Ԥхынгәымза 2, 1993 шықәса рзы ақырҭуа архәҭақәа Аҟәа ақалақь ахь раагара аԥхьырҟәҟәаареи уаҟа аӷа ирхәҭақәа амацәаз рҭакреи рзы Тамшь ақыҭан 300-ҩык инарзынаԥшуа рыла ишьақәгылаз арра- мшынтә десант ӡхыҵит. Ԥсҭбарада, аӷа рҽимырбакәа аӡхыҵра аналдырша ашьҭахь, арра-мшынтә десант аибашьцәа урҭ ирзыԥшыз Мрагыларатәи афронт аибашьцәа ирыцлеит.
Тамшьтәи аоперациа аиааира агаразы реиҳа аҵакы змаз иреиуан, уи зегь ззыԥшыз амш арааигәара алнаршеит. Адесант напхгара аиҭон Заур (Лакут) Зарандиа.
Адесант алахәылацәеи Мрагыларатәи афронт аруааи рҽеибыҭаны, астратегиатә ҵак ду змаз амҩаду «Очамчыра-Аҟәа» ааныркылеит, уи алагьы еиԥырҟьеит аӷа ири итехникеи амцашыра иалагылаз Аҟәа ақалақь ахь рынашьҭра. Аҭыԥ аҿы еицымҩаԥыргон хыԥхьаӡарала акыр еиҳаз, бџьарла еиқәных иҟаз аӷа хҩахахак изымҭоз ажәыларақәа. Ҳаибашьцәа ирҿагылан аӷа имотохысратә баталионқәа ааба, итанктә бригада, иартиллериатә дивизион. Бжьаха-бжьымш рыҩныҵҟа аԥсуа ар амҩаду рнапаҿы иаанкыланы ирыман. Иҭархан шәҩыла ақырҭуа гвардиаа, хыԥхьаӡара рацәала арратә техника, хәаҭҳа ҳасабла иган еиуеиԥшым абџьар, аџьаԥҳаны.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Арратә мчқәа Ркомандаҟаҵаҩ хада Владислав Арӡынба Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа Очамчыра араион Тамшь ақыҭан арратә операциа амҩаԥгараан иаадырԥшыз афырхаҵара, агәымшәара, аҟазара ҳарак азгәаҭо, амшынтә десант алахәылацәа, Мрагыларатәи афронт арҟәшақәа, Арра-мшынтә мчқәа аџьшьара риҭеит, еиҳа зҽалызкааз аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьаразы рыхьӡ ҳәан. Владислав Арӡынба урҭ «Хышәҩык Спартакаа» ҳәа рзиҳәеит.
Адесант аӡхыҵра иалахәыз, Леон иорден занашьоу Сергеи Зыхәба шықәсык раԥхьа игәалаиршәон «Ииуль 2, ашарԥаз асааҭ хәба рзы иаҳзалхыз аҭыԥаҿ ҳаҟан, аӡхыҵра ҳҽазыҟаҳҵон. Аха излеилкаахаз ала, иаҳзарбаз аҭыԥ маҷк ҳацәхҟьеит, 500-600 метр раҟара. Амшынԥшаҳәа анаҩс абна уаҩы дзылсуа иҟамызт. Иҳаӡбеит бнала акәымкәа, амшын иаваршәны ҳцарц. Инықәырԥшшәа ҳахьӡхыҵызгьы аадыруан, рацәак бжьамкәа иҟан арҵәыгақәа рышьҭаҵарҭа.
Аӷа ирхәҭақәа амҩаду хада ааныркылон. Иаадыруан жәыларада урҭ ҳшызраҩымсуаз. Ақырҭцәеи ҳареи иаалырҟьаны аиҿахысра ҳалагеит. Сааҭқәак рыла хыԥхьаӡара рацәала ақырҭцәа ҭаҳархеит. Абасала, ҳшеиҿахысуаз, амҩаду ахь ҳкылсит. Уа ҳаннеи ҳҽеиҩаҳшеит, гәыԥ-гәыԥла ҳдәықәлеит Тамшьтәи ашкол ахь ҳхы рханы. Уаҟа ақырҭцәа рыштаб ыҟан. Аҩбатәи рыштаб – Тамшьтәи амаамынааӡарҭа ахыбраҿы. Ҩсааҭк рышьҭахь ауп Мрагыларатәи афронти ҳареи ҳанеибабаз. Нас ҳҽеибыҭаны ашкол ҭаҳарцәит, амҩадугьы, ааигәа ахәыҳаракырагьы аанаҳкылеит. Абри аидыслараҿы аԥсуа еибашьцәа иргеит хыԥхьаӡара рацәала атехника хьанҭа, абџьар, аџьаԥҳаны, уи моу абылтәгьы. Убасҟан ҳара иҳатҟәеит асолдаҭцәа рымацара ракәымкәа, ақырҭуа офицерцәагьы. Аамшы амҩаду нкыланы иҳаман. Адесант ҳус даара иуадаҩын, аха акымзарак хьаас иҟамҵакәа, ҳадҵа наҳагӡеит».
Ԥхынгәымзатәи урҭ амшқәа раан Аԥсадгьыл рхы ақәырҵеит 57-ҩык зхи-зыԥси ирмеигӡаз аибашьцәа гәымшәақәа, еиуеиԥшымз ахәрақәа роуит 153-ҩык Аԥсны аԥацәа.
Очамчыра араион Тамшь ақыҭан имҩаԥгаз адесант аӡхыҵра 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҿы хашҭра зқәым даҟьаны иаанхоит.

