Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аиубилеитә рыцхә ус баша гәаларшәага рыцхәны иҟазар шауа еиԥш, иҟалалоит уи агәалашәара аҳәаақәа ирҭыҵны, изызку ауаҩы ихаҭара амҽхаки, аҭоурых аҿы инижьыз ишьҭеи, дзыхьӡази, дызхьымӡази рылацәажәареи еихшьаалақәак рзуреи ианазкугьы. Убас, ашьҭа ду нзыжьыз, аха иԥсы анҭаз ахӡыргара бзиа ишимбоз еиԥш, иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахгьы лассы-лассы зыӡбахә ҳамҳәақәо дреиуоуп, дыҟазҭгьы нанҳәамза 17 рзы 80 шықәса зхыҵуаз Руфбеи Ебжьноу. Рауф, ус акәын иара изааигәаз ишиарҳәоз, аԥсуа литература иналукааша акритикцәа дреиуоуп, аиҭагаҩ, алитератураҭҵааҩ, ауаажәларратә- политикатә усзуҩ, аха зегьы ирыцкыз-аԥсуа цқьа ҳәа ззырҳәоз, зыламыс иахымԥоз, уи абжьы зхаз аҵеицәа дреиуан.
Аԥсуа қыҭа ԥшӡа Блабырхәа 1946 шықәса нанҳәамза 22 рзы анхаҩы иҭаацәараҿы ииз, иқыҭантәи абжьаратә школ иҿырԥшыганы иалгаз, уи ашьҭахь Аҟәатәи арҵаҩратә институт иҭалаз…
Ишдыру еиԥш, 2024 ш. аԥсуа сахьаркыратә литература ауасхыр азышьҭазҵаз, Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150 ш. аҵра иазкны Аԥсны Ахада Иусԥҟа инақәыршәаны иаԥҵан атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ хантәаҩыс дзауз аҳәынҭқарратә комиссиа. Аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла акомиссиа ашҟа инанашьҭыз азҵаарақәа иреиуан Д.И.Гәлиа иҩымҭақәа ҿыцны рҭыжьра. Акомиссиа аӡбамҭа анаднакыла ашьҭахь ашәҟәқәа рҭыжьра анапы ианҵан Аԥсныҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа, иахәҭаз ахарџьгьы азоужьын.
Ақьалақь Фырхаҵа Гәдоуҭа, жәытә-натә аахижьҭеи, иарбан аамҭазаалакгьы аӡәгьы иҿаԥхьа ишьамхнышымгылеит. Аԥсны ахы-аҵыхәа саркьаҵас Арӡынба Владислав Григори-иԥа ибжьы ҳашьхақәа ирхыԥрааит, адунеи иқәыҩҩит: – Шәнеибац! – ҳәа ахацәа рашәа нагӡо аибашьра амҩа ианылеит. Аԥсны ԥшӡа ахақәиҭтәразы «Ԥхьаҟа!» ҳәа аибашьра хлымӡаах иналагылеит.
Алитератураҭҵааҩы Владимир Дарсалиа аҧсуа ҭҵаарадырраҿы ҩашьара ақәымкәа зышьҭа аанзыжьыз дыруаӡәкуп. Уи ззанааҭ иазыҟаҵаз, зыхшыҩ ҵарыз, акультура злаз алитературатә ҭҵаареи акритикеи рҿы аҧышәеи аҟәыҕареи змаз, хара инаҧшуаз ҵарауаҩын.
Ауаџьаҟ агәгәаҳәа амца ҭан. Зхалазаҵәык аҩны иҩназ аԥҳәыс алахьеиқәра зныз лхы-лҿы ааиҭалкын, ус лҳәеит: —Икахәхәа-кахәхәа, аӡә дубар егьы духашҭуан. Аҵара, адырра бзиа-зегьы дара ирылан. Адгәыр рыцҳа, ҳаӷацәа ирыхәлабгаз… Иаб иҩны еихаӷәаца игылан. Аха иара иҩны даҽакала ибон, убри аҟынтә игылаз ықәихит. Аҿыц ашьаҭа инаркны иԥсахны, ҩбаны ишьҭихит. Ҵаҟа ашьҭаларҭа ахьыҟаз, асасааирҭеи, акрыфарҭеи ҟаиҵеит. Хҩык ахшаара: Адгәыр, Даур, Фатима ҳааӡеит. Адгәыр зҩны знапы адкылаз, иццакуаз, аӡырҩра злаз иакәны изҳауан. Аибашьра мыжда игәахәтәы дахьнамгӡеит…
Ахәыҷқәа ршәарҭадара зегьы ирыцкуп
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ҳџьынџьуаа хәыҷқәа рзы ес-ԥхынра еиҿнакаауеит аԥсшьаратә лагер «Ахьышьҭрахь».
Аҟазара абзиабаҩцәа иԥшьоу ныҳәак еиԥш иаднаԥхьалеит хәы-змаӡам аҭыхымҭақәа ҳзынзыжьыз Сергеи Михаил-иԥа Габелиа исахьақәа рцәыргақәҵа «Аԥсуа иашәа». Уи мҩаԥысуан Аԥсны асахьаҭыхҩцәа русумҭақәа ргалереиаҿы.
Аԥсны атуризм аҿиара ҳаналацәажәо, иҳәатәуп, уи иацнеиуа ахырхарҭақәагьы ҿиалар шахәҭоу. Знык иадамхаргьы, сасра иаахьоу, ма ицахьоу дазхәыцхьеит, Аԥсны иадҳәалоу маҭәарк гәаларшәагас изгари ҳәа. Иҟоума иахьа, ҳазхыҽхәаша аҭыԥантәи асувенирқәа, изеиԥшроузеи дара рхаҭабзиара, рыхәқәа, иҟазҵода? Иаагоу акәзар, аџьармыкьа абанӡадырбеиауа, аҭыԥантәи иареи еиҩыргои? Абарҭ азҵаарақәа рҭак ҳашьҭалоит …
Аԥсуа ҟазара ҭоурых аҿы иалкаау аҭыԥ аанызкылоз, еицакра зқәымыз, зыбжьы ҿаца Аԥсны иалыҩуаз, Дәрыԥшь ақыҭан, аҳабла Тәанихәа, 21.07.1941 ш. ииз, Леонти Арзамеҭ-иԥа Гәынба, иуси иџьабааи дуун.
Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com
