Астатиақәа

Умеибашьын, ҳәа ҳәашьа сымаӡам…

Умеибашьын, ҳәа ҳәашьа сымаӡам…

Ақьалақь Фырхаҵа Гәдоуҭа, жәытә-натә аахижьҭеи, иарбан аамҭазаалакгьы аӡәгьы иҿаԥхьа ишьамхнышымгылеит. Аԥсны ахы-аҵыхәа саркьаҵас Арӡынба Владислав Григори-иԥа ибжьы ҳашьхақәа ирхыԥрааит, адунеи иқәыҩҩит: – Шәнеибац! – ҳәа ахацәа рашәа нагӡо аибашьра амҩа ианылеит. Аԥсны ԥшӡа ахақәиҭтәразы «Ԥхьаҟа!» ҳәа аибашьра хлымӡаах иналагылеит.

Ақалақь Гәдоуҭа ахәаҿы рҽеизыргон ладеи-ҩадеи рҟнытә. Гәазаа Ҷыҷыкәа Шьрыф-иԥа иԥшәма Рима Цәеибеи иареи ҩыџьа аԥацәа рхылҵит: Едгари Оскари.
Аиҵбы Оскар 13.07.1966 ш. Гәдоуҭа ақалақь аҟны диит. 1974 ш. Гәдоуҭатәи №4 абжьаратә аурыс школ дҭалоит.  Оскар ашьапылампыл асра дазҟазан. Уи иазыҟаҵаҩ Шамба Владимир, иара  ихадоу хьчаҩны дҟаиҵеит. Аԥшьбатәи акласс аҿы дантәаз аспорттә школ ахь ихала днеит, иқәманшәалахеит. Уи ицәа-ижьы  иалан, адәаҿы ахәмарцәа дрылыркаауа иалагеит. 

Гәазаа Оскар, – иҳәеит Шамба Владимир, – ҳахьыхәмаруаз ақалақьқәа зегьы рҟны, шамахамзар даанкыларц иҳәон, аха уи зныкгьы дазыразымхеит. Оскар иуаҩра, иҳалалра, ицқьара, ииашара,  иӷәӷәара, илафҳәара, уҳәа еиԥш иҟаз ауаҩы иԥшаара уадаҩын, иуадаҩуп иахьагьы. Оскар изы иҟаҵатәу рацәоуп. Иахьа дҳалагылазҭгьы, сара агәра ганы сыҟоуп, даҽакала ихы шымҩаԥигоз, даҽакала зегьы шыҟазаауаз… Дыгәхьаазгоит ... 1983 ш. иаҳәшьаду Хьмор лԥа Марганиа Даур Мас-иԥа аҵара иҵон Куибышев, Оскар ашкол даналга уахь дцеит хьаҳәа-ԥаҳәада Куибышевтәи аекономикатә факультет, заанаҭла ааглыхҩы – аҳасабеилыргаҩы ҳәа, уахынлатәи аҟәша дҭалоит. Оскар арратә уалԥшьа ақалақьқәа Горкии Бақәеи инаигӡон. Куибышиевтәи аинститут аҟынтә ААУ ахь диасуеит. Уи 1990 шықәсазы қәҿиарала далгоит. Акооператив «Хыԥсҭа» аҟны аусура еиҿикааит. Нас, афирма «Хьыбла» напхгаҩыс диасуеит. Уи ахәҭақәа аброкертә ҭыԥқәа Шәачеи Дагомыси иҟан. Оскар икооперативтә  усура аҳәаақәа дырҭбаауан, иусгьы иқәманшәалахон.

1992 ш. нанҳәамза 14 рзы Гәазаа Оскар иусураҟны дыҟан. Аԥсны аибашьра ишалгаз иазҳәаз Гәынба Осман иоуп. Аибашьра иаҿагыларазы ауаа џьаԥҳаныла еиқәшәамызт. Гәдоуҭа ақалақь азааигәара Урыстәылатәи архәҭа игылаз аԥсуаа ақәлеит. Оскар иҩызцәеи иареи реиҳараҩык абџьар агара рылшеит. Ирҭахыз рнапаҿы ианыҟала, ишиашаз Аҟәаҟа ицеит. Аха аамҭақәак рнаҩс, Гәазаа Оскар Ҷыҷыкәа-иԥа дызлаз акоманда Гагратәи ахырхарҭахь идәықәҵан, еидызкылоз агәыԥ  «Евкалипт», Гарцкиа Авҭандил командирс даман. 

Уи ашьҭахь, «Евколиптаа» Гәымсҭатәи ахырхарҭахь рымҩа хан. Иалахәын Гәуматәи ажәылара. Арԥарцәа адҵа иазԥшын еснагь, ицәгьазгьы, иԥсыҽызгьы, зегьы нарыгӡон. Оскар иблақәа амца рхын, игәы еицҳауан. Уи иаанкылара уадаҩын.
Хәажәкыра 15-16-тәи ажәылара аан, аидыслара ӷәӷәа далахәын. Аӷа иҭыԥқәа акыр ԥыржәеит. Ҳаибашьцәа аӡы ируаз, ацхыраара рыҭаразы Оскар илшоз зегьы ҟаиҵеит. Иҩызцәа ргәы шьҭыхуа, драԥхьагылан деибашьуан… Ари ажәылара аанкылан… Иалахәыз аӡәыкны афырхаҵара аадырԥшит. Оскар иааирԥшыз афырхаҵаразы аҟәыҵәа (авзвод) командирс далхын. 

Гарцкиа Автандил напхгара зиҭоз «Евкалиптаа» шьаҿа-шьаҿала ԥхьаҟа  ацара иаҿын. «Асаркьа» ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҟынӡа инеит. Уа иаангыларц,  адҵа риҭеит, аха, адҵа иазымӡырҩыкәа ԥхьаҟа идәықәлеит. Нас, ауп ианеилыркаа раԥхьа аӡәгьы дшыҟамыз. Аус зуаз БМП заҵәык ада. Уи хырҩа амҭакәа 20-ҟа метра ҳаибашьцәа наскьеит. Уи аамҭазы дара рахь, БМП ахы рханы ихысуа аҿаанахеит. Аҩны игылаз ашҟа иҩналаз ҟалеит. Адгьыл рҽаҟаратәны аибашьцәа шьҭан. Аӷацәа хысуанаҵы, аҩны иамҵуаз ахаҳәқәа рыла ҳаибашьцәа хнаҩуеит, иагьеиқәнархеит. Рыԥсқәа ӡаны ишьҭан. БМП анца аӡәа-ӡәала еибаԥшааит. Еицыз 15-ҩык рҟынӡа инаӡон. Ишнеиуаз қырҭуа базшәала аӡәы ибжьы иргеит: – иааиуада! – ҳәа. Аҟәыҵәа (взвод) иалаз Чкотуа  Вадим (Чақ) ақырҭшәа бзиаӡаны иҳәон. Қырҭшәала аҭак ҟаиҵеит: – Ҳара ҳауп! – ҳәа. Ақырҭуа, ус иҳәеит: – убжьы рдуны умцәажәан ҳашьҭахьҟа аԥсуаа аауеит, – ҳәа. – Уааи, ҳаицәажәап! – ҳәа Вадим (Чақ) ианиҳәа, ақырҭуа ԥшьаала дцәырҵит. Уи акәхеит ақырҭуа дытҟәаны дыргеит. Ҳаибашьцәа аҭагылазаашьа шыуадаҩыз рбон. Убри аҟ­ынтә  Гәымсҭа ахықәахь ицарц рыӡбеит.  Оскари Виталии аҽны хәлаанӡа Гәымсҭа ахықә иқәиан, аӷа дааҟәымҵӡакәа дхысуан. – Ахқәа шҳавҟьҟьоз ҳаԥсы Гәымсҭа ахықәанӡа инаагеит. Аибашьцәа хьаҵразы, – иҳәеит Габниа

Витали, – ҳара ҳхахьы ажәылара ӷәӷәа, ҳгеит. Уи иабзоураны зыԥсы еиқәхаз рацәаҩын.
Хәажәкыра 15-16-тәи ажәылара аан Оскар наџьнатә аахыс деибашьуазшәа акәын ихы шымҩаԥигоз. Аԥшыхәра иара дыҟан, ажәыларақәа рыгәҭа дгылан, ихәыз ацхыраара риҭон. Згәы каҳаз игәалаҟазаара ашьҭыхшьа дақәшәон, ахьаҵра анакәхагьы уи алҵшьа иҽақәиршәон. Илафқәа рыла иҩызцәа ахлымӡаах излахаз рлхра илшон… Оскар хәажәкыратәи ажәылара акыраамҭа ихамышҭуа ихаҿы иаанхеит. Хәажәкыра 15-16-тәи ажәылара ашьҭахь маҷк рыԥсқәа ршьарц аҩныҟа иаарышьҭит. Иҩны ашә зегьы рзы иҟьаҟьаӡа иаартын. Иара изааигәаз, аибашьраҿы  иҭахаз рхыԥхьаӡараҿы иҟан: Аҩӡба Фридон, Ҭарба Арзамеҭ, Агрба Зураб, Агрба Џьон, Тәанба Варлам, Гәдалиа Витали…

Аҳҭнықалақь Аҟәа агара мышқәак агын. Аӷацәа бзарбзанла ҳаибашьцәа ирылахысуан. Убри аҟынтә ҳаибашьцәа ажрақәа жны  иҭатәарц рыӡбеит. Оскар ажәҩан даҵаԥшуа хәыцрак далан. Нас, ус ибжьы ааиргеит! – Ҳара шьҭа хымԥада ҳаиааиуеит! – ҳәа. Ашьҭахь ԥыҭрак ҿиҭӡомызт: – Витали, сара сыршьуеит, аха ажәлар нхоит, аԥсҭазаара бзиа ҟалоит, – абасгьы иҳәеит, бзарбзанла ҳаибашьцәа рылахысра иалагеит. 

– Сара, – иҳәеит Витали, – аҭак иҭаха сахьымӡаӡеит. Ҳахьеибашьуазгьы сгәы ихьшәашәаӡа иҭан «Сара сыршьуеит» ҳәа ииҳәаз…  «Евкалиптаа» ацхыраара иаҳәон, аиҿахысра ӷәӷәа ҟалеит. Курченко лхьӡ зху апарк аҟны рҭыԥ ааныркылеит. Зегьы рыдҵақәа рдыруан. Маҷк иҭынчхаз аиҿахысра рыԥсқәа рнаршьеит. Алашьцара иалагеит.

Леиба Витали,  –аибашьцәа уахатәила аӡәгьы шәҽышәмырҵысын, ашамҭазы ажәылара ҳалагоит. Аҷаԥшьацәа шәҽеиҭнышәыԥсахла, шәгәы шәҽаныз, – ҳәа раҳәаны, маҷк ԥхьаҟа инаскьаны итәаз рахь иҿынеихеит. Аха, убри аамҭазы   аӡәы иҳәеит иааигәаны ақырҭцәа шыҟоу, рыбжьқәа шиаҳаз. Шамба Зафас, Габниа Витали, Гәынба Рауль, Оҭырба Баграт, Царгәыш Алхас, Абашиӡе Асҭамыр, Гәазаа Оскар уахь рҿынархеит. Ишнеиуаз рыгәҭаҵәҟьа иалашәеит. Шамба Зафас дырхәит. Оскар иҽеиҵых, дышгылаз дхысуан. – Оскар! Утәа, уиа! – ҳәа ишьҭахьҟа ҿырҭуан, аха акгьы иаҳаӡомызт. Иавтомат иҭаз апатронақәа нҵәаанӡа дхысуан, нас дылахьышьшьит. – Сара схәуп! – ҳәа ибжьы геит данкаҳауаз. Уи ашьҭахь, уаҳа хысыбжьк мгаӡеит, алашьцара аибашьцәа рқьызқьызбжь алҩуан. Гәазаа Оскар Ҷыҷыкәа-иԥа деиҵыхны раԥхьа дышьҭан. Зызхара аԥсҭазаара ззымбаз, аҭаацәара аԥҵара иахьымӡаз. Гәазаа Оскар иҭахара кульминациатә ҭыԥхеит аибашьцәа зегьы рзы. Иара ихьӡала ажәылара ӷәӷәа мҩаԥыргеит. 

Леон иорден занашьоу, аибашьра зегьы иагәылсыз Леиба Витали, ус иҳәеит. – Оскар ибзиаӡаны издыруаз, аибашьраҿы зажәа ылҵуаз, иззыӡырҩуаз, зеибашьышьа ҿырԥшыгаз, ашәара ззымдыруаз, злахьынҵа зхала зҿы иазырҳәаз, алакә фырхаҵа еиԥш иухамышҭуа, аԥсуа милаҭ иргәадуроу, хашҭра зқәым, наӡаӡа иқәыԥшны ҳаԥсуа ҭоурых аҿы иаанхо хаҿсахьоуп…

Гәазаа Оскар Ҷыҷыкәа-иԥа иара дзылгаз Гәдоуҭатәи 4-тәи абжьаратә  школ ихьӡ  ахуп. Уи ашкол, Гәазаа Едгар аиҭарҿыцра ихатәы харџьала иҟаиҵеит. Ихьыҵәцараха, убла хнакуеит. Араҟа аус зуагьы аҵара зҵогьы рзы ибаагәароуп. Уаҟа аҵара зҵо аҵаҩцәа Афырхаҵа дызнысыз амҩа ҭырҵаауеит, еизыргоит, ажәеинраалақәа, ахҭҳәаақәа рыҩуеит. Уахьыныҩнашыло ибиуст чапаны иқәгылоуп. Лассы-лассы  аиԥыларақәеи ахәылԥазқәеи мҩаԥыргоит.

Аԥсны Афырхаҵа Гәазаа Оскар зыжәлар рҿы еснагь иаанхо, ес-ииуа аҿар ирыцило, зфырхаҵарақәа ҿык иҭыҵуа, шәҿык ирҭало, абиԥарақәа еихарҳало хаҿсахьсахьазаауеит. 

Гугуца Џьыкырба

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image