Ашәҟәы рыхьӡынҩылоуп Манча Бениеи Иура Пкьыни. Ашәҟәы рызкуп харада ирӡыз: Гагра, Пицунда, Бармышь, Мгәыӡырхәа, Аацы, Хәаԥ, Анхәа, Гәдоуҭа, Арасаӡыхь, Ҷлоу, Кәтол, Гәыԥ, Река, Баслахә, Ҭхьына ақыҭақәа рҵеицәа.
Ари аԥшьбатәи шәҟәуп арепрессиа иалаӡыз ҳажәлар ирызку, авторс дамоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, еицырдыруа ажурналист Екатерина Гьаргь-иԥҳа Бебиа.
Арҭ амшқәа рзы ауниверситет акттә зал аҟны имҩаԥысит Екатерина Бебиа лышәҟәы «Истина о минувшем» зыхьӡу аӡыргара. Аԥсны аҭоурых адаҟьа еиқәаҵәақәа ҳзаазыртуа, аполитикатә репрессиа 1930-1940 шықәсқәа рзы иалаӡыз ҳҵеицәа иреиӷьӡақәаз рҭоурых аарԥшразы иҟаҵоуп иреиҳау аусумҭа.
Аусмҩаԥгатә иалахәыз зегьы минуҭктәи ҿымҭрала иргәаладыршәеит харада ахара рыдҵаны 1937-1938-тәи ашықәсқәа рзы идырӡыз Аԥсны аҵеицәа.
Ашәҟәы аӡыргара хацыркын Екатерина Бебиа лааӡамҭацәа рықәгыларала. Еизаз зегьы ирбарҭан, аҭыжьымҭа насгьы уи автор шаҟа гәык-ԥсыкала ирныруа ҳабиԥара ҿа.
Арахь ааԥхьара рыман иҭахаз, идырӡыз рҭынхацәа, рмаҭацәа, рыжәлантәқәа. Ара иҟан: Кәтол, Ҷлоу, Аӡҩыбжьа, Маркәыла, Баслахә, Гәыԥ, Ҭхьына, Арасаӡыхь, Ԥақәашь, Кындыӷ ақыҭақәа рхаҭарнакцәа.
Ашәҟәы автор Екатерина Бебиа илгәалалыршәеит асеиԥш аҭоурыхтә шәҟәы аԥҵара амҩа данызҵаз Шамиль Ԥлиа шиакәу. Акыр шықәса раахыс данын лара ҳҵеицәа рымҩа, иҭылҵаауан рҭоурых: «Ирҳәаша ажәа дмырҳәакәа, харада ахара рыдҵаны Аԥсны иреиӷьӡаз ҭадырхеит абри аамҭаз, еиҳараӡакгьы Гәдоуҭа араион, Гагра араион. Калдахәареи Бзыԥҭеи зегьы раасҭа ааха зауз қыҭақәахеит, қыҭак аҟынтәи 208-ҩык андырӡуаз ишԥаҟалоз. Нестор Лакоба дандырӡ ашьҭахь, ала ууа аҩны иаххалаз ирыцҳашьаны акраҿазҵаз агәыла хаҵа аухаҵәҟьа дындәылган дыргеит, изҳәодаз урҭқәа, хыхьынӡа иназгодаз? Ҳара ҳтәқәа ракәын, усеиԥш аибаҭира уаҳа иаҳмоуааит ҳабжьара. Абасеиԥш ихьанҭаз амҩа санахысуаз, ԥшь-манографиак ракәӡам, сыԥсҭазаара аӷьырак ақәысҵеит, апублицистикатә ажәа, алаӷырӡ сгәы иҭаԥсо ианалагалак, ажәеинраалақәа рахь сиасуан», - лҳәеит лара. Астудентка Мадина Амҷԥҳа даԥхьеит убасеиԥш ииз ажәеинраала «Агәаҟцәа руаз».
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг ашәҟәы ҿыц дахцәажәо иаликааит зегьы мҩақәҵаҩыс ирзыҟалаз Шамиль Ԥлиа ихьӡ агәалашәара ԥсаҭа дууп ҳәа. «Ари аԥшьбатәи ашәҟәы ҳархив хазырҭәаауа акәны иҟоуп. Иҟоуп зегьы ирзымҳәо, урҭ зырӡыз зусҭцәоу. Ауаҩ ҟәыш, аамҭа цәгьа аныҟоу ахыхьчара аформа азиԥшаауеит. Абри ашәҟәаҿы иаагоуп хҭыск. Хәаԥ ақыҭа, хҩык ахацәа. Сабду –Ҷыф Ҳашыг, Ҷышьа Ҳаразиа, Кәаӡа Анқәаб иааидгыланы, Мирод Гәажәба иаб дандырӡ ашьҭахь аилабжьарала абри ахҭыс ааныркылеит, ақыҭа ахьчара амҩа азырԥшааит. Убри нахыс Хәаԥ ақыҭа кьыс амоуӡеит. Аамҭа уадаҩаз аибахьчара аус акрызҵазкуа фырхаҵароуп ҳәа исыԥхьаӡоит, абасеиԥш иҟоу аҭоурыхқәа ирҵагоуп, иааӡагоуп. Арыцҳара еснагь иҟалар алшоит ауаа агәҽанызаара рымамзар, ауаа рыхьӡ аҳаҭыр азы имхәыцуазар, амаҵура мацара ахныҟәгараз ианашьҭало. Ахыхьчараз амҩақәа аазыртуа акәны иҟоуп Екатерина Бебиа иаԥылҵаз арҿиамҭақәа, аҭынха.
2- нызқь инарзынаԥшуа зҭоурых еиҭабҳәаз ауаа ргәалашәара ҳаҭыр ақәзааит, бара арҿиаратә гәацԥыҳәара анцәа ибиҭааит, – ихиркәшеит иқәгылара Руслан Ҳашыг.
Уи ашьҭахь ажәақәа рҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аминистр Олег Барцыц, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу, Кәтол ақыҭа ахада, Алиас Голанӡиа, иахьа Москва инхо ҳҵарауаҩ Славик Бигәаа, ҳџьынџьуаҩ Оҭар Ласариа.
Асценахь иааԥхьан Аӡҩыбжьеи Гәыԥи рхаҭарнакцәа. Гәыԥтәи абжьаратә школ арҵаҩы Џьамила Чарқазиа-ԥҳа автор иҭабуп ҳәа лаҳәо иазгәалҭеит арҭ ашықәс еиқәаҵәақәа Аԥсны аҭоурых инадкыланы, аамҭа азалхны, аҵаҩцәа идҳарҵаларц ҳуалԥшьоуп ҳәа.
Асценахь дааԥхьан асас –Сибрантәи иааз, ақалақь Томск аҳәынҭқарратә университет арҵаҩы Ирина Корнева. Лара илҳәеит: «Сахьиз, сахьааӡаз аҭыԥаҿ асеиԥш азалымдара шымҩаԥысуаз сыздыруамызт, иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ари аҭоурых ахьсеилшәыркааз. Сибреи Аԥсни агәаҟра аус еиднакылозҭгьы иахьанӡа, иахьарнахыс иаҳҭахуп аиҩызара ҳаиднакылаларц, ааигәа Томск ауниверситет, ажурналистика афакультет аҿы еиҿаҳкааит «Наш друг – Сухум» зыхьӡу ацәыргақәҵа. Аԥхьаҟа хара имгакәа ҳара ҳадгьылаҿ ҳаиқәшәараны ҳаҟоуп», лҳәеит –Ирина Корнева.
Баслахә ақыҭаҿ идырӡит 11-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рыхьӡала автор иҭабуп ҳәа ларҳәеит Ирина Кәакәасқьыр-ԥҳаи Баслахә ашкол арҵаҩы Асида Ԥачлиа-ԥҳаи. Асида Ԥачлиа-ԥҳа дзыԥхьаз лажәахә алаӷырӡыш шаҵазгьы, иубон гәыла-ԥсыла автор лџьабаа дшазнеиуаз. Река ақыҭа ахаҭарнакцәа дрыцны арахь дымҩахыҵит, зыҷкәын заҵә дҭахаз Аԥсны Афырхаҵа иан афрыԥҳәызба Ламара Қәычбериа, иахьа ақыҭаҿ амедицина аусзуҩыс иҟоу. Даараӡа ааха зауз қыҭоуп Река: 1937 шықәсазы дырӡын ашаеҵәа еиԥш иҩаҵхахаз апоет Леонти Лабахәуа, ирӡын Қәычбериаа, Кәакәасқьыраа. Ажәа иҳәеит ақыҭа ахада Геннади Лагәлаа. «Даара иус дууп, ҳабдуцәа идырӡхьаз, арепрессиа иагаз бара иаҳгәалабыршәеит, иҭабуп бџьабааз», – азгәеиҭеит иара.
Арасаӡыхь ақыҭа хабарда ибжьаӡыз рыхьӡала дцәажәеит Аԥсны Афырхаҵа Рауль Амҷба. «Иахьа ҳазлацәажәо аус ҭоурых усуп, даара аҵакы ӷәӷәа змоу акоуп.
Иааигеит хҭыск: «Нора Филипенко ҳәа аӡәы Американтәи аҭел дысзасит. Лаб д-Амҷбан, ддырӡит арҭ ашықәсқәа раан, сан Гагәлиа-ԥҳан, Лыхнытәын, сыԥсыр сыԥсыбаҩ Аԥсныҟа ишьҭы ҳәа дсыҳәахьан, иагьнасыгӡеит уи иҟалҵаз аҳәара. Сара сан лбызшәагьы схамышҭӡеит, исырӡрангьы сыҟаӡам лҳәеит. Аԥсны дцәырҵит журналист бзиак, ҳабдуцәа идырӡыз рҭоурых лырҿыцит ҳәа дсазҵаауан». Шәара ҳәа санлацәажәа, сашьа, с-Амҷ-ԥҳауп, ҭоурыхла Филипенко сыжәлоуп аха уаҳәшьа соуп лҳәеит, иџьасшьо зыԥсҭазаара зегьы тәымтәылак аҿы инхо аԥсшәа аҷҷаҳәа илҳәоит». Иааигеит даҽа фактгьы Екатерина Бебиа лҩымҭақәа ирыдҳәало, уи лажәа амч, алшара ду аманы, ахыԥша Аԥсны анҭыҵгьы ишынаӡаз наҵшьуа. Автор иҭабуп ҳәа ларҳәеит забдуцәа ахыгаз Лагәлаа Оҭари Кадыр Аргәыни.
Ирҳәон Ҭхьына ақыҭан 37-тәи ашықәсаз идырӡыз ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам ҳәа, аха еилкаауп иахьатәила хҩыуаак: ҩыџьа Шьамани Ҷотеи Сабекиаа, Хәыршьыҭ Шамба. Урҭ ирызку аматериалқәа архивла иҭҵааны икьыԥхьуп. Дара рыхьӡала ашәҟәы автор иҭабуп ҳәа лаҳәо, дықәгылеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы Зина Сабекиа-ԥҳа.
Ашәҟәы аӡыргарахь дааит 83 шықәса ирҭагылоу Венера Хонелиа, лара лаб иашьа харада ддырӡит. «Иаҳзымдыруаз, иаҳамҳәацыз рҭоурых ҳбырҳаит, Аԥсынра багымхааит Катиа, – абас ныҳәаԥхьыӡла ихлыркәшеит уи лажәақәа.
Аҵыхәтәаны лџьабаазы автор иҭабуп ҳәа лаҳәо, дықәгылеит Аҟәатәи алицеи-интернат аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Басхан Чачхалиа. Иара иашаҵәҟьаны дазааҭгылеит лусумҭа дуқәа инарҷыдангьы еиҵалааӡаз аҿар аҵак ду шрымоу. «Зегь реиҳа ишәџьысшьо, иҭабуп ҳәа зысҳәо абри ажәла икашәыԥсаз, шәус иацызҵо рзоуп, шәара макьана шәыӷәӷәаӡа шәыҟоуп, аха ари аԥеиԥш лашоуп изызҳәоу»,– иҳәеит иара.
Ари ҵабырг хаҭоуп, сара хаҭала сахьынӡахәаԥшуа, аҿар реиҵааӡараҿы Екатерина Гьаргь-иԥҳа Бебиеи, Лиосик Ианкәа-иԥа Аибеи, Аԥсуаҭҵааратә институти раҟара егьырҭ ҳҵарауаа дуқәа рнапы злаку ахырхарҭақәа рыла ианырааӡа, ҳ-Аԥсны аӷьацара ду азыԥшуп.
Екатерина Бебиа-ԥҳа – дҵәатәы шьаҟоуп аҵара иазыҳаҵ-ҳаҵо аҿар рзы, неилыхра ҟамҵакәа. Акыр шықәса урҭ реиҵааӡара, арҿиаратә мҩа хараӡа анцәа иланаишьааит.
Ашәҟәы аӡыргарахь иааԥхьаз аҭынхацәа зегьы ҳамҭас ирыҭан хәы-змаӡам аҭоурыхтә ҭынха ашәҟәы «Иҳсаҩсхьоу аҵабырг».
Наира Сабекиа

