Аԥсны , Аԥсны!
Сыиахьагьы уа уыла иҭәны
Иыиыст, Аҧсны!
Еихсыҕьра зқәым умцаны
Сара усыҕрауп, Аҧсны!
Уымбадара сзычҳауам,
Уыгәхьаасгаӡеит, Аҧсны!
Ных, шьҭа сыблааит уымцала,
Уысзычҳахуам, Аҧсны!
Хаҭа заҵәык адәы сықәуп,
Уыла сҭәы, сыуцәыхара,
Уыда хәыцырҭак змау ауаа
Са сырцәыхара.
Уыда хәцырҭак змам
Саҧсыуаагьы сцәыхара.
Адәы сықәуп сбылуа,
Абзанҕьара сцәыхара!
Ари амҩасшьи хареи
Арс ҳабанӡа еибаркәрлаша!
Ҳанцәа ҳазшаз – иазымхои –
Цәгьы мчы абанӡа халаша?
Тәылеи жәлареи абарсӡа
Иабанӡа еизынхьылаша?
Ма стәыла уҿы сыҧсында,
Ма суызхьаауа сыбзазааит!
Уара убара сҧеиҧшымзар
Сышузхьаауа сыбзазааит!
Уара ухашҭра сзыгәыҕьуам,
Уысхамышҭырц сыбзазааит!
Уыгәхьаа иага саблыргьы, саблааит,
Уымца салазааит!
Хашҭрауп цәыӡрас иҟаӡау,
Наӡаӡа сгәы уҭазарауп.
Гәы ҭазара бжа ниарауп, сгәы уҭаз,
Уысцәымӡыӡарауп.
Мчыла ҳаимырхт, ҳаибатәыуп,
Ҳзышьҭа заҵәыу еибаиыухрауп,
Ҳанцәа ҳазшаз иаҧыиҵеит:
“Аибаиыура еишьҭазароуп.”
Уымца харҧны уысшәында
Ных сҳәарымызт, Аҧсны!
Уымца гәаҕьны усыҕразааит,
Сгәыҕра ҧымҵәааит, Аҧсны!
Мамау, мамау, сгәыҕра ҧҵәам,
Зны ҳаибаиыухп, Аҧсны!
Ҳаиниахп, аха уаанӡагьы
Уышҧа сычҳарыи, Аҧсны?
Зны иысҭахыу бзазарауп,
Сыла уабахрымеишь ҳәа.
Зынгьы ҧсрауп иысҭахыу,
Сыҧсы уабахрымеишь ҳәа!
Абарҭ аҩба рыуакы
Ауыҟамлахра зны ҳәа,
Сгәыҕуа сныҟәаоит, ҳаибаиыухп,
Иабацарыи зны ҳәа.
Аԥсшәа
Аҧсышәа аиҧшы бызшәа кәаза
Дгьылтәылангьы ианым.
Уыи наӡаны иыздыруа
Изаламҳәара ҟаларым.
Иалаичаҧаз ажәацкгьы
Иазҟазау изы тәымхарым,
Имаҳацзаргьы иыниаҳалакь
Изымдыркәа даанхарым.
Аҧсыуа жәлар атәым тәылақәа
Иыҧсаҟьаны ирылаҧсауп,
Еишьеи еижьреи зеибамбауа,
Иеизынхьыуа иеизрыцҳауп,
Тәым ажәала раҧсшәақәа
Еицәыхазхар ирыцҳауп...
Гәреибагареи, еицхыраареи,
Еибааӡареи рыбжьалааит,
Даусы ртәылеи рхатәышәеи
Рықәиҭзаара раӡалааит!
Даусы ртәыла алахьынҵа дара
Ичаҧао игәырҕьалааит,
Еизгәакьара дыу рыбжьалааит,
Ҧсы еизыцәгьара рыбжьамлааит!
Агәылацәа жәларқәа мау
Ахараагьы ирыхәалааит,
Аицгәырҕьара гәы еизыбылра
Шахҿыиаауа рхамышҭлааит!
Ныҳәаҿаны абрыи шаҳҿакыу
Тәымгьы ҩнатәгьы ихарҵалааит:
“Аҧсыуаагьы ираҕацәамгьы
Аҵәыуара рҧеиҧшымхааит!”

