Аҟазара абзиабаҩцәа иԥшьоу ныҳәак еиԥш иаднаԥхьалеит хәы-змаӡам аҭыхымҭақәа ҳзынзыжьыз Сергеи Михаил-иԥа Габелиа исахьақәа рцәыргақәҵа «Аԥсуа иашәа». Уи мҩаԥысуан Аԥсны асахьаҭыхҩцәа русумҭақәа ргалереиаҿы.
Ацәыргақәҵа аартуа, уи аиҿкааҩцәа ируаӡәку Елена Лабахәуа иазгәалҭеит: «Иахьа иҳалшеит анапҟаза ду иҭыхымҭақәа раӷьырак реизгара иҭаацәа ирыбзоураны. «Аԥсуа увертиура» ахьӡуп ари ҳцәыргақәҵа. Уи мышәырны иҟамлеит…». Арҭ аусумҭақәа еидыркылоит асахьаҭыхҩы ирҿиара амотив хадақәа.
Асахьақәа ргалереиа аиҳабы Сурам Сақаниа еиҭеиҳәеит асахьаҭыхҩы инысымҩа иаазыркьаҿны. Сергеи Михаил-иԥа Габелиа Гәыԥ ашкол даналг,а дҭалеит Аҟәа асахьаҭыхратә школ. Уи ашьҭахь Қарҭ асахьаҭыхратә академиа далгеит. Исҭахуп иазгәасҭарц, Аҟәа данҭаз имаз арҵаҩы дақырҭуан, аҟыбаҩ шилаз азгәаҭаны, азыҟаҵара бзиа шииҭаз. Қарҭтәи академиа қәҿиарала далганы даныхынҳәы, Аҟәа асахьаҭыхратә ҵараиурҭа напхгаҩыс дарҭеит 1967 шықәсазы. Абри аамҭа иалагӡаны аԥсуа қыҭақәа дрылаланы, ашколқәа рҿы днеины асахьаҭыхразы аҟыбаҩ злаз алԥшааны, иааганы аҵараиурҭа иҭеиҵон, саргьы убарҭ сыруаӡәкуп.
Иҭыхымҭақәа иаарылукаауа иҟоу «Амҳаџьыр» 1988 шықәсазы иҭихит. Ари асахьа иара ахала иуацәажәоит, ахаҿсахьақәа зегьы убас ҟазарыла иҟаиҵеит, аԥсуаа ҳҭоурых ду рныԥшуеит. Уи аԥиҵеит Қарҭ академиа даналгаз ашықәсан, агалереиаҿы иҳаман, абылра ҳанақәшәа, уигьы алаблит, аха иҭаацәагьы еиқәырханы ирыман, убри иабзоураны иахьа абра ацәыргақәҵаҿы иалкаау аҭыԥ ааннакылоит».
Ара иҟоуп 60-тәи ашықәсқәа рзы иаԥиҵаз аетиудқәа, апатреҭқәа, аԥсабаратә сахьақәа, аескизқәа. Иара инапала иҟаиҵаз автопортреҭ – иҵауланы ауаҩы дахәаԥшыр, автор ихаҭара аныԥшуеит. Иара аамсҭашәара злаз уаҩын, дарбанызаалак игәы цәымҟьаӡакәа ҳаҭырла дрызныҟәон. Аԥсҭазаараҿы зегьы, бзиа урбо, зегьы уҩызцәаны иауҟалахуа, аха иара азнеишьа ҵаула иман. Еисуаз, еинымшәозгьы дрыбжьаҟазон, еинраалан ирҽеиуан. Сара 20-шықәса инареиҳаны дыздыруан. Иара иаамҭаз Валентина Хәырхәмали иареи реиԥш иҟаз аиҳабацәа бзиақәа ирыбзоураны Аԥсны асахьаҭыхҩцәа рацәаны еиҵагылеит, еиҵарааӡеит, ацхыраара ҳарҭон, иаҳхылаԥшуан.Аԥхьаҟа ицәыраҳгаран ҳаҟоу еиҭах играфикатә усумҭақәагьы дырзааԥсон.
1972-1973 ш. Аԥсны асахьаҭыхцәа Реидгыла анапхгаҩыс далырхит, акраамҭа аус иуан. Сурам Сақаниа игәалашәараҿ иалкаан дрыхцәажәеит асахьаҭыхҩы иаԥҵамҭақәа «Аби», иара иарӷьажәҩас имаз иԥшәмаԥҳәыс илызку «Нареи» Урҭ аԥҵан 1961 шықәсазы
Аԥсны зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы ҳәа ахьӡ змаз Сергеи Габелиа иԥсҭазаараҿ, ирҿиаратә дунеиаҿ аҭыԥ ду ааникылон асахьаҭыхҩы Хута Аҩӡба. 1966 шықәсазы Қарҭтәи асахьаҭыхратә академиаҿы аҵара аниҵоз, урҭ реиҩызара аҽарӷәӷәеит. Асахьаҭыхҩы иаԥиҵеит иакымкәа-ҩбамкәа уи исахьақәа.
1966 шықәсазы Аԥсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла далалеит, усҟан уи напхгара азылуан Марина Ешба. Аҟазараҭҵааҩ Аза Аргәын илыҩуеит: «Ирацәоуп, аиашазы Марина Ешба Москвантәи дааны илыллыршаз, аҟазара аихаҳаразы. Убри аамҭазы 1966 шықәсазы Аҟәа иаартын асахьаҭыхратә ҵараиурҭа, еиҳабысгьы дарҭеит Сергеи Габелиа, убри инаҷыдангьы аҿыханҵа риҭон. Сергеи ԥсабаратәла дуаҩ ҭынчын, иҿцәажәара мариан. Иахьа иара даныҟам, иҭыхымҭақәа санрыхәаԥшуа, ҿыц еиҭасныруеит иҟазара, шаҟа иҵауланы ахаҿсахьақәа аԥиҵоз», – лыҩуеит. Нас иацылҵоит: «Зны, аибашьра ашьҭахь, машәыршәа сиқәшәеит Сергеи, уи иҳәеит иаарласны атәанчарахьы сцоит, нас сшеибаку асахьаҭыхра, аҿыханҵа сҽамаздоит» ҳәа. Аха, рыцҳарас иҟалаз, ашықәс рацәа иаҭәашьамхеит. Иара иҷкәынцәа ҩыџьа Лашеи Баҭали акырӡа ишқәыԥшӡазгьы аибашьра аӡи амцеи иалсит, ҳтәыла ахьчаразы игылан. Сергеи аибашьра анеилгагьы иҟазара мацара напы алаикыртә изыҟамлеит, игәабзиара ацклаԥшхагьы имаӡамызт, Гәыԥ ақыҭа инхоз ибыргцәахахьаз иҭаацәа еснагь инапы рыԥшьызар акәын, аибашьра ашьҭахьтәи агәаҟрақәа ихьааха дыргәылакын. Асахьаҭыхҩы ихьуаз игәы уаҳа азымычҳаит, 1997 шықәсазы иԥсҭазаара далҵит, аха даанхоит аԥсуа ҿыханҵа аҭоурых аҿы милаҭтә сахьаҭыхҩы дуны».
Хыԥхьаӡара рацәала ацәыргақәҵа иаҭааз ирбарҭан аҟаза ду инапы иҵихыз аҭоурыхтә, анхашәатә ԥсҭазаара ккаӡа изнырԥшу асахьақәа. Еиҳарак ирылукаауеит апеизаж ажанр: усеиԥш иҟоу иреиуоуп: «Аӡынтәи амотив», «Саб иҩны», «Ауадҳара», «Гәыԥ ашьха», «Ажара», «Ҟрымтәи ахрақәа», «Виетнам апеизаж» уҳәа убас егьырҭгьы.
Асахьаҭыхҩы аамҭак ицаныз Зоиа Аџьынџьал ирҿиамҭақәа ирызкны илҳәон: «Сара среигәырӷьоит Сергеи икомпозициақәа. Урҭ раԥҵара ус имариам. Иара иааџьоушьаратәы акомпозициа амаӡақәа аҵидыраахьан. Уи иусумҭақәа мчыла иаԥҵамызт, дара ирыцуп автор игәыбылра».
Аҭааҩцәа зыршанхоз ацәыргақәҵа хыркәшо, еизаз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит асахьаҭыхҩы Лаша Габелиа.
Уи ихәҭаахьала дырзыразуп иаб иҭынха аиқәырхараз адгылара изҭаз, иҩызцәа, иҭынхацәа, асахьаҭыхыҩцәа.
Ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәа ируаӡәку Елена Лабахәуа аҭааҩцәа иҭабуп ҳәа раҳәо иазгәалҭеит: «Ари актәи етапуп, ара иҟоу аҿыханҵа ауп, иаарласны ҳара еиҿаҳкаараны ҳаҟоуп ацәыргақәҵа аҩбатәи ахәҭа, уаҟа ижәбараны шәыҟоуп Сергеи Габелиа ҟазара дула ицааиуаз аграфикатә ԥҵамҭақәа».
Аԥсны еицырдыруа асахьаҭыхҩы, ауаажәларратә усзуҩы Сергеи Габелиа иҭыхымҭақәа, иҿырԥшыгаз иԥсҭазаара, иуаҩра, иаамсҭашәара еснагь ижәлар ргәаҵаҿ иҟазаауеит. Еиҵагыло абиԥарақәа рзы иҟазара ашәахәақәа мҩақәҵагак иаҩызан иаанхоит.
Наира Сабекиа

