Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Иахьа аԥхьаҩ идызгало агәалашәарақәа знызаҵәыкгьы џьара еиҭасымҳәац, сҭаацәаҵәҟьагьы ирыздыруам. Иаԥхьогьы сырзеилымкаар ҳәа сшәоит, аха аҵакы шәнырып ҳәа сгәы иаанагоит.
1992 шықәса, август 14 рзы аԥсуа жәлар аҟазаареи аҟамзаареи аамҭа инеины инҭагылт. Иҳақәлаз аӷа иганахьала аԥсуаа ахаан ҽеи ишазԥшымызгьы, уи аҽны аибашьра иалагоит ҳәа аӡәгьы дыҟамызт.
Аӷа џьаԥҳанылеи уааԥсыралеи имч акыр ишеиҳазгьы, ҳаҷкәынцәа гәымшәақәа рхы-рыԥсы иамеигӡа напышьашәалаҵәҟьа ақәылаҩ иҿагылт. 413 мши ҵхи ицоз аибашьра аҟны иҭахеит зықьҩыла ҳҵеицәа хазынақәа. Иҭахеит аԥсуа жәлар ацхыраара анырҭахха иарӷьажәҩаны ирывагылаз хатәгәаԥхарала Аԥсныҟа еибашьра иааз ҳашьцәа.
Иҭахаз ргәаладыршәарц, ашәҭқәа шьҭарҵарц Аҟәа, Ахьӡ-Аԥша апарк ашҟа инеит Аԥсны Анапхгара, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, аҿар.
Август 14 алахьеиқәҵареи агәалашәареи ирымшны иаанхоит аԥсуа жәлар зегьы рзы.
Август 8 азы Аахыҵ-Уаԥстәыла аибашьра ианалагаз инаркны 18 шықәса ҵит. Уи иаиуит даҽа хьӡыкгьы – «хәымыштәи аибашьра». 2008 шықәса август 8 ауха икахха ацәа алаз Цхинвали уи акәша-мыкәшеи ақырҭуа ар «Град» ҳәа изышьҭоу аибашьыга бџьар ала ахымца рыжәырҵеит. Хықәкысгьы иҟаз акакәын, ареспублика цҟьа-шәҟьа ақәҵара.
Анзор Мықәба. Анатолиатәи ажәабжьқәа. (Ароманқәа, аочеркқәа).
Владимир Делба. Ауахәамеи, астадиони, апарки рыбжьара. (Ажәабжьқәа).
Асасцәеи ақалақь ауааԥсыреи амш зегьы иалагӡаны игәылҭәаау апрограмма рзыԥшуп. Астадион хадаҿы аҭыԥантәи атауарқәеи ақыҭанхамҩатә аалыҵи ахьырҭиуа аџьармыкьа еиҿкаахоит, еиуеиԥшым атематикатә ҭыԥқәа аатуеит.
Аицлабрақәа ирылахәын ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи 60-ҩык аспортсменцәа.
XXIV Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит...» аатит Аҟәа, С.Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа.