Астатиақәа

Ахьышьҭрахь амҩа

Ахәыҷқәа ршәарҭадара зегьы ирыцкуп 

Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ҳџьынџьуаа хәыҷқәа рзы ес-ԥхынра еиҿнакаауеит аԥсшьаратә лагер «Ахьышьҭрахь».

 Уи рхы аладырхәыр рылшоит  аҳәынҭқаррақәа рҿы инхо ҳџьынџьуаа, аԥсуаа рхылҵшьҭрақәа иреиуоу. Ҵыԥхтәи алагер атәыла Ахада Бадра Гәынба даҭааны даныҟаз аамҭазы иҟаиҵеит ажәалагала, алагер аҭыԥантәи ахәыҷқәа гьы ралархәра. Сынтәа уи иажәа нагӡан. «Ахьышьҭрахь» иалан Аԥсны алицеи-интернатқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәа. Хыԥхьаӡарала 45-ҩык. Гәыԥк аҿы 15-ҩык рҟынӡа. Уи адагьы сынтәа раԥхьаӡа акәны  иалахәын Германиантәи ахәыҷқәа. Урҭ жәаҩык ахԥатәи аетап аҿы иҟан. Аетапқәа зегьы рҿы 75-75-ҩык ахәыҷқәа алан. 40-ҩык ааит Ҟарачы-Черқьессиантәи, егьырҭ зегьы Ҭырқәтәылантәи иааз ахәыҷқәа роуп. Сынтәа, ҵыԥх еиԥш Ливан, Иорданиа рҟынтәи ахәыҷқәа зымааӡеит адунеи аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иахҟьаны. Алагер аиҿкааҩцәа рзы ахәыҷқәа ршәарҭадара зегьы ирыцкуп.

Ҳџьынџьуаа реимадаразы ахеилак аҟәша аиҳабы Инал Хәытаба иажәақәа рыла, ахәыҷқәа рзы еиҿкаан ҷыдала апрограмма: арҵаратәи арлахҿыхратәи. Ахәыҷқәа рыԥсшьарҭа  иазалхын Аҟәа, Алашарбага аҳаблаҿы иҟаз асасааирҭа. Есыуаха ахәыҷқәа ирҭаауан асасцәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, рыжәлантәқәа. Алагер ахԥатәи аетап аҵыхәтәантәи амш азы ахәыҷқәа ирзааит Ауаажәларратә палата ахаҭарнакцәа. Дара ахәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит Аԥсны аҭоурых, рыԥсадгьыл иахҭнагахьоу.

Алагер иалахәыз рзы аетапқәа зегьы рҿы аԥсшәа дырҵаразы аурокқәа рзеиҿкаан. Хәмаррак аҳасабала рыхьӡ, рыжәла, иахьынтәааз рҳәартә еиԥш адырра роуит. Иара убас ирыман алекциақәа ҳатрадициақәа, ҳкультура, ҳҵасқәа, ҳқьабзқәа ирызкыз. Аԥсуа чареи, аԥсуа кәашареи ирышьашәалоу ахымҩаԥгашьа дырдырразы Асида Гәымбеи Елисо Сангәлиеи ааԥхьара рыҭан. Аетнопарк «Аԥсны» аҿы идырбан  аԥсуа қыҭа зеиԥшразаар ахәҭоу. Ажурналист Адгәыр Гәынба илекциа – ашәарыцареи ашьхаҭыԥқәеи ирызкны иазыӡырҩыртә еиԥш алшара рыҭан. Актәи аетап аҿы ахәыҷқәа Гәдоуҭа ақалақь аҿы аныҟәарақәа рзеиҿкаан, аҩбатәи аан — Очамчыраҟа ааԥхьара рыман, ахԥатәи — иалахәыз Гал араион иаҭааны ирбеит. Ахәыҷқәа рзы еиҿкаан аконцерттә программақәа. Уи адагьы ҳџьынџьуаа идырбан аҭыԥ ԥшӡарақәа: Риҵа, Афон Ҿыц.

Инал Хәытаба иажәақәа рыла, алагер ахықәкы хада - нас мышкы зны Аԥсны зыԥсшьараамҭа зхызгаз ахәыҷқәа рыԥсадгьыл ахь ихынҳәып ҳәа алҵшәа агәыӷра унаҭоит. Иара игәаанагарала аҭыԥантәи ахәыҷқәа ҳџьынџьуаа иахьрыцыз аус еиҳагьы иацхрааит.

«Сынтәа Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи алагер илахәызи реиԥылараан ахәыҷқәа зегьы еицҿакны ирҳәоз акы акәын, араҟа дара идырҳаит аҩызцәа. Ахәыҷқәа ҳахьынӡарыцыз аԥсышәала ҳрацәажәон, иаҳа ажәақәа рацәаны игәныркыларцаз. Атәыла ахада иԥылараан ҩыџьа аҷкәынцәа ирҳәеит, изҭоу аколлеџь ианалгалак, дара (афымца аганахьала аҵара рҵоит), арахь иааны амра аҟынтә афымца аиуразы амаругақәа реиқәыршәараҿы ацхыраара шыҟарҵо атәы», - иаҳзеиҭеиҳәеит Хәытаба.  

Атәылауаҩшәҟәқәа рыҭан 

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы ахеилак, аиустициа аминистрра, иара убас Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, атәым ҳәынҭқарраҿы иҟоу Аԥсны ахаҭарнакреи еицымҩаԥырго аусура иабзоураны есышықәса ҳџьынџьуаа ироуеит атәылауаҩшәҟәқәа. Ус еиԥш сынтәагьы зықәра аҵанакуа  ирыҭан ишаԥсыуаау зыршаҳаҭуа ашәҟәқәа.

Сафари Қасым 18 шықәса ихы­ҵуеит. Иара Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа дааит раԥхьаӡа акәны. Аԥсны атәылауаҩшәҟәы зауз дреиуоуп. Сафари иҳәоит, Аԥсны шигәаԥхаз, бзиа ишибаз. Ҭырқәтәыла даннеилак иҩызцәа ирабжьаигалоит Аԥсны иаҭааны ирбарцаз.  

 «Аԥсышәала аԥсшәа салҳәеит»

Ҭара Ҷкок лакәзар, Германиантәи дааит, раԥхьаӡа акәны. Ҭара аԥсышәала аԥсшәа салҳәеит, лыхьӡи лыжәлеи еидкыланы иҳәаны дсабадырит. Ҭара Аԥсны даара илгәаԥхеит, еиҭа даар лҭахуп. «Германиа саныҟаз Аԥсны иадҳәалаз аҭоурых здыруан, аха араҟа  еиҳагьы иснырит. Сгәы хыҭхыҭуа сызыԥшын арахь аара», -  азгәалҭеит Ҭара ҳаицәажәараҿы.

Алагер аԥҟарақәа рыла, знык Аԥсныҟа иаахьоу аҩынтә раан аара азин имаӡам, имаац ахәыҷқәа рхы­ԥхьаӡара рацәоуп азы. Аха, ахәыҷқәа еснагь иҵаауеит, ҳаԥхьаҟа иаартә еиԥш алшара  ҳауама ҳәа. Аҭыԥантәи ахәыҷқәа ракәзар, иҷырҷыруа ҳџьынџьуаа ирацәажәон. Џьара —англыз бызшәа уаҳауан, џьара аԥсшәа. Доусы ишилшоз ала еилибакаауан.

Гогохиа Милада ажәеизатәи акласс ахь диасит. Лара Мықәтәи ашкол аҿы аҵара лҵоит. Милада ҳанлацәажәоз иазгәалҭеит, алагер аҿы илхылгаз аамҭа илахҿыхыз, ибзиаз хҭысла акәны лгәалашәараҿы наӡаӡа ишаанхо.

«Сара ара ирацәаны аҩызцәа сырҳаит. Дара рбызшәала ажәақәа сҵеит, ҳара аԥсышәала идҳарҵон. Уи адагьы ҳаицәажәон англыз бызшәала. Шьыжьла акрыфарҭаҿы ҳанеибабоз, «ихааны ишәфааит» ҳәа аԥсышәала аԥсшәа анҳарҳәоз, ҳгәы иахәон идҳарҵаз ажәақәа анҳарҳәоз. Ҳаицәажәарц анаҳҭахыз, ианыҳзеилымкаауаз, аҭарџьман дааԥхьан ҳаицәажәон. Сара рсоциалтә даҟьақәа зегьы здыруеит, наҟ-наҟгьы аимадара ҳабжьазаауеит, ҳаицәыӡӡом», - лҳәоит Милада.

Лареи Ҭареи даареи еишьцылеит. Ҭара Милада дхылхит абызшәақәа рацәаны иахьылдыруазы. «Хә-бызшәак рыла дцәажәоит: англыз, анемец, афранцыз, аҭырқәа, аиспан. Ларгьы саргьы ҳаибадырит Риҵаҟа амҩа ҳанықәыз. Ҭара усҟан дсазҵааит «Аԥсны бзиа избоит» шԥаҟало ҳәа. Агәыԥ аҿы дыҟоуп Риҵа захьӡу аӡӷабгьы. Лара аӡиа Риҵа ҳаннеи илӡеиҭаҳҳәеит лыхьӡ ахьынтәаауа, уи иаанаго», –лҳәеит Милада.

Наамық Арсҭааи Ҳандан Папбеи рыԥҳа Ҳанде раԥхьаӡа алагер анеиҿкааха Ҭырқәтәылантәи иааз ахәыҷқәа дрылан. Лара усҟан 11 шықәса ракәын илхыҵуаз. Уи шыҟалаз атәы лгәаларшәауа Ҳандан илҳәоит, убысҟак агәыблыра ҳаман, лықәрагьы самыхәаԥшит, ахәыҷқәа рыԥсадгьыл ахь ицоит ада акы ҳхы иҭамызт ҳәа.

«Агәыбылра роурцаз рыԥсадгьыл рбароуп» 

«Схәыҷқәа адернеқь аҿоуп иахьысааӡаз. Агыла­шьа-атәашьагьы дурбароуп, ус баша иҟалаӡом. Аԥсуаа уа ҳаизон азы уахь изгон. Уа иазыҳаӡбеит, ахәыҷқәа агәыбылра роурцаз рыԥсадгьыл рбароуп ҳәа. Нас еиҿаҳкааит излаҳалшо ала. Уаантәи аҳаирплан иақәыртәаны, ахеидкыла еиҳабыс усҟан иамаз Ильҳан Кәаӡба дрыцҵаны  иааҳашьҭит ахәыҷқәа. Ара иҳамаз ҳҩызцәа ирылшо ала иҳацхрааит. Ахәыҷқәа рыфатә дара роуп еиҿызкааз. Нонна Ҭҳәазба, Ирма Адлеиба, Алина Ачба, Емма Кьылба - иахьагьы илгәалашәоит урҭ Ҳанде», - ҳәа еиҭалҳәоит Ҳандан.  

Усҟан ахәыҷқәа мызкы Аԥсны иаанхеит. Аҭыԥантәи ахәыҷқәа ирыцыз ирыбзоураны аԥсшәа рҵеит, аҩышьагьы. Усҟан Ҳанде ишьҭылхыз аиҩызара - Наала Хьециа, Амра Наҷҟьебиа, иахьагьы иныҟәыргоит», ҳәа лҳәоит Ҳандан.

«Иахьатәи ахәыҷқәа ирдыруазароуп рҭоурых, уи рзеиҭаҳәалатәуп. Уажәгьы еиҿыркаауеит алагер, аха сара ишызбо ала, ацара-аара иазкуп еиҳарак. Ахәыҷқәа арахь изаауа цқьа ирдыруазароуп. Рҭоурых дырдыртәуп. Усҟан амҩа ианықәла ахәыҷқәа, ус ласҳәеит Ҳанде, баннеилак, ашьхақәа рахь бхы нарханы, бабдуцәа рыблала бнаԥшы ҳәа. Убыс ауп ишааҳашьҭыз», - ҳәа еиҭалҳәоит Ҳандан лылаӷырӡ лызнымкылауа.

Ҳанде илыбзоуроуп Наамықи Ҳандани Аԥсныҟа нхара риасра. Раԥхьа аҭаацәа рҟынтә рыԥсадгьыл ахь ихьазырԥшыз лара лакәын. Ҳанде аҩнра дцаанӡа аамҭа анлоуаз даауан арахь. Лашьеиҳабгьы ара дынхон. Нас аррамаҵзурахьы ааԥхьара аниоу, дцар акәхеит. Ҳандан лан, лаб, лыҷкәын, лашьа Ҭырқәтәыла иҟоуп азы, зны-зынла лгәы хьаауеит, егьыс —лыԥсадгьыл аҿы лҭыԥ лыԥшааит ҳәа лыԥхьаӡоит.

Альбина Жьиба

 

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image