Астатиақәа

Аԥсуа школ абду

Аԥсуа школ абду

Иналукааша арккаҩы арҵаҩы, алингвист – аԥсуа школ абду ҳәа изышьҭоу, Аԥсны аҵара аус ауасхыр азышьҭаҵараҿы злагала дуу Фома Христофор-иԥа Ешба диижьҭеи 170ш. ҵит.

Ф. Ешба диит 1856 ш. ииун 22 рзы Бедиа ақыҭан. Иқыҭа гәакьаҿ алагарҭатә ҵара аниоу, 1874 ш. инаркны Аҟәатәи ашьхарыуаа ршкол дҭалеит. Иҵара анхиркәша Гори (Қырҭтәыла) иҟаз Аахыҵ-Кавказтәи арҵаҩратә семинариа даанахәоит. Уи даналга 1880 ииуль 1 инаркны рҵаҩыс аус иуан Афонҿыцтәи ашкол аҟны, ашьҭахь— Лыхны, Бедиа уҳәа Аԥсны акыр ашколқәа рҟны. 1891ш. Очамчыратәи ҩ-классктәи алагарҭатә ҵараиурҭа деиҳабын. Араҟа ашкол аҿы ахыбра ҿыц аргыларагьы дацхрааит.

Ф. Ешба аԥсуа рккаҩцәа раԥхьатәи рабиԥара иаҵанакуа инарылукааша дреиуоуп XIX ашә.— ХХ ашә. алагамҭеи рышықәсқәа раан. Аԥсуа милаҭтә школ арҿиараҿы илагала ҟаимаҭ азы «Аԥсуа школ абду» ҳәа изырҳәон. Иазгәаҭатәуп иҵаҩцәа дшыруаӡәкыз аԥсуа сахьаркыратә литература ашьаҭаркҩы Д.Гәлиа.
Аԥышәа ду змаз арҵаҩы иҵанакуаз иусурала мацара иҽҭахикаауамызт. Инапы иҵихыз иреиуоуп «Аҭоурых-етнографиатә очерк «Местечко Очамчыры, селения Илори и Беслахубы» (1981). Ф. Ешба «Аԥсуа аԥхьара»(1906) авторцәа дыруаӡәкуп, иара убас иара иоуп аҳасабтәқәа раԥхьаӡа аԥсышәала еиқәзыршәаз. Аҳасабтәқәа ҭыжьын 1910 ш., атираж 1200 цыра ыҟан. Апрактикаҿы уи зегьы инарҭбааны ахархәара аиуит, зехьынџьара хархәага бзианы иҟалеит. Аамҭақәак рашьҭахь аҩынтәраангьы иҭыжьын. Ф. Ешба иҭижьыз арҵага шәҟәқәа ирыхьӡын: «Аҳасаб шәҟәы Аԥсны Ашколқәа рзы (1907), « Ашәҟәы аԥхьара аԥсышәала, аԥсацәа рышколқәа рзы» (1908).

Арҵаҩы иааиԥмырҟьаӡакәа аҵара-ааӡара аус инапы алакын, ,илагалагьы шьардоуп. Ҷыдала далахәын адин литература иаҵанакуаз аԥсшәахь аиҭагара.
Аԥхьаӡа иргыланы Ф.Ешба хықәкыс иман анхаҩцәа рыхшара аҵаралашарахь ркылгара ацхраара, уи даара ишхәарҭоу деилыркаара.

Ф. Ешба инысмҩа даара иҭбаауп. 1919 ш. акәзар, август инаркны 1921 ш. март азынӡа Кәыдрытәи ауезд аҟны аҵара аҟәша деиҳабын. Ашколқәа дырҭаауан, рҭагылазаашьа ҭиҵаахьан. Дахьнеилакгьы изгәдуны дрыдыркылон, ақыҭақәа рҟны ҳаҭыр ду иқәын. Арҵаҩцәа ҿарацәа гәцареикуан. Аҵара аус аҟны аҭагылазаашьа аҩаӡара ашьҭыхраҿы арҵаҩы ибзоурахоз даара ибзианы еилкааны иман. Фома Христофор-иԥа еснагь дымҩақәҵаҩын, дабжьагаҩын, аметодика аганахьала ирыҵеиҳәоз рацәан.

Арккаҩы, арҵаҩы ихааныз изларҳәоз ала, аҵара бзиа змаз, акультура ду злысхьаз, доуҳала ибеиаз аԥсуа интеллигенциа дырхаҭарнакын. Ақыҭа школ арҵаҩы аҵара аус аҟны иааникылоз аҭыԥ инарҭбааны дахәаԥшуан. Арҵаҩы аҵаҩцәа ирызнеиго амаҭәар инаҷыданы ихаҭа идырра амҽхак акыр иҭбазаароуп ҳәа иԥхьаӡон. Хымԥада, иидырша ракәны ишьон: ақыҭа нхамҩа, анхаҩы ибзазашьа, иҵас-иқьабз, атрадициақәа. Избан акәзар, шьахәла еилкааны иман идунеихәаԥшра арҭбаараҿы шаҟа ицхыраагӡаз, насгьы ахәыҷқәа рааӡараҿы хәарҭара ду шалаз.
Ихаҭа ақыҭақәа рҟны аус аниуаз ашколхәыҷқәа апрактикатә усура иазхьаирԥшуан. Идирҵон ашәыреиҭаҳашьа, аихаҳашьа, ашәырааӡашьа, ауҭраҭых иаҵанакуа рзеиҭиҳәон. Анхацәагьы идыррақәа рыгирхомызт, анхамҩа аус аҟны аԥҟарақәа деилиркаауан, иабжьагажәақәа рыдыркылон. Анхацәеи иареи еизаагәан, анхара-анҵыра иацу аџьабаа идыруан, патугьы изақәын.

Ирҿиаратә усураҿы ахатәы бызшәа ҷыдала дазнеиуан. Ихы иаирхәон аҵарауаа рҳәамҭақәа, ишьақәдыргылахьаз аметодика. Урҭ раԥхьа иргылон К. Д. Ушински, В. Г. Белински, ихаҭа рҵаҩыс имаз Д. Д. Семионов. Дацклаԥшуан иара убас ахәыҷқәа алеишәа бзиа рылааӡара.
Ф.Ешба иҩызцәа рахь ииԥ­хьаӡоз дреиуан еицырдыруаз арҵаҩы П.Ҷараиа.

1956 ш. «Аԥсуа школ абду» Ф. Ешба диижьҭеи 100 шықәса аҵра аиубилеи азгәаҭан. Уи амҩаԥгара аԥшьгаҩцәас иаман Аԥсны жәлар рпоет Д. Гәлиа, А. Ҷоҷуа уҳәа. Аиубилеи азгәаҭара иазкны агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» («Аԥсны») 1956 ш., апрель 4 рзы ианылеит ажурналист С. Сангәлиа истатиа.
Ф. Ешба иҵаҩцәа иреиуаз, ашьҭахь еицырдыруа ҵарауаҩны иҟалаз Ш. Инал-иԥа иҩуан: «Исгәалашәоит, 1926 шықәсазы акәын. Сара аҵара сҵон Очамчыратәи алагарҭатә школ аҟны. Уи уажәыгь Очамчыра ақалақь аҟны Амшын Еиқәа иӡыхгылоуп. Сара ақалақь ахь раԥхьаӡа иааз қыҭа хәыҷын. Усҟантәи Очамчыра, сара ақыҭаҟынтә иааз ахәыҷы, даараӡа џьашьахәтәыс исыман. Еиҳараӡак амшын сыршанханы саман… Ақалақь аҿы избоз, исаҳауаз, схыхны саман,абжеиҳан аурок аҿгьы убри акәын сзызхәыцуаз…

Очамчыра ақалақь аҟны иааит аҳәаанырцәынтәи сасцәақәак. Аҵаҩцәагьы ҳрыман ицеит асасцәа иахьырԥылоз. Ашьшьыҳәа иааҭынчрахеит. Иалагеит амитинг… Дықәгылеит Фома Христофор-иԥа… Исгәалашәоит иажәа алгамҭаз аԥсышәалагьы абас шиҳәаз: «Бзиала иаауа – бзиала шәаабеит».
Ареволиуциа ҟалаанӡа аԥсуа интеллигенциа раԥхьатәи абиԥара иаҵанакуаз Фома Христофор-иԥа Ешба ҩашьара ақәымкәа ишьҭа аанижьит. Уи иԥсҭазаареи, иҵара-ааӡаратәи ирккаратәи усуреи ҿырԥшыганы иҟазаауеит еиҵагыло абиԥарақәа рзы. Аамсҭахылҵшьҭра еиуаз арҵаҩ ду илшамҭақәа инарҷыданы Аԥсуара дазгәдуны иныҟәигон, имилаҭтә хдырра ҳаракын, ихыԥша хара инаҩуан.

Арҵаҩ ду иԥсҭазаара далҵит 1928 шықәса маи 21 рзы. Анышә дамадоуп Агәыбедиа ақыҭан.

В. Ажәанба

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image