Астатиақәа

Иалкаау аизгақәа

Иалкаау аизгақәа

Ишдыру еиԥш, 2024 ш. аԥсуа  сахьаркыратә литература ауасхыр азышьҭазҵаз, Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150 ш. аҵра иазкны Аԥсны Ахада Иусԥҟа инақәыршәаны иаԥҵан атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ хантәаҩыс дзауз аҳәынҭқарратә комиссиа. Аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла акомиссиа ашҟа инанашьҭыз азҵаарақәа иреиуан Д.И.Гәлиа иҩымҭақәа ҿыцны рҭыжьра. Акомиссиа аӡбамҭа анаднакыла  ашьҭахь ашәҟәқәа рҭыжьра анапы ианҵан Аԥсныҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа, иахәҭаз ахарџьгьы азоужьын.

Аҳәынҭқарра аҟнытә иаиоуз ахаҵгылара иабзоураны аԥхьаҩцәа  ироуит  ашәҟәҭыжьырҭа иҭнажьыз ашәҟәқәа:  «Аизга» Иалкаау. Ажәеинраалақәа, апоемақәа, ароман, ажәабжьқәа, адрама (аԥсышәала). Иалԥшаау аҩымҭақәа рахьтә аҭыжьымҭа  еиднакылеит апоезиатә рҿиамҭақәа  реиԥш, ажәабжь «Атәым жәҩан аҵаҟа», ажә­абжь кьаҿқәа, ароман «Камаҷыҷ», адрама «Анаурқәа». Аԥхьаҩцәа ибзианы ирдыруа арҭ аҩымҭақәа амилаҭтә литература  ахьтәы  фонд иахыԥхьаӡалоуп.

Ҳажәлар рдунеи иагәылоу рмилаҭтә ҷыдарақәа,  ржәытә-рҿатә, рбзазашьа, рдунеихәаԥшышьа аадырԥшуеит, ԥсра рықәымкәа иҟазаауеит, ҳлитературеи ҳкультуреи ирышьагәыҭу доуҳатә цәырҵрақәаны егьаанхоит, абиԥарақәа  еимадауа ԥхьаҟа инаргалоит. Избан акәзар, амилаҭ рдоуҳа иалиааз зықәгылоу ауасхыр анарха амоуп, ҩашьара ақәым, лашарбаганы амҩа днарбалоит, иреилнаркаауагьы рацәахоит.

«Аҳы, сышәҟәы уеиҵамхан», «Хоџьан ду», «Ахшыҩи, аҵареи, амчи», «Аҩы гра хтыгоуп»,  «Абжьаҩашьа-хабжьаҟьала, «Абрыскьыл», «Сыԥсадгьыл», «Ахаҵа ихаҵа, афырхаҵа», «Аҽацә», «Кавказ», «Абри  соуп сара» уҳәа  реиԥш иҟоу ажәеинраалақәа ахаангьы жәра рықәӡам,  мшаҽнеиԥш актуалара рылазаауеит, аҟаза ду инапы ишыҵихыз ҩашьом.

Апоемақәа: «Арԥызбеи аԥҳәызбеи рышәҟәы», «Аԥсназы ашәа», «Ажәлар рзы ашәа», «Ҭагалан ақыҭан»,  «Сара схәышҭаара» аклассикатә литературахь иаҵанакуеит. Рҵаки рхықәки хеибарҭәаауеит.

Ароман «Камаҷыҷ» аԥсуа проза аҿиара амҩаҿы иааннакыло  аҭыԥ ҷыда алитератураҭҵааҩцәа аӡәырҩы иазгәарҭахьеит, ахәшьара бзиагьы арҭахьеит. Иахьа  уажәраанӡагьы иреиӷьӡоу ароманқәа ируакуп.

Ажәабжь  «Атәым жәҩан аҵаҟа» раԥхьатәи акәны  алитература иаланагалеит. Уи аахыс шәышықәса инеиҳаны иҵуеит. Аханатә  еиԥш, ажәабжь ажанр иаҵанакуа аҩымҭақәа рҟны аԥхьагылара амоуп. Иаарԥшу ахҭысқәа рыла автор ииҳәарц, иқәиргыларц ииҭахыз рацәан, егьиқәҿиеит. Убри азоуп ахрестоматиатә ҟазшьа  шамоу  егьзаанхауа.

Ажәабжь кьаҿқәа ракәзар, аԥсҭазаара иазааигәоуп, игәылыршәоуп, бызшәа  цқьала ахьхьаҳәа ицәажәоит. Еиуеиԥшым  ақәра змоу  аԥхьаҩцәа хнахуеит, ҟазара  ҳаракыла иҩуп.
Асоциалтә-ԥсихологиатә драма «Анаурқәа» автор иҩуеит 1946 шықәсазы. Арҿиамҭаҿы иаарԥшу ареволиуциа ҟалаанӡа иаҵанакуа аамҭа акәзаргьы, азежәтәи  ашәышықәсазы Аԥсны иҿиауаз абуржуазиатә ҵакы змаз аизыҟазаашьақәа аԥсуа иԥсҭазаара, ибзазара анырра шрынаҭоз ауп. Хҭысрацәала  еибарку адрама  атеатр асценаҿы зныкымкәа иқәдыргылахьеит, иахьа уажәраанӡагьы арежиссиорцәа азхьаԥшуеит.

Д.И. Гәлиа иаԥиҵаз арҿиамҭақәа, жанрс изҵанакуазаалакгьы ижәлари иԥсадгьыли, ихатәы бызшәеи аԥхьа иргылон. Убри ауп агәамч изҭоз ажәлар рыгәҭылса. Аԥсҭазаараҿы ихықәкы анагӡараҿы ицхраауан, еснагь мҩанызас иман.

Жәлар рҵеи лаша дызнысыз амҩа  ҿырԥшыгас иҟазаауеит ҳаԥсадгьыли, ҳажәлари, ҳҳәынҭқарреи рԥеиԥш иазааԥсауа абиԥарақәа зегьы рзы.
Урысшәала иҭыжьу Д.И. Гәлиа аҩбатәи  ишәҟәы иахьӡуп «Собрание. Избранное». Уи  еиднакылеит ажәеинраалақәеи, апоемақәеи, аромани, ажәабжьқәеи, адрамеи.
Иажәеинраалақәа реиҭагамҭоуп: Д.Чачхалиа, Ст. Куниаев, В.Попанова, Г.Регистан, А.Кочетков, Ф.Искандер,  А.Шьчербаков, Л.Мартынов, К.Липскеров, И.Сашин, Б.Серебриаков, В.Журовлев, М.Кобаль, И.Гордиенко, В.Державин, И.Козловски, А.Чивилихин, В.Лившиц, Н.Разговоров, Е.Долматовски. Ипоемақәа еиҭаргеит: Г.Регистан, Н. Милованов, А.Глоба, М.Соболь. Ароман «Камаҷыҷ» еиҭеигеит А.Дро­здов, «Атәым жәҩан аҵаҟа» автор ихаҭа еиҭеигеит, «Ашкол сышҭалаз» – А.Дроздов, ажәабжь  кьаҿқәа – Л.Ленч, Г.Гәлиа. Адрама «Анаурқәа» еиҭалгеит А.Татарова.

Аҭыжьымҭақәа аҭакзыԥхықәу редакторс дрымоуп Д. Наҷҟьебиа, асахьаҭыхҩы –Р.Габлиа.
 Иосифовича  Гулиа» (ҭырқәшәала).

Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150 ш. аҵра  аҳаҭыр азы акыр аусмҩаԥгатәқәа  еиҿкаан. Урҭ рҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқарратә комиссиа  иаднакылаз аӡбамҭақәа реиҳарак шынагӡоугьы,  макьана иҟоуп изхьымӡац. Аха агәыӷра  ыҟоуп  иаанхаз азҵаатәқәа  шыӡбахауа ала.

В. Ажәанба

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image