Алитератураҭҵааҩы Владимир Дарсалиа аҧсуа ҭҵаарадырраҿы ҩашьара ақәымкәа зышьҭа аанзыжьыз дыруаӡәкуп. Уи ззанааҭ иазыҟаҵаз, зыхшыҩ ҵарыз, акультура злаз алитературатә ҭҵаареи акритикеи рҿы аҧышәеи аҟәыҕареи змаз, хара инаҧшуаз ҵарауаҩын.
Убри иерудициа ҳаракы иҧсабаратәны иацын абас иҟаз ахаҭашьатә ҟазшьа бзиақәа, игәы разын, аҧсҭазаараҿы зегьы ирыцку аиаша нбан дула акәын ишибоз. Бзанҵы данышәомызт ииашамыз, иуаҩрамыз, ауаҩра иаҧырхагаз, аламыс лазырҟәуаз иарбанзаалакгьы. В. Дарсалиа, аҧсуа патриотк иаҳасабала иҳараку аҩаӡараҿы дгылан, иҧсадгьыли ижәлари рҿаҧхьа иарбан ҭагылазаашьазаалак иныруан иҭакҧхықәра, насгьы дшәо, дырҳауа, дхьаҵуа дыҟамызт.
Ҳәарас иаҭахузеи, уи ус изиҟазшьарбагаз зынӡагьы иџьашьатәӡам, избанзар, даҽакала ҟалашьагьы имамызт аҧсуа жәлар рышәҟәыҩҩы бзиахә Ӡаӡ Дарсалиа иҧа. Уи аханатә дааӡан иҧсадгьыли ижәлари рыбзиабара илаҵаны, агәадура иманы.
В. Дарсалиа сара дызбеит 1957 шықәсазы Аҟәатәи аҩбатәи аурыс школ ибзиаӡаны далганы, А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҭоурых-филологиатә факультет данҭала. Аиуара ҳабжьалаанӡагьы, сара ҩызак иаҳасабала, уи ҷыдала сизааигәахеит ҳастудент шықәсқәа раан. Иҟалап уи хыҵхырҭас иамазҭгьы Гәыҧ ақыҭа иалиааз, схәыҷаахыс зҩымҭақәа гәахәара дула сзыҧхьоз, бзиа избоз ҳашәҟәыҩҩы иҷкәын ахьиакәыз. Уигьы акыр аҳәон ҳаиҩызараҿы.
Усҟантәи аамҭазы, Аҟәа ақалақь аҿы ахыц-ҩыц инхоз аҧсуа интеллигенциа рыхшара рхатәы бызшәа дара ишырҭахыз ирҵартә еиҧш алшара рымамызт, рышкол заҵәы акәзаргьы Бериа имаҵуарқәа иадыркхьан. Абри абас шакәызгьы, В. Дарсалиа Аҟәа ииз, иааӡаз, дзыхшаз иан дшаурысызгьы, аҧсуа бызшәа ибзианы иахьидыруаз аҟнытә, ныррак иҧхаӡа схы-сгәаҿы иннажьуан ҳаиҩызара иацхраауа аҟынӡа. Иахьагьы, иацы акәушәа, сыла ихымҵуа ихгылоуп дыҧшӡаӡа, ахаареи агәыкреи иҵаны, илакҭақәа аҟәыҕара рыҵубаауа истудент шықәсқәа раан иҩызцәа аҿар данрылагылаз. Нас рацәак мҵыкәа Хәыхәыт Бҕажәба иабхәында Борис Ҷоҷуа иҧҳа Жаннеи иареи рынасыҧ еиларҵеит. Уи ашьҭахь иаргьы саргьы еиҳагьы лассы-лассы ҳаиқәшәо ҳалагеит Андреи Мақсим-иҧа Ҷоҷуа иҩнаҭа ду аҿы. Уаҟа акәын иҧшәмаҧҳәыс, иҩыза гәакьа Жанна дахьааӡаз, лаб усгьы 30-тәи ашықәсқәа дрыладырӡхьан…
Игәцарактәу, изхаҵгылатәу, имырӡтәу ауаҩы дыҧсаанӡа ижәлар рдоуҳатә мазаразы иҟаиҵаз, иҭынхаз ауп. Ари аганахь, иаҳҳәар ами аиаша, Владимир Дарсалиа аҧсуаҭҵаараҿы, ҷыдала ҳлитератураҿы ихьӡ зларҳәаша хәарҭара злоу аусумҭақәа иҭынхеит.
В. Дарсалиа иҭҵаарадырратә усумҭақәа: астатиақәа, аочеркқәа, амонографиақәа ирымоуп ҷыда ҟазшьак, уи атәы азгәамҭакәа цашьа, высшьа ыҟаӡам, насгьы акы, урҭ рхықәки рҵаки инагӡаны иузеилкааӡом: ҩбагьы, даҽа ҧсыуа критикк, литератураҭҵааҩык иҿы иуҧылаӡом, ихҧахаз: ус иҟоу аҵарауаҩ ҳмилаҭ сахьаркыратә литература даҭахын (иахьагьы иҟалап еиҳагьы даҭахызар). В. Дарсалиа критикк, литератураҭҵааҩык иаҳасабала обиект хадас, мамзаргьы маҭәарс имаз аҧсуа сахьаркыратә литература наукала аҭҵаара акәын. Араҟа уи, иҵабыргыҵәҟьаны, илиршаз рацәоуп, амала иахьа уажәраанӡа ишахәҭоу иҭҵаам, ахәшьара аҭам умҳәозар.
Аҧсуа литература иазкыз иҭҵааратә усумҭақәа иҩуан урысшәала, ҳмилаҭ литература аӡыргаразы, аҳәаақәа рырҭбааразы. Аха еиҭагоу аҧҵамҭақәа ракәмызт уи дзыхцәажәоз, иҭиҵаауаз (аҧсшәа ззымдыруа аҧсуаа шьоукы-шьоукы ишыҟарҵо еиҧш акәымкәа). Уи иҭиҵаауан урҭ злаҧҵоу аоригинал ахаҭа даҧхьаны. Ус шакәу шаҳаҭра руеит ари аҵарауаҩ инапы иҵыҵыз, акьыҧхь збахьоу иҩымҭақәа зегьы. Ари акыр аҵанакуеит, иахьагьы еиҳа иактуалтәуп ҳсахьаркыратә литературазы.
Ихьааугартә иҟоуп иҕәҕәамҭа дышҭагылаз, илиршашаз, ҳлитература иҵегь дызлацхраашаз, излаӡыригашаз кыр ҳәатәы, ҩтәы шимаз иҧсҭазаара ахьқәашьдахаз. Ҳазшаз, иҳақәиҭу ус лахьынҵас ииҭазар акәхап! Аха, насыҧны, иҟоуп аҧсра иазымго – уи ҳаҧсуа литератураҭҵаареи ҳкритикеи рҿы иҭынхаз хәарҭара рыланы иахьыҟоу.
В. Дарсалиа ихаҭашьатә ҟазшьа аанарҧшуеит, илаз ахӡырымгара арҵабыргуеит абри аҿырҧшы. Абар, уи инапала ииҩыз иавтобиографиа заҟа еилацаланы, «уаҩдурак» аҵумбаааӡо еиқәыршәоу:
«Сара, Дарсалиа Владимир Владимир-иҧа сиит Аҟәа 1936 шықәсазы. Салгеит Аҟәатәи абжьаратәи аурыс школ 1957 шықәсазы. Сҭалеит Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҭоурыхтә-филологиатә факультет, сагьалгеит 1962 шықәсазы. 1962 шықәса раахыс аус зуеит Аҧсуа институт аҿы. 1975 шықәсазы исыхьчеит акандидаттә диссертациа. 1989 шықәса раахыс Аҧсуа институт адиректор ихаҭыҧуаҩыс сыҟоуп».
Уи зынӡагьы игәалаимыршәеит абжьаратә школгьы аинститутгьы ибзиаӡаны дышрылгаз, аҧсуа шәҟәыҩҩы иҩнаҭаҿы дышиз, уҳәа ибиографиа зырҧшӡо афактқәа.
В. Дарсалиа инапы иҵыҵыз иҭҵааратә усумҭа хадақәеи истатиақәаки иаадырҧшуеит уи заҟа далаҧшны идыруаз, иҭиҵаауаз ҳмилаҭ сахьаркыратә литература, насгьы урҭ рҿы имҩашьо иубон ҭҵааратә абиектны, теманы ишьҭихуаз заҟа актуалра рылаз, заҟа алитература иаҭахыз. Ус шакәу ҳанаҳәоит, зегьы ҳарҟәаҵыргьы, «Аҧсуа советтә драматургиа» ҳәа хьӡыс изманы 1968 шықәсазы Қарҭ, ашәҟәҭыжьырҭа «Мецниереба» урысшәала иҭнажьыз амонографиа амацарагьы. Абри ашәҟәаҿы ҳлитератураҭҵаараҿы зегьы раҧхьаӡа акәны монографиатә ҟазшьала иҭырҷҷааны иҭҵаауп асовет аамҭазы (1919-1959) шықәсқәа раан, адунеи збаз, даҽакала иуҳәозар, акьыҧхь заархаз, асценатә ҧсҭазаара зауз аҧсуа драматургиатә ҩымҭақәа. Акыр шықәса зымҽхазкуаз ари аиҧш атема ҭбаа ҳлитератураҭҵаараҿы аӡәгьы иара иҟынӡа нацәақәкыла инапы алаимкыцызт, ус иалкаау ҩымҭақәак хазы иганы ирыхцәажәон акәымзар. Ус анакәха, В. Дарсалиа иҭҵааратә усура хациркит, исахьаркшәа иуҳәозар, ҳлитература аҿиара апроцесс аҿы «ишьҭыхым адәаӡа» ала. Ашәҟәы «Аҧсуа советтә драматургиа» аҟны инарҵауланы ирыхцәажәоуп ҳаамҭазтәи аҭҵаарадырра аҩаӡараҟны иҩаган аҧсуа сахьаркыратә литература ҩынҩажәа (1919-1959) шықәса рыҩныҵҟа иаланагалаз адраматә ҩымҭақәа.
Иҵабыргыҵәҟьаны, иаҵанакуа аамҭала уахәаҧшуазар, аҵарауаҩ иаҧиҵаз имонографиа «Аҧсуа советтә драматургиа», ари ҳмилаҭтә драматургиа аҭоурых зҳәаз раҧхьатәиуп. Уи ҳаҧхьаҟа ҳдраматургиа аҭоурых ҭызҵаауа изгьы акыр ишьаҭаны изыҟалоит дҳәаақәнаҵартә еиҧш. Абри аусумҭа анҭыҵызгьы акритикаҿы ахәшьара бзиа аҭаны иахцәажәеит аҵарауаа аӡәымкәа-ҩыџьамкәа.
Аҧсуа сахьаркыратә литература аҿиара аҭоурых аҿы илагала бзианы иҟалеит В. Дарсалиа аҩбатәи имонографиа ду «Аҧсуа проза 20-60-тәи ашықәсқәа». Уи ҭыҵит 1980 шықәсазы. Ари ашәҟәаҿы тема хаданы автор иқәиргылоит 20-тәи 60-тәи ашықәсқәа ирҭагӡоу аамҭазы аҧсуа литература иаланагалаз апрозатә ҩымҭақәа сахьаркыратә критикала рыҭҵаара.
Аҵарауаҩ А. Аншбеи В. Дарсалиеи хаҭалагьы еиҩызцәа бзиақәан, ус шакәу арҵабыргуеит урҭ еицырҩыз, урысшәала иҭыҵыз рмонографиақәа: «Самсон Чанба» (1985), «Миха Лакрба» (1979). Араҟа авторцәа аҧхьаҩцәа еилыхха иҟоу бызшәала иреилдыркаауеит аҧсуа литература аклассикцәа досу изнысыз рыҧсҭазааратә мҩа, рлахьынҵа, иацҧыҳәаны, насгьы иласу стильла анализ рзыҟаҵаны иҭырҵаауеит ашәҟәыҩҩцәа рзы зегьы реиҳа ихадароу рырҿиамҭақәа, нас урҭ иааныркыло аҭыҧ аҧсуа литератураҿы.
Араҟа аӡбахә мҳәакәа узавсуам В. Дарсалиа иаб Ӡаӡ Дарсалиа изы ииҩыз амонографиагьы. Уи ҭыҵит урысшәала Аҟәа, ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аҟны 1988 шықәсазы, иахьӡуп «Ӡаӡ Дарсалиа», акритикатә биографиатә очерк асериа иатәуп.
В. Дарсалиа инапы иҵыҵит иара убас абаҩхатәра злаз ашәҟәыҩҩы Владимир Агрба иҧсҭазаареи ирҿиамҭеи ирызку амонографиа. «Владимир Агрба», иҭыҵит урысшәала, Аҟәа 1974 шықәсазы. Араҟа раҧхьаӡа акәны инагәылаланы иҭҵаауп афактқәеи, архивтә документ ҿыцқәеи, аҩыратә хыҵхырҭақәеи рхархәарала Владимир Агрба иҧсҭазаареи ирҿиамҭеи. В. Дарсалиа ишәҟәы «Ауаҩы дуаҩызарц» (Аҟәа, урысшәала 1982 ш.) акәзар, еиднакылоит зҩаӡара ҳараку астиль агьамала иҩу алитература-критикатә статиақәа маҷымкәа.
Иаҳхысыз ашәышықәса 80- тәи ашықәсқәа раан еиҳагьы тематикала амҽхак арҭбааит, идеиа-сахьаркыралагьы аҽарҵаулеит Владимир Дарсалиа илитератураҭҵааратә усура, икритикатә лаҧшҳәаа. Ус шакәу лабҿаба иаҳәоит 1986 шықәсазы ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аҟны иҭыҵыз алитература-критикатә статиақәеи аочеркқәеи реизга «Аамҭа аҿаҧхьа аҭакҧхықәра».
Аҵарауаҩ иҟаиҵаз алкаақәа, ахәшьарақәа, иахьагьы еицакра рымамкәа, рҵакы хада мыӡуа аҧсуа литератураҭҵаареи акритикеи рҿы амч рымазаауеит. В. Дарсалиа апериодикаҿгьы имаҷымкәа икьыҧхьхьан еиуеиҧшым алитература-критикатә статиақәа. Урҭ зегьы аҧсуа сахьаркыратә литература ҧсҟыс иамоу аҧсуа шәҟәқәа, ажәакала, ҳдоуҳатә культура арҿиараҿы ихымҧадатәны ишьҭнахуа азҵаарақәеи апроблемақәеи ирызкуп, ҳашәҟәыҩҩцәеи урҭ раҧҵамҭақәеи уасхырс иазышьҭаҵаны. Аҧсуа ҭҵаарадырраҿы, инеизакны аҧсуа культура аҿиара аҟны злагала рацәоу аҵарауаҩ Владимир Владимир (Ӡаӡ)-иҧа Дарсалиа ихьӡ еицакра ақәымкәа иаанхоит.
Руслан Қапба

