала ауаа Урыстәылатәи атәылауаҩра рымоуп. Дара рзгьы Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа абстракттә политика акәӡам — иалкаау усқәоуп. Абарҭқәа зегьы ишиашоу ҳара иалаҳхуа акурс иадҳәалоуп. Ауаа рыбжьы ҭирала иаадырԥшуеит Урыстәылеи Аԥсыни рыҿиарамҩа хьаас ишрымоу. Ҳара сынтәа алхырҭатә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара иацаҳҵеит, ауаа ирзыманшәалахарц, хара ацара рықәымшәарц азы. Ҳара иаҳуалуп доусы ибжьы раҳарц азы иҳалшо зегь аҟаҵара», - ҳәа ахҳәаа ҟаиҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков.
Зынӡа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан ашәҟәы иҭагалоуп 4436-ҩык акандидатцәа.
Урыстәыла жәларбжьаратәи анаԥшцәа рзы ааԥхьарақәа нанашьҭит 100 инареиҳаны атәылақәеи 12 жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рахь. Нанҳәамза 20 рзы алахәхара шьақәдырӷәӷәеит 55 тәылеи аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа. Аԥсны иҟоу алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы аҳәаанырцәтәи анаԥшцәа алахәхоит абжьыҭира амш аҽны-цәыббрамза 20 рзы.
Аҟәа, Ахьӡ-аԥша апарк аҿы, Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 18 шықәса аҵра аҳаҭыраз имҩаԥысит 1992-1993 шш. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа.
18 шықәса ҵит Урыстәыла аганахьала Аԥсны Ахьыԥшымреи аҳәынҭқарратә суверенитети азхаҵахеижьҭеи. 2008 шықәса август 26 азы Апрезидент Дмитри Медведев Иусҧҟала Урыстәылатәи Афедерациа официалла иазханаҵеит Аҧсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Аахыҵ-Уаҧстәылеи. Д. Медведев иҟаиҵаз аҳәамҭаҿ иаҳәоит:
Апроект нагӡоуп Урыстәыла акультура аминистрра, акультуратә аԥшьгарақәа рзы Ахада ифонд, Аԥсны Аиҳабыра, ареспублика акультура аминистрра рыцхыраарала.
Аоперативтә еилацәажәара мҩаԥылгеит акоррупциа аҿагыларазы азакәанԥҵара анагӡара азини ахылаԥшреи русбарҭа аиҳабы Зарина Соблирова.
Аекономика аминистрра ишаанацҳауа ала, ареисқәа бжьазаауеит мчыбжьык ахь хынтә — ахашеи, ахәашеи, амҽышеи. Шәачантәи идәықәлоит асааҭ 09:00 рзы (аҭалара иалагоит асааҭ 08:00 инаркны), Аҟәантәи — асааҭ 17:00 рзы (аҭалара иалагоит асааҭ 16:00 инаркны).
Ашәҟәы ианылеит Игор Ушаков, Владимир Фиодоров, Дмитри Мизгулин, Сергеи Соловиов уҳәа авторцәа рырҿиамҭақәа реиҭагақәа. Асахьа ҭихит Р.Габлиа.
Агәырӷьарақәа ирҭыԥ хаданы иҟалеит аҭоурых-архитектуратә ҳәырԥсарра, уаҟа акурорт ауааԥсыреи асасцәеи рзы аџьырмыкьа, агастрономиатә ҩны хәыҷқәа, ахәыҷқәа рзы ахәмарырҭақәа еиҿкаан.
Пицундатәи ауахәамаҿы имҩаԥысуаз афестиваль афбатәи, ахыркәшаратә мшы Амшын Еиқәа аԥшаҳәаҿы еиднакылеит еицырдыруа амузыкантцәеи хыԥхьаӡара рацәала аклассикатә ҟазара абзиабаҩцәеи. Ахыркәшаратә концерт хыԥхьаӡара рацәала ауаа аднгалеит.
Атурнир А иалахәын 56-ҩык ашахматасыҩцәа Аԥсны араионқәа зегьи иара убас Урыстәылантәи рҟынтәи.
Ииуль 3 рзы еиҭарҿыцны иаадыртит Аҟәа, Диоскуриа аԥшаҳәа. Ари аҭоурыхтә хҭыс иаҭааит атәыла Ахада Бадра Гәынба, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Ҭаҭарсҭан араис Рустам Минниханов, Башкорҭостан Ахада Ради Хабиров, аԥыза-министр Андреи Назаров, ауаажәларратә усзуҩцәа.
Асас бзиала шәаабеит ҳәа иаҳәо Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ари аиԥылара аусеицура ду ишадҳәало. Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит уаанӡа иҳәаз апроектқәа зегьы иазгәаҭоу аграфик инақәыршәаны ишынарыгӡо. Ирылацәажәан ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аиҭашьақәыргылареи аргылареи, иара убас аинфраструктуратә проектқәа реиԥш иҟоу ихадоу азҵаарақәеи.
Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com
