Аԥсуаа ражәа иалаҵаны ирҳәоит «Ацгәы аԥа аҳәынаԥ акуеит» ҳәа. Ари ажәаԥҟа аҵакы ҭбаауп, ацгәи аҳәынаԥи рымала ракәӡам изызку, уи аҿырԥшы ухьанарԥшуеит дызусҭзаалак иеиҳабацәа зҿу аус шырҿиҵаауа, ишрымидо ахь.
Аиашазы, ахәыҷы дшыхәыҷу инаркны иҭаацәара аҟны иибо, иаҳауа шьҭикаауеит. Уи иани иаби рыхныҟәгашьа, рыбзазашьа дагәыланамхаларц залшом.
Аишьцәа Арсоу, Арноу, раҳәшьа Нара Гәажәаа Аҟәа ақалақь аҟны иит, инхоит. Арсоу ихыҵуеит 11 шықәса, Арноу – 10, Нара – 8. Урҭ аҵара рҵоит Ефрем Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ аҟны. Арсоу аҵара инамаданы, дныҟәоит адаул асра аҵарахьы, иара убас абокс ахь. Арноу 5 ҳәа, даара ибзианы ихиркәшеит ахәбатәи акласс, англыз бызшәа бзианы ицааиуеит, ҷыдала иҽазыҟаиҵоит. Нара – аматематика аҿы лыҽԥылшәоит. Шьоукы уи гәхьаасгьы ирымам, аха рыхҩык рхатәы бызшәа бзианы ирдыруеит, аԥсышәала ихәыцуеит, рбызшәа ахархәара арҭоит, аҭаацәараҿгьы излеицәажәо, аԥыжәара змоу, аԥсуа бызшәа ауп. Иҟоуп уаҩ дзеигәырӷьаша даҽа хҭыскгьы. Уи – ақыҭа иахьадҳәалоу, агәбылра ахьрымоу ауп. Рабшьҭра рџьынџь ахь – Хәаԥҟа ацара Арсоуи, Арноуи, Нареи рзы еиҳау ныҳәа ыҟам. Еснагь гәҭыхас ирымоу Хәаԥҟа ацара ауп. Хәаԥҟа шәаҳгоит ҳәа ианургәыӷ, урҭ рхымҩаԥгашьа шыбзиоугьы, еиҳагьы аиӷьтәра иацклаԥшуеит.
Арсоу даара Хәаԥ аҟазаара шиҭахугьы, уахь ацара анбааиуеи ҳәа амшқәа шиԥхьаӡогьы, абокс ахь аҽазыҟаҵарақәа ирыхҟьаны аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа рзы инеиԥынкыланы уа даангылартә аҭагылазаашьа имам. Аха мчыбжьык ахьтә ҩымш-хымш, данҭацәу ақыҭахь аанҿасра дцоит. Уа даннеиуагьы баша дтәом, ақыҭа ԥсҭазаара ихы алаирхәуеит, илшо ала дыцхыраауеит, аанда ахьдырҽеиуа аҵәҩан ааигоит, аҵәымӷ риҭоит, џьара ажьаҳәа, арыҭәа уҳәа маҭәахәык рҭаххар ахьышәҭҳәа ирызнеигоит. Хаҭала, Арноу сынтәа аԥхын ашкол ишоурыжьыз еиԥш ианду Наала лахь Хәаԥҟа дцеит, аԥсшьара мшқәа нҵәаанӡа Аҟәаҟа схынҳәуам иҳәеит. Аамҭа кьаҿк ала Арноу ақыҭа ԥсҭазаара дашьцылеит, дагәыланахалеит, агәбылра икит, иани иаби аннеиуа Аҟәаҟа дыргар ҳәа дацәшәаны, – заа ианду дрымгартә дазыҟаиҵо аҟынӡа.
«Сара исызҳар ақыҭахь нхара схынҳәуеит, ақалақь аҿы аиҳа ара ибзиоуп, аҳауа цқьоуп, аӡыхь ааигәоуп, абаҳча ссир ыҟоуп, ақыҭанхамҩа иадҳәалоу аусқәа рынагӡара сгәаԥхоит, аинтерес сзаҵоуп, сацәаашьаӡом. Хаҭала, бзиа избоит аиха хәыҷы ала амҿы анԥысҟо, џьара лабак анысцәуа», – иҳәоит Арноу уаниҿцәажәо.
Арноу ашьыжь асааҭ ааба рзы дҿыхоит, нас изыԥшу аҳәарақәа бжьба абаҳчахь иҭеиҵоит. Хазы иалкааны имоуп алахь аҟны ишкәакәаны агәы асахьа змоу.
Сара Арноу «Аԥсуа нхаҩ хәыҷы» ҳәа ахьӡ исҭеит. Уи шамахамазар усда дтәаны дубом. «Ашьыжь уцәала», – ҳәа иоуҳәаргьы мап, «нанду» слыцхраароуп ҳәа аҭак уиҭоит.
Иара дхәыҷны, ақыҭа игәы даара иазыбылуа, дагьаманшәаланы данааба, «уара иутәуп ари анхара, агәараҭа, ара уаԥшәымоуп», – ҳәа иаҳҳәеит ахәыҷы. Уи нахыс еиҳагьы дцыхцыхуа азҿлымҳара ааирԥшуа далагеит.
Иаауа-иаҳҳәо зегь рҟны адунаӡа иеиԥш дыԥхьаӡаны ҳиазҵаауа ҳалагеит.
Ааигәа, ахәсхәа аҵхра саналага, «ара саргьы сшынхо бхабмыршҭын, схәы ааныжь», – иҳәеит Арноу дыччо. Уи рынхараҿы ак рыгхар ҳәа дшәоит. Ашҭа шәҭыла арԥшӡараҿы Арсоуи Арноуи ирыбзоуроу рацәоуп. Урҭ аҳәарақәа ирымфарц азы араса махәқәа рыла иԥшӡаны икәдыршеит.
Ахәыҷқәа зегьы, ҳәарада, бзиа ирбоит аԥстәқәа, арахә-ашәахә даара ирызҿлымҳауп, ала, ацгәы зынӡа ирҿыԥсаауеит.
Арсоу алаҳәарала иԥшааит аласба хәыҷы, уи Арноу дахылаԥшырц, нас ианазҳалак ашҭагәара ахьчарц Хәаԥҟа изнаагеит. Аласба Џьекс ҳәа ахьӡ аиҭеит Арсоу. Ахәыҷқәа реиԥш аҭаацәара зегь бзиа иаабоит, ҳашьцылеит Џьекс. Абасала, Џьексгьы ҳҭаацәара иахәҭакхеит.
Ақыҭа агәбылра, абзиабара уи уалааӡамзар иузышьҭкааӡом. Иахьеи уахеи иубо, узлагылоу ауп згәыблра уоуа. Еиҳарак ушхәыҷу ақыҭа уанадԥхьалахалак, иузцәырҵуеит агәбылра, уалашьцылоит, иагьузааныжьӡом. Аиашазы, Аԥсуара аԥсы ахьҭоу аԥсуа қыҭа аҟны ауп, ақыҭаҿы иааукәыршаны иҟоу, узлагылоу зегь Аԥсуароуп, аԥсуа-цәа рыҟәнуп. Еиӷьу иҟоузеи аԥсуа иашҭаҟны забшьҭра иацызҵо Арноу хәыҷ иеиԥш иҟоу аԥсуа нхаҩ хәыҷы данхандеиуа. Гәеизҳарас иҟоу зегьы иреиҳауп аԥсуаҵасла, аԥсуа ибзазашьа аҿиара азҭо абиԥара ҿа ангыло. Усҟан имыӡӡеит, еиқәхоит Аԥсуара, аԥсуа қыҭа, аԥсуа́ ихәышҭаара.
Алиса Гәажәҧҳа

