Азҿлымҳара рыҭаны срыхәаҧшуеит, срыҧхьоит, сырзыӡырҩуеит аҳәынҭқарратә бызшәа акәша-мыкәша ицо ацәажәарақәа, акьыҧхь аҿы, ателехәаҧшраҿы, иара убасгьы аинтернет аҟны. Аха исзеилкаауам џьоукы-џьоукы иқәдыргыло азҵаара: иаҭаху иаҭахыму апарламент аҟны аҧсуа бызшәа?
Ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа ргәаанагарақәа ҳаҭырла сшырзыҟоугьы, џьоукы-џьоукы сахьрықәшаҳаҭым рацәоуп.
Апарламент мацара акәым аус злоу, аҳәынҭқарра атәы ауп излацәажәатәу. Аӡәы ус иҳәоит: «Апарламент ахь ицо аҧсшәа изымдыруазаргьы, аҵара имамзаргьы егьамаӡам, амала дуаҩызааит, ажәлар дырзааигәазааит». Ари аҩыза апозициа иаанагои? Апарламент, саҭамзааит, аҧсуара иаофисума, аменеџьерцәа иртәарҭоума, мамзаргьы закәанҧҵаратә усбарҭоу?! Сара исызцәырҵуеит убри аҩыза агәаанагара, ихадоу азҵаарақәа рықәыргылара ацынхәрас баша цәажәарақәак хаҳтуашәа. Насгьы џьоукы-џьоукы убриаҟара ахшыҩ ҳдырҵоит урыс бызшәала, аҧсшәа ада хәарҭа шҳамам! Абри аума ҳара ҳҳәынҭқарратә позициа, ҳазнеишьа?
Аҳәынҭқарра ҳҭахызар, иаҳҭахыҵәҟьазар, абызшәагьы шаҳҭаху ҳәатәуп. Амала араҟа иуадаҩу ҳәа акгьы ыҟаӡам - аҧсуа милаҭ иеиуоу, саҧсыуоуп ҳәа зхы зыҧхьаӡо зегьы, ҳбызшәа шьҭыхны, ҳаҭыр ақәҵаны ахархәара ҳалагароуп зны. Уи азы аамҭа аӡәгьы иҭатәӡам (анапхгара ҭыҧқәа рҟны иҟоу, уахь анеира згәы иҭоу) - иахьанатә азакәан аус арутәуп! Нас ауп егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәагьы абызшәа еиҳа иазхьаҧшуа ианалаго. Ҳара ҳхаҭа ҳбызшәа ҳҭахӡам (иаҳҭахызаргьы ҳхы иаҳархәаӡом, иарала ҳцәажәаӡом, арахь уахи-ҽни ҳамамкәа «апроблема» ҳалацәажәоит), егьырҭ амилаҭқәа иреиуоу аҧсшәа рызҵаӡом, ирзаҳаурызеи ҳәа ҳархашшаауеит, ҳа ҳтәала, арахь уи аан ҳхоуп ҳзызхәыцуа.
Сақәшаҳаҭуп, азҵаара мариаӡам, цқьа иҭҵааны иазнеитәуп: ҳара Урыстәыла ҳадҳәалоуп, ҳҵара асистема зегьы урыстәылатәи астандартқәа ирыдҳәалоуп. Ҳара иҳамаӡам иахьа ихарҭәаау аҧсуа школ Аҧсны. Аха иҳамоу ҳамоуп, уигьы ҿарҧас иҟаҵатәӡам. Аиаша шәҭахызар, ҳара ҳҟны абилингвизм ыҟоуп, даҽакалагьы иалҵуам макьана.
Иҟаҵатәу акызаҵәык ауп - аҳәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы рҟны абызшәа аус арулатәуп, макьаназы аҧсуаа рыбжьара (егьырҭ аамҭала ҳарҟәаҵып). Иаҟәыхтәуп апрактика «араҟа аҧсшәа ззеилымкаауа ахьыҟоу аҟынтә аурыс бызшәахьы сиасуеит» ҳәа ҳазҿу, ианаҭахугьы-ианаҭахымгьы (жәаҳәарада, ус иахьаҭахугьы ҟалоит, сақәшаҳаҭуп, сасцәа дахьқәак ҳзаазар анҭыҵнтәи уҳәа). Аха аизара аума, аилатәара аума, аилацәажәара аума, имҩаҧызго, ҩажәак ракәымкәа, ишахәҭоу еиҧш аҧсышәала ахы иклароуп. Асинхронтә еиҭагара апрактика алагалатәуп.
Ажәакала, атәылауаа зегьы ирбо-ираҳауа иҟалароуп аҳәынҭқарратә бызшәа астатус. Егьи зегь башоуп. Ҳара аурыс бызшәа ҳаҿагылом адунеихаангьы, уи алоуп адунеи ахь ҳашцәырҵуа; аурыс литература ҳалааӡоуп, аха зегь раҧхьа ҳхатәы шьҭаҳхроуп, иаҳцәымӡырц азы.
Арҵара аус атәы даҽа зҵаароуп. Уигьы акыр ишьҭыхтәуп - ахәыҷбаҳча, ашкол, ауниверситет рҟны. Аха уи мацара азхаӡом, комплексла иазнеитәуп. Атехнологиа ҿыцқәа ҳасаб рзутәуп. Аинтернет аҟны иаҧҵатәуп аҧсуа контент! Иаҧҵатәуп аҧсуа блогерцәа ргәыҧ (амчра, аполитика уҳәа ирыдҳәаланы акәымкәа)...
Нас даҽакгьы. Абас еиҧш ахшыҩҵакқәа, аидеиақәа џьоукы ианцәырыргалак аҽа џьоукы иаамҵарсны иганы дара ирҭаху ахырхарҭа наҭаны ирыма идәықәлоит, «иртәыртәуеит». Ара иҟалароуп аҳәынҭқарратә знеишьа, политикк, мамзаргьы хаҭарак идҳәаламкәа. Убас ауп аҳәынҭқарра шеиҿыркаауа. Араҟа сара аӡәгьы ахшыҩ исырҵом, спозициоуп ишәыдызгало.
Ҿырҧштәы заҵәык. Ишыжәдыруа еиҧш, аҵыхәтәантәи аамҭазы ианаамҭоу ацәажәара изаламго ахәыҷқәа рацәаҩуп (адунеи зегь аҟны еиҧш). Убри аганахьала ҳара ҳҟны аҭаацәа рхәыҷқәа рыманы ацентрқәа рахь ианадҵаало, апсихологцәеи алогопедцәеи аҭаацәа ирабжьаргоит: абааҧсы, ахәыҷы аҧсышәала шәимацәажәалан, аҧсшәа уадаҩуп, изҵаӡом, ҳара урысшәала ауп аус шаауа! Сара иқәсыргылоит азҵаара: избан ҳара изҳамамзеи аҧсуа логопедцәеи, апсихологцәеи, адефектологцәеи? Изаҳмааӡозеи урҭ? Иаҳҭахӡами? Иаҳҧырхагада? Ирыҧсыхәои уаҵәтәи абиҧарақәа? Иахылаҧшырц зыхәҭада араҟа азинеилагара иҟоу?! Изазымхәыцуазеи ауааҧсыра ҳшәахтәқәа рыла амчраҿ итәаны ауалафахәы зауа амаҵурауаа? Ари амилаҭтә шәарҭадара иадҳәалаӡами?..
Ажәларқәа, зҧеиҧш хьаас измоу, шәышықәсатәи аԥеиԥш иазхәыцуеит, уи ала ишьақәдыргылоит рмилаҭтә политика. Ҳара, шәышықәса ракәым, иахьатәи амш мацароуп ҳзызхәыцуа, уаҵәтәиҵәҟьа аӡбахә ҳҳәаӡом.
Иуҳәаша маҷым, аҿырҧштәқәа рацәоуп, аха игәыҧҵәагахаз абарҭ ацәажәарақәеи «абарбаррақәеи» аанкылатәуп. Аус ауп изызнеитәу.
Сара сацәыҧхашьоит аҧсшәа ҳҭаху иаҳҭахыму ҳәа азҵаара еимакы-еиҿакуа иахьалацәажәо аҧсуаа рхаҭақәа рыбжьара. Даҽазнык исҳәахуеит, аҧсуаа ҳара-ҳара ҳаҧсшәа шьҭаҳхыр, егьырҭ амилаҭқәа рыдцалара зынӡа иаҭаххаӡом (изызҵо маҷ-саҷк рҵап), аҵара шаҭаху еилыркаауа иҟалап, ҳаҭыр ақәырҵап. Ҳус ҳара ҳнапаҿоуп иахьыҟоу, аӡәгьы ахара идҵара аҭахӡам.
Алхас Чхамалиа,
апоет, ажурналист

