Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Ааигәа Ҟарачы-Черқьестәи аҳәынҭқарратә акәашаратә театр Аҧсны араионқәа рҟны аконцертқәа мҩаҧыргон. Аконцертқәа дырбан Тҟәарчал араион Д. Гәлиа ихьӡ зху акультуратә хан аҟны, иара убас Очамчыра араион Р.Ҵәыџьба ихьӡ зху акультуратә хан аҟны.
Аҟәа ақалақь аҿы ихацыркхеит 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз Аԥсны ахьчаҩцәа ргәалашәара иазку ашьапылампыл маҷ азы аинвалидцәа рыбжьара «Аиааира Ахраҿа» ҳәа ахьӡ змоу жәларбжбаратәи атурнир.
Лаҭбеи Смыр дшыхәыҷыз инаркны ашәарыцаҩцәа дрыцын. Ашкол ааныжьны урҭ ахьшьқәа рыкразы аҭыԥ ҷыдаҿы иахьеизоз дцалон. Ақыҭа Приморское ахьшьқәа бзианы иамоуп. Ара «Зазулиа лхәы» ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҿы иахьагьы игылоуп ахьшькыҩцәа рқьалақәа.
Асахьаҭыхра Урыстәылатәи Академиа апроект «Кавказ. Аԥеиԥш уадзыԥхьало (Кавказ Притяжение будущего)» аҳәаақәа ирҭагӡаны Ҟабарда-Балкариа аҳҭнықалақь Нальчик арҭ амшқәа рзы имҩаԥысит, зымҽхак акыр иҭбааз ацәыргақәҵақәа ҩба. Урҭ ирылахәын Аԥснытәи асахьаҭыхҩцәагьы.
Шықәсык нҭакәкәа ицеит Инна Аҳашԥҳа дҳагуижьҭеи. Аха иҟоуп лажәа. Уи акыр инаӡоит, амҽхак рацәоуп. Зны аӡхыҽҽеиԥш амчхара дууп. Зны абџьар еиԥш иҭҟьоит. Зны амрахәага иаҩызоуп, иҟәымшәышәыуп. Даныччоз убасшәа адунеи лырлашон.
Анапылампылтә клуб «Аԥсны» Урыстәыла иреиҳау алига «Б» ачемпионат актәи аикәшара ахәмаррақәа хнаркәшеит, атурниртә еихшьааланҵаҟны аҩбатәи аҭыԥ аанкыларала.
Аиндаҭларақәа мҩаԥысуан ҳазну амза актәи азбжазы М.Чачба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спортшкол аҟны.
Атуристтә фымцадәыӷба «Ласточка» 2024 шықәсазы Аҟәаҟа аҩбатәи аԥышәаратә реис нанагӡеит.
Мшаԥымзазы адәыӷба аԥышәаратә режим ала Аҟәаҟа аихамҩа аҭагылазаашьа агәаҭаразы иааит.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы Тҟәарчал мҽхакы ҭбаала аусурақәа мҩаԥысуеит амҩақәа рырлашаразы. Урҭ аҭыԥантәи ауааԥсыра рыԥсҭазаара аиӷьтәра мацара акәымкәа, ақалақь архетиктурала аибыҭашьа ҷыдала цәа хаак ахарҵоит.
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут усуратә визитла Ҟарачы-Черқьесиатәи Ареспубликаҿы дыҟан ҳәа адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Иара Аԥсни Урыстәылеи аҳәаа иаԥну рҵакырақәа рҿы аусеицура арманшәалареи амҩақәҵареи рзы Аԥсни Урыстәылеи рыҩныҵҟатәи аусқәа Рминистррақәа аҳәаа иаԥну араионқәа рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа реилатәара ихы алаирхәуит.
«Ас еиԥш иҟоу, ҳзышьцылахьоу аформат, хадара злоу аусеицура ахырхарҭақәа рыла ҳусҳәарҭақәа рпозициақәа еиҳа еиӷьны реилкаара алнаршоит», – иҳәеит Роберт Киут.
Аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟан: аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра еишьашәалоу аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа.