Ԥхынгәы 11 азы, Аԥсны ижәытәӡоу ақалақьқәа руак - Очамчыра амш азгәаҭара иазкыз аныҳәамш еиҿкаан ақалақь аԥшаҳәаҿы. Аныҳәа есышықәса иазгәарҭоит ԥхынгәымза аҩбатәи асабшаҽны. Сынтәа ақалақь 2526 шықәса ахыҵит. Аныҳәа амҩаԥгара заа рҽазыҟарҵахьан. Апрограмма инақәыршәаны иазԥхьагәаҭан аиԥыларақәа, ақәгыларақәа, еиуеиԥшым ацәыргақәҵақәа.
Ари аҽны араион Ахада Алхас Кациа идикылеит Урыстәылантәи иааз аиашьаратә қалақь Мичуринск ахада Максим Харников наԥхгара зиҭоз аделегациа. Аусутә еиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, анапхгаҩцәа инаҵшьны иазгәарҭеит ақалақьқәа рыбжьара аусеицура иҵегь арӷәӷәара ргәы ишҭоу, уи акультуратәи аекономикатәи еимадара азы алшара ҿыцқәа шаанартуа. Анаҩс, аиԥылара иалахәыз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа ашҟа рхы дырхеит, уаҟа имҩаԥысит ашәҭқәа рышьҭаҵара. Аусмҩаԥгатә иалахәыз минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит аиааира зхы ақәызҵаз аԥсадгьыл ахьчаҩцәа.
Ақалақь амш еиднакылеит Очамчыра араион ауааԥсыреи асасцәеи, аныҳәа аиҿкааҩцәа ирылшеит зымҽхак ҭбааз, хәыҷи-дуи иргәарԥханы рхы зладырхәыз аусмҩаԥгатәқәа. Урҭ мҩаԥысуан ақалақь агәаны еиԥш, амшын аԥшаҳәаҿгьы. Уаҟа иаатит ақыҭанхамҩатә цәыргақәҵа, уи рхы аладырхәит 30 - ҩык рҟынӡа ақыҭанхаҩцәеи анапҟазацәеи. Асасцәа алшара рыман аԥсуа чысхқәа ргьама абара, анапҟазацәа раалыҵқәа раахәара. Аныҳәа мҩаԥысуан амилаҭтә цәа аханы, ашәаҳәарақәеи, акәашарақәеи аныҳәа иалахәыз зегьы агәахәара ду рнаҭеит. Иара убасгьы, ахәыҷқәа рзы агәырҿыхагатә программа еиҿкаан: хәыда-ԥсада ахаа-мыхаақәа ршареи, анимациатә программеи.
Аԥсуа бираҟқәа кны ақалақь амҩадуқәа рҿы инеиааиуаз аныҳәа ацәаҩа ҷыда арҭон. Аныҳәатә программа зырбеиаз хҭысны иҟалеит Очамчыратәи амцарцәаратә ҟәша шәышықәса ахыҵра иазкыз ацәыргақәҵа. Ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи аҭагылазаашьа роуит Очамчыра аиқәырхаҩцәа шәышықәсалатәи рҭоурыхи ргәымшәареи зныԥшуа, лассы-лассы иуԥымло архивтә документқәа, аҭоурыхтә фотоҭыхымҭақәа,еиуеиԥшым аҳамҭақәа, амцарцәаратә техника аҿырԥштәқәа ирыхәаԥшыртә еиԥш.
Ахәылбыҽха, аныҳәатә концерт иацнаҵеит аклассикатә музыка. Аусмҩаԥгатә ацеремониатә хәҭа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыӡрашәа ала иаартын. Ақалақь ауааԥсыра рыдныҳәалареи, аныҳәатә гәалаҟара рыцеиҩшареи рзы иааит атәыла анапхгара, Аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара-Апарламент Ахантәаҩы Лаша
Ашәба, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба. Атрибуна аҟынтәи иаԥхьан Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Очамчыра ақалақь ауааԥсыреи Аԥсны аҭоурыхтә раион иқәынхоуи рахь иҟиҵаз адныҳәаларатә. "Ижәытәӡатәиу ари ақалақь аҭоурых ашәышықәсақәа ирықәлоуп. Ҩ-нызқьи бжаки инареиҳаны шықәса раԥхьа, ҳера ҟалаанӡа IV ашәышықәсазы Амшын еиқәа ахықәан ишьаҭаркын ажәытә бырзен полис Гиуенос – ҳаамҭазтәи Аԥсны иахьаҵанакуа раԥхьатәи ақалақьқәа ируаку,
Кавказ антикатә дунеи иадызҳәалоз ахәаахәҭреи, мшынла аныҟәареи, анапҟазареи ирцентр дуны иҟаз. Очамчыра аҭоурых ду аҩныҵҟа иҟан аизҳазыӷьареиԥш, аԥышәара дуқәагьы раамҭақәа.Убас шакәгьы, уи ахаҿреи иамоу ахатә ҷыдарақәеи еснагь еиқәырханы иааргон зықалақь гәык-ԥсыкала бзиа избо ауаа. Абжьыуатәи Аԥсны иагәҭылсоу Очамчыра аԥсуа традициақәа, ахатәы бызшәа, аиҳабацәа ҳаҭыр рықәҵара, аџьа абзиабара еиқәырханы иаазго жәабала ақыҭақәа еидызкыло раионуп. Абраҟоуп ҷыдала иахьуныруа абиԥарақәа реимадара, уи иабзоураны ҳҭоурыхи ҳбызшәеи иахьагьы рыԥсы ҭоуп, аҿиара иаҿуп. Ари аныҳәамш аҽны Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Очамчыреиԥш, Аԥсны зегьы ахақәиҭтәра зхы ақәызҵаз Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара аҿаԥхьа ҳаҭырла ҳхырхәоит.
Урҭ ргәымшәареи рхамеигӡареи наунагӡа ҳгәалашәараҿы иаанхоит. Иахьа Очамчыра шьаҿа ӷәӷәала аҿиара амҩа ианылеит. Ақалақь есааира иҿиоит, ауаа рыԥсҭазаара аиӷьтәразы алшарақәа раԥҵара мҩаԥысуеит. Аха, Очамчыра ахаангьы мал хаданы иҟан, иагьаанхоит уи иқәынхо ауааԥсыра – зықалақь бзиа избо, хьӡи-ԥшеи згым уи аҭоурых иазгәдуу, аԥеиԥш бзиа ачаԥараҟны злагала ҳараку ауаа. Акрызҵазкуа абри амш аҽны очамчыраа дуқәа гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, аҭынчра, анасыԥ, ақәҿиара ҿыцқәа».
Владимир Делба хаҭала Очамчыра ауааԥсыра аҭынчра, аԥхарра, аманшәалара, ҩнаҭацыԥхьаӡа аизҳазыӷьара рзеиӷьеишьеит. Ашықәсныҳәа азгәаҭара хыркәшахеит ареспубликаҿы иаԥхьагылоу аҟазаратә гәыԥқәеи аԥсуа естрада аеҵәахәқәеи злахәыз аконцерти, Очамчыра аԥшаҳәа аҟынтәи ишьҭыз, уахынлатәи ажәҩан амцабз ду ала изырлашаз афеирверкқәеи рыла.
Милеҭынтәи ҳера ҟалаанӡа VI ашәышықәсазы арахь иааз абырзенцәа ақалақь Гиуенос ашьаҭа ркит ҳаамҭазтәи Очамчыра ахьыҟоу аҭыԥ аҿы. Ара ажәытәтәи ауаҩы дынхон хә-нызқь шықәса раԥхьагьы, уи шьақәзырӷәӷәо археологиатә ԥшаахқәа ыҟоуп, аха хаз қалақьны ишьақәгылеит VI ашәышықәса актәи азбжа инаркны ҳәа иԥхьаӡоуп. 1935 шықәса рзы Очамчыра амшынтә баӷәаза аргылара ианалага, еиуеиԥшым аамҭақәа ирыҵаркуа акультуратә ҿыгҳарақәа аарԥшын, уаҟа иԥшаан ажәытәӡатәи анхацәа рыԥсыбаҩқәа, зегь реиҳа ақәра змоу , аҵарауаа ражәақәа рыла, ахәбатәи азқьышықәсахьы иаҵанакуеит. Аҵарауаа ара лассы-лассы ирԥыхьашәоит усҟантәи аамҭақәа ирыҵанакуа акрызҵазкуа аԥшаахқәа. Абри атәы рҳәоит шықәсырацәала Очамчыра иахьаҵанакуа арехологиатә ԥшаарақәа ирылахәу аҵарауаа. Аԥсны беиоуп атәыла аҭоурых аазырԥшуа, ажәытәӡатәи аамҭақәа рзы аҭыԥан иқәынхоз ажәларқәа ртәы еиҭазҳәаша, макьана иҭҵаам аҭыԥқәа рыла. Иара убас, ирацәоуп ҳазхыҽхәаша, акыр шықәсқәа инеиԥынкыланы аусурақәа ахьцо, ажрақәа раан иԥшааз амаҭәарқәеи, аԥсыжрақәа рылеи зҵакы дуу аартрақәа ахьыҟаҵаз аҭыԥқәа. Урҭ иреиуоп, иахьа Очамчыра захьӡу, Гиуенос ҳәа жәытәхьӡыс измоу Аԥсны Мрагыларатәи ақалақь. Гиуенос аԥхьа аҭыԥ иахьӡыз иахьа иҳаздырӡом. Аха, уи иаанагаӡом Гиуенос шьақәгылаанӡа араҟа аӡәгьы дынхаӡомызт ҳәа. Ҩнызқьи хәышәи ҩажәи фба шықәса зхыҵуа Очамчыра хар амамкәа аҭоурых шыҭҵааугьы макьана даараӡа ирацәоуп иҵегь иаарԥштәу, иҭҵаатәу. Иахьа шьаҿа ласыла зекономика ҿио, ессааира зыҽзырҭбаауа Очамчыра ақалақь, Аԥсны атуристә қалақьқәа инарылукаашақәа ишреиуахо азы гәыҩбара узыннажьуам арахь ԥсшьара иаауа рхыԥхьаӡара есышықәса иахьеиҳахо. Араион аҿы атуризм аҿиара иахьаҿу анаҩсгьы, ари ақыҭанхамҩатә раион дуқәа иреиуоуп, араҟа ақыҭа аусхк ҩ-напыкла аҿиара амҩа иануп.
Ҵыԥх, Очамчыра ақалақь амшныҳәа азгәаҭара иақәыршәаны иаартын араион иаҵанакуа, Маркәыла ақыҭан иҟоу иаарту амузеи- «Маркәылатәи аиланхарҭа». Ари аҭыԥ антикатәи аамҭахьы иаҵанакуеит, иара Аԥснытәи Аҭыӡду иазааигәоуп. Араҟа иҟоуп ажәытәӡатәи абааш - «Алаҳаш». Иара IV–VI ашәышқәсқәа рахь иаҵанакуеит. Аҵарауаа ражәақәа рыла еиқәханы иҟоуп Аҳ итәарҭа ацәаарақәа. Аҵарауаа аԥхьаҟа аус ду рзыԥшуп, избан акәзар, гәыҩбарада еилкаауп аҭыԥ ҳҭоурых азы хәы змоу амаӡақәа ҭаҵәахны ишамоу.
Маркәылатәи аиланхарҭа ԥшаан 2013 шықәса рзы. Ҳҭоурыхҭҵааҩцәа ражәақәа рыла, аиланхарҭа иахьаҵанакуа иԥшаау артефактқәа ишьақәдырӷәӷәоит ари аҭыԥ аҿы аԥсуаа шынхоз, урҭ ара ишыҟаз Амшын Еиқәа иӡхыҵыз аколонизаторцәа цәырҵаанӡагьы. Ҳәара аҭахәума, ари акыр зҵазкуа аартраны иҟоуп ҳҭоурых азы.
Убасгьы, акыр шықәсқәа инеиԥынкыланы Очамчыра адгьылҵакыраҿы, ажәытәӡатәи Гиуенос иахьаҵнакуа археологиатә ԥшаарақәа мҩаԥысуеит. Урҭ аусурақәа зызку ари ажәытәӡатәи абырзенцәа рполис аҭоурых аҭҵаара ауп. Ари аҭыԥ аӡбахә ҳәоуп ҳера ҟаалаанӡатәи аамҭахь иаҵанакуа ахыҵхырҭақәа рҿы.
Гиуенос адгьылҵакыраҿы ажрақәа аҵак ду рымоуп Аԥсны аҭоурых аҭҵааразы ҳәа иԥхьаӡоит аԥшаарақәа напхгаҩыс ирымоу аҵарауаҩ Аркади Џьопуа. 2021 азы араҟа археологцәа ирыԥшааит 5-6-тәи ашәышықәсақәа рахь иаҵанакуа, аԥсыбаҩ зҭаз асаркофаг. Ари Аԥсны азы иуникалтәу ԥшаамҭоуп, избан акәзар, ас еиԥш иҟоу анышәынҭрақәа уаанӡа араҟа ирымбацызт. Аҵарауаа излазгәарҭо ала, уа анышә дамазар ауан аҭыԥантәи аамысҭцәа рхаҭарнак, ма иара асаркофаг ахьыԥшааз аҭыԥ-ажәытәтәи ауахәама амаҵ азызуаз, иадҳәалаз аӡәы. Аха, ҳҵарауаа ргәаанагара ала, уи ажәытәан инхоз ауаҩы акыр зыӡбоз, дгьылҵакыра дук аҿы зажәа ԥхылдаз иакәны дыҟан. Избан акәзар, асаркофаг харантәи иаагоуп, уи араҟа иҟаҵаӡам. Асеиԥш асаркофагқәа Кавказ иаахьаҵанакуа иԥшааӡам, иара иеиуақәоу Англиа, Франциа уҳәа аҳәынҭқарра дуқәа рҟны ауп иахьыҟоу. Аҭҵаарақәа зегьы рышьҭахь, аԥсыбаҩ зҭаз асаркофаг аҭыԥ ахь иргьежьын, иахьыԥшааз анышә еиҭамадан. Ажрақәа раан иара убас, ажәытәӡатәи аамҭа иаҵанакуа аҭыԥантәи акерамика ԥшаан. Ари аартра иаԥсахуеит абырзенцәа роуп ари ақалақь еиҿызкааз ҳәа иҟоу агәаангара, уи иаанарԥшуеит ари ақалақь абырзенцәа раԥхьагьы ишыҟаз, насгьы урҭи аҭыԥантәи ауааԥсыреи рыбжьара аимак-аиҿак шыҟамыз, ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаны ҭынч ишеицынхоз. Аҭоурыхҭҵааҩцәа изларҳәо ала, Гиуенос аҭҵаара археологцәа ирнаҭоит зеиԥшыҟам алшара Мрагыларатәи Амшын Еиқәа аҿацә аҭоурых аҭҵааразы. Аҩажәижәабатәи ашықәсқәа рзы ихацыркыз археологиатә ҭҵаарақәа ирыцҵоуп аекспедициатә усурақәа, Аԥсны акультуратә ҭынха аиқәырхареи аҭҵаареи рҿы ихадоу ароль нарыгӡоит.
Елана Лашәриа

