Ауаџьаҟ агәгәаҳәа амца ҭан. Зхалазаҵәык аҩны иҩназ аԥҳәыс алахьеиқәра зныз лхы-лҿы ааиҭалкын, ус лҳәеит: —Икахәхәа-кахәхәа, аӡә дубар егьы духашҭуан. Аҵара, адырра бзиа-зегьы дара ирылан. Адгәыр рыцҳа, ҳаӷацәа ирыхәлабгаз… Иаб иҩны еихаӷәаца игылан. Аха иара иҩны даҽакала ибон, убри аҟынтә игылаз ықәихит. Аҿыц ашьаҭа инаркны иԥсахны, ҩбаны ишьҭихит. Ҵаҟа ашьҭаларҭа ахьыҟаз, асасааирҭеи, акрыфарҭеи ҟаиҵеит. Хҩык ахшаара: Адгәыр, Даур, Фатима ҳааӡеит. Адгәыр зҩны знапы адкылаз, иццакуаз, аӡырҩра злаз иакәны изҳауан. Аибашьра мыжда игәахәтәы дахьнамгӡеит…
Цәышба Едуард Ԥшькьаҿ-иԥа Гәдоуҭа ақалақь, Гәдоу аӡнырцә Абӷархықәантәи нхара ҳәа дааит. 1970 шықәсазы Ԥшькьаҿ иԥацәа ҩыџьа ачара ду рзиуит. Усҟан Ԥшькьаҿи иԥшәма Ҟалӷьԥҳа Ҭамареи, рԥа еиҳабы Едуард иԥсҭазаара змадаз Кәакәасқьериа Зулетеи иареи ирықәныҳәаны нхара ақалақь ахь иаарышьҭит. Едуард Асовет аамҭазы ахәаахәҭреи адәқьанқәеи дрыдҳәалан. Иҩны еснагь аҳра ауан: аԥсуара, аԥсадгьыл абзиабара, ахатәы бызшәа агәыблыра ахәыҷқәа рылааӡара. Иԥеиҳабы Адгәыр дахьыҟазаалак, зегьы дрылукаауан. Уи имаз ааӡара иаразнак анаԥшҩы ибарҭан.
Цәышба Адгәыр Едуард-иԥа диит 10,10, 1971 ш. Гәдоуҭа ақалақь аҟны. Гәдоуҭатәи 7-тәи абжьаратә школ далгеит. Аррамаҵура Белорусиа, ақалақь Бабруиск ихигеит. Уи ашьҭахь Краснодартәи Абиржатә институт аҿы аҵара иҵон. Аԥсны аибашьра ианалагоз 21 шықәса ихыҵуан. Дахьынхоз аҭыԥантәи ахацәа ахьеизоз днарылагылеит.
— Аибашьра ишалагаз шиаҳаз еиԥшҵәҟьа аҩны ддәылҵит, — лҳәеит иан Зулета, — усҟан абџьар имаӡамызт. Ашьҭахь дызцыз ԥшьҩык аҷкәынцәа абџьар анырԥшаа еиҭнырԥсахлон, Ақаҩба Германи иареи еимырдон. Аибашьра иадҳәалаз акагьы аҩны далацәажәаӡомызт. Иаб зны-зынла маӡала акы иеиҳәалон…
Цәышба Адгәыр Едуард-иԥа Начач Владимир напхгара зиҭоз акоманда далан.
—Адгәыр, — дихцәажәон Начач Владимир Емин-иԥа, — ахшыҩ ду змаз, наҟ-наҟ акы злыҵуаз аӡә иакәын. Аибашьраҿы уи ахыкәлаа даҩызан. Иара, арра дахьыҟаз атанк дақәтәан аҟнытә аштаб ахь изныкымкәа иԥхьахьан. Урҭ атанк ақәтәаразы дыхианы дыҟазарц иарҳәеит. Иара ус реиҳәеит: — Атанк сзықәтәо ҟалаанӡа сҩызцәа срыцеибашьуеит. Ианыхиахалак, адырра сышәҭар, хымԥада схынҳәуеит-ҳәа. Адгәыр адҵа анагӡара иазхиаз, зықәра иааҭәоумшьо, ахаҵара злаз еибашьҩын, дрылахәын абҵаратәи, ажьырныҳәатәи ажәыларақәа иара убас имаҷымкәа аԥшыхәрақәа. Уи, ааӡара бзиа змаз, иҵаулара ижәлар ирыхәарц илшоз зегьы ҟаиҵон, ихьӡи ижәлеи еснагь ҳгәы иҭазаауеит…
Цәышба Адгәыр Едуард-иԥа дызлаз акоманда зегьы ажьырныҳәатәи ажәылара ашьҭахь ҽазыҟаҵара ҳасабала Пицундаҟа иргоит. Араҟа азыҟаҵарақәа раан абаталионқәа реиҿкаара иалагеит. Убас, Гәдоуҭатәи ажәыларатә баталион командирс АҩӡбаФридон Ҷаҷ-иԥа дарҭеит. Цәышба Адгәыр ари абаталион аҟны 1-тәи арота далан. Арота командирс даман Дармаа Игор Маџьыҭ-иԥа.
— Ажәыларахь ицаразы, – лҳәеит иан Зулета, - ҩымш шагыз аҩны даакыдххалеит. Умцан, уаангыл!- ҳәа сиҳәо саналага, абас сеиҳәеит: — Сан! Закәытә ҩызцәоу исымоу бдыруо?! Габниа Виталии Аргәын Димеи сызԥшуп! Урҭгьы анацәа рымоуп.. Нас, аԥсадгьыл ахьчара ацара аҭахӡам ҳәа бгәы иаанагома?!. Усҟан, - лҳәеит иан, исҳәоз сҿамшәо сышгылаз, сааигәыдикылан, ашҭа дынҭҟьеит…
Дармаа Игор ирота Гәымсҭа аладатәи ахәҭала амҩаду ахь икылсны «Асаркьа» ашҟа инеины, рҭыԥ ааныркылар акәын. Убри аамҭазы ақырҭцәа, ҳаибашьцәа рааигәара инеиаанӡа ахысра ӷәӷәа ҟарымҵаӡеит. Ианырзааигәаха ашьаарҵәыра иналагылеит. Иҭахаз шырацәазгьы, иаанхаз зегьы ԥхьаҟа еихон, убасҟан аиҿыхара ӷәӷәа аан Цәышба Адгәыр ахы иқәшәеит. Ҳазҿцәажәоз аибашьцәа зегьы иазгәарҭон, уи иҩызцәа ԥхьаҟа ацаразы алшара шриҭоз.
— Адгәыр, — иҳәеит Леон иорден занашьоу Хагәышь Заур (Кыта), - апулимиот шикыз уа даанхеит. Ҳаибашьцәа ԥхьаҟа ицон, дара дыргартә иҟамызт… Аџьаԥҳаны имаз ахыхь апатронқәа иҵегь иҭаны, ԥхьаҟа идәықәлеит… Уи ихысбжьы акыраамҭа игон… ҳаибашьцәа хьаҵит… Адгәыр ихабар аӡәгьы имбаӡеит… Уи ихаҵара ахә ашьара уадаҩуп…
— Адгәыр, - лҳәеит иан Зулета– аибашьрахьынтә данзымхынҳә, иаб даара иҽиԥсахит. Ус иҭагылазаашьа ҳара иаҳбар иҭахымхеит, ақыҭахь дцеит… Иԥа илымкаа акәацлых афара даҟәыҵит. Еснагь иҭаацәа рзы иҟаиҵоз акәацырҩа аӡәгьы изы иҟаиҵаӡомызт. Игәы дышҭаҵәыуоз инарцәмҩа дазцеит хара имгакәа.
Абас Цәышба Адгәыр Едуард-иԥа март 15-16-тәи ажәылараҿы хабарда дыбжьаӡит. Уи иҟамзаара , имбара,хабарда ибжьаӡра аҭаацәа шьаҭанкыла еиҭанакит.
— Адырра ҳарҭеит, -лҳәеит иан Зулета, — Аҟәа аԥсыбаҩқәа ахьжыз анаадыртуаз, усҟантәи аҭагылазаашьа иаҳбаз игәаӷьны ҳалацәажәаӡомызт. Дысхашҭӡом, уаҟа иҳавагылаз, медиаҳәшьас ирыцыз Ԥаӷәаа Ҭина… Аха, Адгәыр даҳзымԥшааит… Иахьа Адгәыр зыргылара далагаз, дызхьымӡаз аҩны ихыбжа-ҿыбжан сыҩноуп…
Сыԥҳа Фатима х-ҩык ахшара лымоуп, урҭ хәырбӷьыцны исзыҟоуп. Адгәыр зны-зынла дшашаӡа сыбла даахгылоит. Иага аамҭа царгьы агәыӷра исымоу шсымоу иаанхоит. Сылаԥш агәашәахь ихазаауеит, –лҳәеит аибашьҩы иан Зулета Кәакәасқьериа-Цәышба.
Цәышба Адгәыр Едуард-иԥа ҩажәеи жәаха шықәса зхабар ыҟамыз, Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилаки Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Аԥсны анацәа реидгылеи русеицура иабзоураны иԥсыбаҩ рыԥшааит. 24. 07. 2026ш Гәдоуҭа араион, Абӷархықә ақыҭан Афырхаҵа иԥсыбаҩ анышә иамардеит. Алафи, алахҿыхреи, адырра ҵаулеи змаз ихьӡ кашәара ақәым. Иага аамҭа царгьы дарбанзаалак Афырхаҵа аамҭа дцәырнагоит, ихаҿсахьа еснагь ажәлар ирыцзаауеит.
Гугуца Џьыкырба

