Астатиақәа

Иус хьанҭоуп, аха  иус дууп!

Иус хьанҭоуп, аха иус дууп!

Иарбан милаҭзаалакгьы акы ҳаԥсаханда, мчык ҳаманы, изабалакгьы цҳас ҳҟаҵаны иаҳхысны имцандаз ҳәа згәы иаанагауа, еидгылароуп, рхы еидыркылароуп, рҳәоу еиқәдыршәароуп, ражәа еицнеиуа рҽыҟарҵароуп», ҳәа иҩуан 107 шықәса раԥхьа, аԥсуа доуҳа ауасхыр ашьаҭаркҩцәа ираԥхьагылоу Гәлиа Есыф-иԥа Дырмит.

Иҟоуп аԥсҭазаараҿы, алакә аҟнеиԥш иааџьоушьартә, еилкааралеи лшаралеи еиқәных, иаразнакы «иаацәырҟьо» ахаҭарақәа. Аха, иҟоуп зхыԥхьаӡара рацәаҩым даҽа џьоукы, «зымҩа хароу ҭынч дныҟәоит» ҳәа, мыццакрада,сыжәбома ҳәа рхы ӡырго акәымкәа, иҟәба-ҟәшәо ауаажәларратә-политикатә бзазара «амхуырсҭа ду» амчра иаҵгәаны «зымаҭа» маҷ-маҷ иҩазго. Убас, адунеи иԥсаҟьаны иалаԥсоу ҳажәлар рымҩа-разҟымҩахарц, еицнеиуа ҳҿахәы ажәа ҟасала ахҭа иазназго дреиуоуп, зыгәаӷьра уеилаҳаша ҳџьынџьуаҩ, Ҭырқәтәыла – Измиҭ ақалақь аҟны ииз, иааӡаз, қәрала х-жәашықәеи бжаки иреиҳам Аӡын Џьемил-иԥҳа Ельчин. Ишдыру еиԥш, уи иаҳхысыз ашықәс анҵәамҭазы, лыԥсҭазаара ашәарҭа иҭазыргылоз агәҽанҵарақәа изныкымкәа ишлоухьазгьы, дымшәа-дмырҳа, дырра ҵаулала аамҭа кьаҿлатәи лықәгылара иҭагӡаны, Женева, амилаҭ маҷқәа рзинқәа ирызкны, Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара 18-тәи аилатәараҿы, ҳажәлар згәыцәу ҳтәылауаа, адунеижәларбжьаратәи рзинқәа аԥзырҟәҟәаауа жәпакы азҵаарақәа уи алахәцәа рызнагара лылшеит. Уи гәыблыла издызкылаз аԥсуа жәлар, 2026 ш. февраль алагамҭазы Ельчин Аԥсны данаҭаа ҩаӡара ҳаракыла лԥылара еиҿыркааит Р.Дасаниа ихьӡ зху акультура Гәдоуҭатәи Аҩны аҟны. Иара убас, иҵаулоу ҳаҭырқәҵарала лыдкылара имҩаԥган адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи рҟнгьы.

Ельчин ҩаԥхьа лабдуцәа рџьынџь ахь дааит лԥацәа руаӡәк – Ахра длыцны, ҳазну амаза аԥхьатәи амшқәа рзы, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭққарратә еилакы жәы-шықәса раахыс имҩаԥнаго, Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Ливан, Шьамтәыла, Германиа (сынтәа нахыс),  Нхыҵ-Кавказ – Ҟарачы-Черқьесск, Ҟабарда-Балкариа рахьтә ҳџьынџьуаа рхәыҷқәа Аԥсны разхьарԥшра, уи агәыблра дыркра хықәкы хадас измоу апроект «Ахьышьҭрахь» Ҭырқәтәылан иалахәыз агәыԥ анапхгаҩцәа дыруаӡәкны. Жәамш Аԥсны лыҟазаара иалагӡаны имҩаԥысит адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци лареи реиԥылара. Уи иалахәын убасгьы аминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи арепатриациазы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Багаҭелиеи. Уаҟа Ельчин инарҭбааны далацәажәеит жәларбжьаратәи аҵакыраҿы аԥсуа жәлари, Аԥсны иқәынхо рзинқәеи ркультуратә хаҿра ахьчареи, рыӡбара арманшәаларазы лнапы злаку, гәҭакқәас илымоу. Лымкаала иазгәалҭеит, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаараҟны ишьҭылхыз азҵаарақәа рымҩақәҵараҿы жәҩахыркны ишылзыҟалаз, мышқәак раԥхьа Ҭырқәтәыла зымчхара маҷым аполитикатә мчрақәа иреиуоу «Аџьа апартиа» (EMEk Partisi EMEP) асоциалтә даҟьақәа рҟны иакьыԥхьыз, насгьы уи ахантәаҩы Сеит Аслан инапы аҵаҩны атәыла Ахада Реџьеп Таиип Ердоган ихьӡала инашьҭу, Аԥсны ахьԥшымра азхаҵара алзыршаша аусмҩаԥгатәқәа нап дыркреи, уаанӡа уи атәылауаа жәларбжьаратәи рзинқәа «рҭахкаара» аԥыхразы ашәҟәы. Убасгьы, Ердешан Кобаш-Бга­нба хантәаҩра ззиуа «Аԥсны адгыларазы Кавказтәи аилак» анапхгареи лареи реицәажәарақәа рнаҩс, урҭ атәыла анапхгареи ауаажәларреи, аԥсуа диаспореи рахь: «Анкареи Ермантәылеи ишиашоу аимадарақәа рыбжьаҵара алшазар, аҭоурыхтәи аҭаацәаратәи еимадарақәеи рыла Ҭырқәтәыла иадҳәалоу аԥсуа жәлар рганахьала иҟоу аԥкрақәа еиҿагылароуп. Аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа разхаҵареи Аԥсни Ҭырқәтәылеи ишиашоу аимадара рыбжьаҵареи ҳара ҳзин ауп» ҳәа ихыркәшоу ааԥхьара шыҟанаҵаз. Насгьы ауаҩы изинмчы еилазго аԥкрақәа раԥыхразы, Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистррахь аофициалтә ааԥхьарақәа нарышьҭырц аҳәынҭқарра акоммуникациақәа рсистема CIMER ала.

Иара убас, Ельчин илҳәеит, ииун анҵәамҭазы ҳџьынџьуаҩ, ауаажәларратә еиҿкаара «Ахҵәацәа рызҵаарақәа рымҩақәҵара Асоциациа» ахантәаҩы, адукат, аамҭақәак раԥхьа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны аус зуаз, Аԥсны аԥсуаа ирызкны акымкәа ашәҟәқәа («Страна души – Абхазия», «Абхазия во всех аспектах» уҳәа) ҭзыжьхьоу Аныҭ Папба иаԥшьгарала, Аԥсны атәылауаҩшәҟәы азхаҵареи, Ҭырқәтәылеи Аԥсни амшыни аҳауеи рыла аимадара рыбжьаҵареи рзы, ауаажәлар рацәа злархәхо аусмҩаԥгатәқәа шазԥхьагәаҭоу. Ишыргәиҭоу убасгьы, Ҭырқәтәыла амилаҭтә еизара Ду ашҟа ашәҟәы анашьҭра, Апарламент аҟны «Аԥсны аҩызара Агәыԥ» аԥырҵаразы.

«Стәыла ахьыԥшымреи сыжәлар рхақәиҭреи роуп изызку сыбзазара зегьы» ҳәа зҳәахьоу, зхымҩаԥгашьалагьы уи зырҵабыргуа Ельчин Аӡынба, Ҭырқәтәылаҟа даныхынҳә лҽалалырхәит ииуль 13-17 рзы Женева имҩаԥысыз ишьагәыҭу ажәларқәа рзинқәа рымҩақәҵара иазкыз, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара 19-тәи аилатәара, Измиртәи ачерқьестә культуратә Еилазаара дахаҭарнакны. Ииуль 14, амш актәи азбжазы дықәгылеит, аԥкаанҵа аабатәи ахәҭаҷ инақәыршәаны имҩаԥысыз ашьагәыҭ жәларқәа рзинқәа рыхьчараҿы, иԥсабаратәым ахдырра ахырҳара ахьынӡаҳараку иазкыз аилатәараҿы. Анаҩс, ахәылбыҽха Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Ахеилак ашҟа аексперт механизмқәа инарышьҭуа азҵаарақәа рылацәажәара иазкыз аиҿцәажәарақәа рҿгьы.  Ельчин лықәгыларақәа хацлыркуан алахәцәа аԥсышәала раԥсшәаҳәарала.

Зашәахә наҩхьоу аԥсуа хаҵ­амԥҳәысцәа ируаӡәку Аӡынԥҳа Ҟаимыҭхан лкәал злоу, аҳәатәи аҳәашьеи ибзиаҵәҟьаны ирамароу Ельчин, есымшааирагьы зыццакра уахьымӡо адунеитә политикатә ӡеибафараҟны ҳажәлар, ауаатәыҩса жәларбжьаратәи рзинмчқәа ирызхьысҳамхарц тәамҩахә лымамкәа дазааԥсоит.
«Уус хьанҭоуп, – аха иус дууп!» – ҳәа баша имҳәаӡеит ҳаклассикцәа руаӡәкгьы.

Ельчин лықәгылара: 

Иҭабуп ахантәаҩы. Мшыбзиақәа! 
"Иԥсабаратәым аинтеллект атехнологиақәеи урҭ ажәларқәа ишырныруеи санрылацәажәо, иара убас иазгәасҭар сҭахын лассы-лассы иԥсабаратәым аинтеллект асистемақәа ахьырҵо ииашам, еилыху адыррақәа шракәу иҟоу. Аполитикатә тәамбарақәа злоу адыррақәа анышьақәдырӷәӷәо маҷӡам. Еиҳарак ари апроблема ааԥшуеит сыԥсадгьыл — Аԥсны Аҳәынҭқарра иадҳәалоу адыррақәа рҿы. 

Жәохә шықәса инареиҳаны иҵуеит Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рҳәаа иҭагӡаны Қырҭтәыла мап ацәнакуеижьҭеи Аԥсны Аҳәынҭқарра зинла иаҟароу ганны азхаҵара. Аимак хаҭала иззынархоу аганқәа руак алцара, аҵакы змоу адиалог ашьақәгылара иаҿагылоит, аҭынчра аиура аперспективақәа арԥсыҽуеит. Абас иҟоуп аполитикатә лабҿаба. Қырҭтәыла аҭышәныртәалара иашьҭаҵәҟьазар столк аҿы аиҿцәажәарақәа мҩаԥнагароуп. Иара убри аан Қырҭтәыла аофициалла иҟанаҵо аҳәамҭақәа, ауаҩы изинқәа рызхьамԥшра, ацәымӷра узцәырызго ақырҭуа социалтә ҳақәа рҿы хыԥхьаӡара рацәала акьыԥхьымҭақәа ишьақәдыргылоит иԥсабаратәым аинтеллект асистемақәа ахьырҵо ганкахьалатәи адыррақәа. Ари аҭагылазаашьа ахҟьаԥҟьақәа аполитикатә ҟазшьа мацара акәӡам ирымоу. Аԥсны ирыҭоу адокументқәа разхамҵара аҵареи, аџьеи, аныҟәаразы ахақәиҭреи рзин ԥнакуеит. Урҭ аԥсуа жәлар есыҽны изықәшәо ауаҩы изинқәа рганахьала иҟаҵәҟьоу проблемақәоуп. Ихарҭәаам ма политикала иҵаҵӷәыдоу адыррақәа рыла иазыҟаҵоу иԥсабаратәым аинтеллект асистемақәа ас еиԥш аиҟарамра аԥыхра иазырхам, уимоу, уи шьақәдырӷәӷәоит. Иԥсабаратәым аинтеллект адыррақәа аҳәаахьчаратә хылаԥшра аусхк аҟни арратә хықәкқәа рзгьи ахархәара анрымоу аамҭазы, жәларык рдокументқәа разхаҵареи урҭ рышьақәырӷәӷәареи рыпроцедурақәа ирыхҟьаны ирызхьамԥшыр ҟалаӡом». 
Иҭабуп!

Ахра Анқәаб

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image