Астатиақәа

Зажәеи зуси цқьаз ауаҩы…

Зажәеи зуси цқьаз ауаҩы…

Аԥсуа қыҭа ԥшӡа Блабырхәа 1946 шықәса нанҳәамза 22 рзы анхаҩы иҭаацәараҿы ииз, иқыҭантәи абжьаратә школ иҿырԥшыганы иалгаз,  уи ашьҭахь Аҟәатәи арҵаҩратә институт иҭалаз…  

Истудентра ашықәсқәа инаркны апоезиатә хәышҭаарахь зшьаҿа  еихызгаз... Арратә уалԥшьа ихганы даныхынҳә, арҵаҩратә мҩа ианылаз,  Мысратәи абжьаратә школ-интернат аҟны ааӡаҩыс аус зуаз…  Блабырхәатәи абжьаратә школ аргылара здырреи  зԥышәеи алазҵаз, акыр шықәса уи ашкол  напхгаҩыс иамаз,  нас Мысратәи аҳабла ахадара  аиҳабыс иҟаз Иура Ҭаҟәҷыҷ-иԥа Ԥкьын иџьабаа даараӡа ирацәан.

Ԥкьын Иура Гәдоуҭатәи араионтә еизара  ԥшь-ааԥхьарак ахантәаҩыс инеиԥынкыланы изныкымкәан далхын. Дызлагылаз ажәлар рҿы пату иқәын. Иарбан зҵааразаалак дахаҵгылон, амҩа иқәиҵон. Дышқәыԥшыз инаркны зыхьӡи зыжәлеи еидкыланы ирҳәо иалагаз, аус зциуаз рзыӡырҩышьеи, рҭахрақәа рхаҵгылашьеи амҩа ақәҵашьеи дақәшәон. Уи ицәажәареи, иҵаулареи, ҩнуҵҟала Анцәа ицишаз иааӡареи наунагӡа дызлагылази дызҿацәажәахьази ирзаанижьуан.

Ԥкьын Иура зыжәлар рымаҵ гәык-ԥсыкала изуаз, амаҵура, аҭыԥ аԥхьа зыԥсадгьыли зыжәлари ирызхәыцуаз, зхала шьаҿа-шьаҿала амардара иаҿысны ахәы ахалара зылшаз… Уи аамҭазы дызлагылаз, аус зциуаз зхазмыршҭуаз Ауаҩԥсыцқьа иакәын, агәыцқьа ҳәа ззырҳәоз уаҩын. Уи  араион ахы-аҵыхәа аҿы ицәырҵуаз азҵаарақәа, араионтә еизараҿы иқәыргыланы далацәажәон. Иарбан еиԥыларазаалак имҩаԥысуаз далахәын, дагәыцәын. Зхатәы гәаанагара аахтны  ажәлар иразҳәоз уаҩы хатәран. Ихаан аусура убас еиҿкаан араион администрациа ахадареи аҟәшақәеи ашықәс аҩнуҵҟа иҟарҵаз аихшьаала ахҳәаа ҟаиҵон. Ирыгыз ирыбзаз адепутатцәа азыӡырҩуан. Ацхыраара ахьырҭахыз ирыцхраауан.

Иаазгар сҭахуп ҿырԥштәқәак.  Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аус зуаз руалафахәы маҷӡан, аха аӡәгьы аусура аанрыжьуамызт. Гәдоуҭатәи акультура аҟәша аиҳабы аҳәара ҟаиҵеит анхарҭа ҭыԥқәа рыла ансамбль  «Риҵа» аусзуҩцәа рыцхырааразы. Иара инапхгареи администрациа  Ахада Ҭаркьыл Саид Радион-иԥеи рыбзоурала  ақалақь аҩнуҵҟа аҩнқәа рыҭан: Аԥсны жәлар рартист Ҳагба Анатоли Абыџба Милиеи, ауадақәа рыҭан Нора Чамагәуеи Ҵышәба  Маринеи.

Ԥкьын Иура акультуратә́ хәышҭаара иазааигәаз, урҭ  рҽазыҟаҵарақәеи рконцертқәеи бжьазмыжьуаз, зылаԥш хаа рыцыз, згәаанагара иазыӡырҩуаз уаҩын. Хыхь зыӡбахә ҳәоу аамҭақәа рзы Гәдоуҭа араион аҟны х-абиԥарак рыла «Гәдоуҭаа» ҳәа ансамбль еиҿызкааз, аҟаза ду Гәымба Ражден Џьгәаҭан-иԥа изы абас ргәҭаҿы иҳәахьан: – Ражден Дуӡӡа  ари ансамбль еиҿикааз, ажәлар  еиднакылеит. Шәазхәыц абырг инаиркны  ақәыԥш иҟынӡа ҟазарыла асценахь рцәыргареи, инеиҵыху  апрограммеи реиҿкаара мариаӡам. Ашәа зҳәои икәашои ауалафахәы роуӡом. Иара аиҿкааҩ мчыбжьык  ҩынтә Аҟәантә даауеит. Ари даара ихҭыс дууп. Гәдоуҭа араион аҟы­нтәи  Аҟәа х-ансамбльки, ахаԥшьгаратә коллективқәа бжьбеи, х-ҭаацәарак рҭаацәаратә  ансамбльқәеи рцәыргара, уи аԥсҭазаара ду амҩа анылара ауп иаанаго.
 

Ԥкьын  Иура  иарбан усзаалакгьы араион иадҳәалаз ибжьы  ақәиргон, ижәлар дрылагылан. Зхы-зыԥсы апоезиа иацыз, уи иацааиуаз, зажәеинраалақәа рӡыргара  аламала иаламцәажәоз, ипоезиа зегьы  иаартны ицәажәоит. Игәыхь, ихьаа ижәлар рахь имоу абзиабара аԥхьаҩ игәаҿынӡа  инеигоит. Иара амаҵурақәа данырхагылаз илшон урҭ  рҭыжьреи иҵегь амҩа ҭбаа рыҭареи. Аха… Иара зхатәы иашьҭамыз, ивагылоу ирыцхраауаз, «сара стәы нас сахьӡап» зҳәоз дреиуан. Иара излеиҳәоз ала, ажәеинраалақәа ашкол данҭаз инаркны иҩуан. Аинститут данҭала акьыԥхьра далагеит. Ишәҟәқәа: «Ацәаҟәа», «Ацҳа ҿыц», «Абахә», «Ахәырбӷьыц» иргәылоу  еихышәшәо, заԥхьара мариоу, иухамшҭуа ухаҿы иаанхоит. Урҭ рахьтә имаҷым рхыԥхьаӡара ашәақәа злырххьоу.

Иура иҩымҭақәеи аԥсҭазаараҿы иҟаиҵаз илагалақәеи ахә ҳаракны иршьозар акәхап. Сара убарҭ зегьы ирылскаар сҭахуп, иахьатәи аамҭазы зыԥшаара уадаҩхаз: Ауаҩреи, Агәыҭбаареи, Аламыси злаз  иаалырҟьаны данычмазаҩха иԥсы злаз ипоезиа аҵыхәтәанӡа ицын. – Сҩыгеи сқьаадқәеи сганаҿы иҟоуп, аха сымчқәа хаӡом… Схы иҭагьежьуа ацәаҳәақәа нҵәаӡом… 

Уи  ҭаацәалагьы дыԥшӡоуп. Иԥшәма Возба Клареи иареи хҩык ахшара рааӡеит. Беслан, Мадина, Гәында. Зегьы, иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылгеит. Аҩнаҿы амоҭацәа ирызҳауеит. Зегьы рыла иԥшӡоуп. Иура  иԥа иара иԥсы изалымхуаз иаб иҭыԥаҿы дынхоит. 

Ԥкьын Иура Ҭаҟәҷыҷ-иԥа 70 ш. анихыҵуаз инарҭбааны Гәдоуҭатәи акультуратә Хан аҟны имҩаԥган. Иқәгылара, усҟан абас ихиркәшеит: – Иҭабуп зегьы! Исылшоз ала сыԥсадгьыл аҟны сыҟан… Акыр сылшазар, акрысзыҟаҵазар  уи зегьы зыбзоуроу шәара шәоуп…
Ԥкьын Иура зышьҭа аҭоурых иазаанзыжьыз, апоезиатә мҩа зҽеиҵых ианылаз, ԥсабарала илаз аҟыбаҩ ажәла икеиԥсаз аԥсҭазаара аиуит. Иара изааигәаӡаз, иҩыза гәакьаз, ивагылаз Мықәба Валери машә́ырла дҭахеит. Уи иҭахара цәгьала изхызгаз рхыԥхьаӡараҿы дыҟан  апоет. Иара ичымзара анилс, иҳәеит: – Валера данҭаха, сара ҩныҵҟала сыблит. Уи ихьаа мыцәаӡо иахьагьы исыцуп… 

Иура игәаҳәарақәеи иҭахрақәеи ируакын ҳажәлар напеикәыршала реицынхара, реидгылара. – Ҳажәлар реиҩшара, ҳара  ишҳақәыӷәӷәо еилыркаароуп. Уи аҩысҭаа дцәыҵатәаны даҳхыччоит. Еилых дҟамҵакәан зегьы ҳшаӡәыкхо, сара  анырра сымоуп… иҳәалон.
Иура Ҭаҟәҷыҷ-иԥа длашаӡа, деихаччо, ибжьы  меиҵыхцәакәа ажәеинраалақәа дрыԥхьон, ишьи-ишьи  еиқәҵо, ижәлар рыгәҭа дшыҟац даанхоит. Уи иажәеинраалақәа ирылху иашәақәа ҳаԥсадгьыл Аԥсны иалыҩлоит, аҿар  уи иацнеилоит.

Нанҳәамза 22 рзы, Ԥкьын Иура Ҭаҟәҷыҷ-иԥа 80 ш. ихыҵуеит. Иара иажәеинраалақәа, Аԥсуа  поезиа антологиа иалоуп. Ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара.

Иџьабааи ирҿиареи ажәлар ирдыруеит. Ега аамҭа  царгьы уи ижә́лар  рыгәҭа  дыҟазаауеит. Ауаҩԥсы даныҟамгьы ижәлар даныргәалашәо, уи иҟаз дрылыркаауан азоуп. Иара ауаҩыцқьа, аиаша иашьҭаз, еснагь злагалажәа зыжәлар ирзызкуаз поетын. Иага аамҭа царгьы, зажәеи  зуси цқьаз ауаҩы ԥсра-ӡра иқәымкәан даанхоит.

Гугуца Џьыкырба

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image