Аԥсуа ҟазара ҭоурых аҿы иалкаау аҭыԥ аанызкылоз, еицакра зқәымыз, зыбжьы ҿаца Аԥсны иалыҩуаз, Дәрыԥшь ақыҭан, аҳабла Тәанихәа, 21.07.1941 ш. ииз, Леонти Арзамеҭ-иԥа Гәынба, иуси иџьабааи дуун.
Гәымба Леонти дшыхәыҷыз аҟазара амҩаду данылеит. Уи игәалаиршәон: – Ҳахьынхоз ақыҭан хәылԥазыла еизон. Ажәабжьқәа инеиҭак-ааиҭакуа еиҭарҳәон, алафқәа пату ақәҵаны ирҳәон, нас ашәаҳәареи акәашареи рахь ииасуан. Даара аҵх акыр инеиаанӡа еидыҵуамызт, гәырӷьаран, ччаран. Саргьы урҭ зегьы еидыҵаанӡа, иҟарҵоз џьашьаны, слымҳақәа кыдҵа сырзыӡыруан. Сара сеиԥш урҭ абыргцәа аҿаргьы рылан, Гәымба Ражден дназлаз. Абраҟоуп сара ашәаҳәареи акәашареи ргьама ахьыскыз. Ашкол санҭала ақыҭаҿы еиҿкааз ахаԥшьгаратә сахьаркыратә ашәаҳәареи акәашареи ркружокқәа срылан. Сшыхәыҷыз аԥсуа қыҭаҿы еилашуаз аҟазара сагәыланахалеит. Уи адагьы ԥсҭазаара ыҟоуп ҳәа сыҟамызт, сыҟам иахьагьы… Сыбла ихгылоуп сызхаану, ачараҿы иҟарҵоз ашьаԥақәа аԥҳә ала ихыбны. Уи аҩнуҵҟа еилашуаз аҟазара, аашаанӡа гәырӷьарыла ирхыргон… Уамашәа иубаша ажәлар рашәақәеи аԥсуа кәашарақәеи ачара иалахәыз, шамахамзар зегьы инеимда-ааимдо инарыгӡон… Иахьатәи ҳчарақәа рҿы ашәаҳәацәеи акәашацәеи аԥара рыҭаны инарыԥхьоит. Арахь уԥшыр иркәашо, ԥсуа кәашараӡам… Ачарагьы аҵакы ацәыӡуа иалагеит.
Гәымба Леонти дшыхәыҷыз иаб Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ахь дцеит. Иан х-ҩык ахшара рааӡара дшаҿыз, Арзамеҭ ахәра ӷәӷәа аниоу, аҩныҟа даарышьҭит, аха, хара имгакәа иԥсҭазаара далҵуеит. Иԥшәмагьы лхәыҷқәа шыхәыҷыз, иаалырҟьаны, лдунеи лыԥсахит. Хҩык ахәыҷқәа рандуи рабдуи ирааӡеит. – Аибашьра ду ашьҭахьтәи ашықәсқәа – иҳәон Леонти, – анысгәаламшәо ыҟаӡам. Аиаҭымра еснагь иҳақәыӷәӷәон, аха уи ҳаиааит. Ҳазнысыз ҳамҩа мариамызт, зынгьы иаҳфо ҳамамызт, даҽазных иаҳшәаҳҵо… Иахьа аус уур ухы ныҟәугоит, усҟан иҳауаз зегьы аҳәынҭқарра иалаҳҵон… Исгәалашәоит аамҭа цәгьа шыҟазгьы ақыҭатә клуб аҟны ансамбль еиҿкаан. Уи, Герзмаа Кәынта напхгара аиҭон. Иара иоуп амузыкатә училишьа сҭаларц сыдызгалаз…
Гәымба Леонти Арзамеҭ-иԥа Аҟәатәи амузыкатә школ авокалтә ҟәша дҭалоит. Аха иҵара наигӡартә алшара имамызт. – Усҟан, – иҳәеит Леонти Арзамеҭ-иԥа, – аҵараҿы зегьы сыцааиуан. Сырҵаҩцәа Кәасҭа Ченгелиеи Константин Бганбеи ирӷьажәҩаны исывагылан. Аха амамзаара иахҟьаны аамҭала иаансыжьыр акәхеит. Ашьҭахь алшара ансоу, уи аҵараиурҭа салгеит…
Гәынба Леонти дыздыруаз, изааигәаз зегьы Ҷын ҳәа акәын ишишьҭаз. Жәаф шықәса анихыҵуаз, зҳәара мариам, аԥсуа жәлар рашәа «Озбақь ахаҵа»ала дцәырҵит. Уи ашәа иахьа ицәырзгозаалакгьы, изҳәозаалакгьы раԥхьаӡа иргыланы, Гәынба Леонти еицамкуаз ибжьы ааугәаланаршәоит. Иԥсҭазаара зегьы аҟазара иадҳәалан: – Ашәада аԥсҭазаара схаҿы исзаагаӡом– иҳәалон. Гәымба Леонти еснагь иҿыцу акы аиҿкаареи ацәыргареи дашьҭан. Аҟазараҿы зџьабаа дууз рыгәҭа еснагь дгылан.
1970 шықәсазы Гәдоуҭа ақалақь агәҭаҿы «Аԥхынтәи атеатр»захьӡыз аартын. Араҟа иара администратор хадас дыҟан. 1972 ш. Ченгелиа Кәасҭа ансабль «Риҵа» анеиҿикаа нахыс ашәақәа рхкынагӡаҩ хадацәа дыруаӡәкын, уи аҳәаанырцә аҳәынҭқаррақәа: ГДР, Венгриа, Польша, Болгариа, Белгиа, Америка, Канада…. уҳәа рҟны изныкымкәа иқәгылахьан.
Гәынба Леонти инапы злеикуазаалак аҵыхәтәанынӡа инаигӡон. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз, Кәасҭа Ченгелиа еиҿикааз ансамбль «Аиааира» далахәын. Аибашьра ашьҭахь акыр шықәса инеиԥынкыланы Гәдоуҭатәи акультуратә хан адиректорс даман. Убри аамҭазы (1996 ш.) Гәдоуҭа ақалақь аҟны «Х-биԥарак» зыхьӡыз ансамбль еиҿкаан. Сахьаркыратә напхгаҩыс Гәымба Ражден дыҟан, ари ансамбль анаҩс ахьӡ «Гәдоуҭаа» ҳәа иԥсахын. Ансамбль хәыҷгьы-дугьы рхыԥхьаӡара 85-ҩык рҟынӡа инаӡон, уи ансамбль аҟны Гәымба Леонти иџьабаагьы дуӡӡан…
Леонти Арзамеҭ-иԥа иашәаҳәареи аус аиҿкаараҿы иџьабаа дуи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ианаршьеит аҳаҭыртә хьӡы «Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист», «Ахьӡ-аԥша» аорден «III-тәи аҩаӡареи… Аԥсабара инаҭаз аҟыбаҩ аихырхәацәа рацәаҩын. Иара игәгьы иԥсгьы аԥсуа жәлар рҟазара аиқәырхареи аӡыргареи ирызкын.
Гәымба Леонти ҩыџьа ахшара драбын. Иԥҳа Саида даныхәыҷыз инаркны дкәашон. Иԥа Иура адаул дасуан… Гәдоуҭатәи акультуратә Хан аҟны иԥсҭазаара аиҳарак ихигеит. Леонти иашәаҳәаратә ҟазараҿы имԥсӡо ахаҿсахьа аԥиҵеит. Уи аԥсуа ҟазара дазааԥсахьан Аԥсны жәлар рашәаҳәареи, рыкәашареи Аҳәынҭқарратә ансамбль аҟнгьы акыр шықәса инеиԥынкыланы аус иуит.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага Константин Антон-иԥа ажәалагала ҟаиҵеит, ансамбль «Риҵа» иалоу ахацәа, ус аҟазара злоу ауаа адыԥхьаланы ахацәа рансамбль «Аиааира» ахьыӡтәны еиҿикаарц. – Аибашьра цонаҵы, – игәалаиршәон Леонти Арзамеҭ-иԥа, – ҳарҭ ҳаибашьцәа ахьтәаз ҳцаны афырхаҵара ашәақәа наҳагӡон. Иҟан аибашьцәа рҽахьеидыркылоз аҭыԥқәа, урҭ ахьыҟоу заа еилаҳкаауан. Зны-зынла апоетцәагьы ҳаццалон… Ашәа ҳҳәонаҵы аибашьцәа гәык-ԥсыкала иаҳзыӡырҩуан… Ргәы шьҭнахуан, ҳрацәажәон… Ргәырӷьара ҳәаа амаӡамызт, рхы-рҿы иуанаҳәон урҭ Аԥсны аиқәырхаразы, ирылшо шыҟарҵоз… – Қәрала зегьы иҳаиҳаз Константин Антон-иԥа иааԥсара иныԥшуамызт, аибашьцәа ҳашәаҳәара иацаҳҵарц ианҳаҳәоз ыҟан, ҳара ҳахиан, урҭ ргәаҳәара анагӡара, – иҳәалон Леонти Арзамеҭ-иԥа. Аибашьра ашьҭахь ахацәа ретнографиатә хор "Абхазиа" зыхьӡыз, далан, уи напхгара аиҭон Царгәыш Уасил Михаил-иԥа. Ансамбль шықәсқәак роуп аус ахьауз, аха инарыгӡоз аԥсуа жәлар рашәақәа аҟазара ахьтәы фонд иазаанхеит наӡаӡа.
Гәынба Леонти иаԥиҵаз ансамбльуп, иахьа, Гәдоуҭатәи акультуратә Хан аҟны еиҿкаау ансамбль «Ахьышьҭра» (асахьаркыратә напхгаҩцәа Џьениа Саидеи Гәынба Есмеи). Ашәаҳәацәа ари ансамбль иалоу аԥсуа жәлар рашәақәа нарыгӡоит. Аҿар еилагыланы ҳажәлар рашәақәа ахьынарыгӡо даара ухнахуеит, уатәнатәуеит рконцертқәа. Леонти Арзамеҭ-иԥа иҟазаратә гәыӷрақәа здиҳәалоз аҿар игәҭыха нарыгӡеит.
Гәымба Ленти (Ҷын) дызнысыз аҟазаратә амҩа ҭбаан, илашан, ицқьан. Иара ихаҭареи иҟазареи ҵаулан. Уи ихаҿсахьа иага аамҭа царгьы, имԥсӡо аҟазара аҭоурых аҿы иаанхоит. 85 шықәса зхыҵыз, аҟазара аҭоурых аҿы асар рымҩа еиԥш зышьҭа аанхаз, зхаҿсахьа ҳабла ихгылоу ажәлар рашәақәа ҟазара ҳаракыла иназыгӡоз ихьӡ, ибжьы цқьа Аԥсны иалҩҩлоит ахаангьы.
Гугуца Џьыкырба

