Аслан

Аслан

Иҿыцым аибадырра

Абҵара 28, 2024

Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба атәыла Аиҳабыра алахәылацәа дыдирдырит Аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба.

Адныҳәалара

Абҵара 28, 2024

Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны атәылауаа ирыдиныҳәалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш. Уаҟа иазгәаҭоуп:

Ҳажәлар рахь

Абҵара 28, 2024

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба телехәаԥшрала ҳажәлар ирыдиныҳәалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш.

«Аҭоурых, аамҭа, аԥеиԥш» – абас хыс иаманы Аконституциа 30 шықәса ахыҵра иазкыз астол гьежь мҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизараҿы. Аусмҩаԥгатә иалагаанӡа иадырҳәеит Аҳәынҭқарратә Гимн.

Аԥсуа милаҭтә хаа-мыхаақәа иреиуоу ахәырмарҩа аҟаҵара иамоуп ахатә ҷыдарақәа. Уи арҩашьа ибзианы уақәшәароуп, хыхь ацәа кьакьаны, аҩныҵҟа ацха еиԥш агәы хааӡа иарҭны иҟаларцаз. Иаҵоузеи маӡас, ишԥарҩатәу ахәырма ииашаны, абри аилкааразы ҳарҭааит Оҭҳара ақыҭан инхо Аииаа рҭаацәара.

Аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩы, Ареспублика Адыгатәыла Раԥхьатәи Ахадас иҟаз Аслан Џьаримов 85 шықәса ихыҵит.

Ахәы ԥшӡа аҟынтә Аҷандара ақыҭа зегьы уалаԥшуеит. Хыхьынтә зҽырԥагьаны игылоу ашьха аҵаҟа адәҳәыԥш ҟьаҟьа ыҟоуп. Лассы-лассы уи адәҳәыԥш ахь лыԥсы аарла еивго аԥҳәыс дхалон. Аԥсҭазаара акыр икыднаҟьахьаз, ҿи лаӷырӡи еиқәызымхыц ан гәыраз, амышьҭа бзиа ҳәа изышьҭаз Ҭаркьыл-Царгәыш Валентина (Валиа) Қьаамын-иԥҳа. Валиа ҳәа акәын дызҭахызгьы, дыздыруазгьы шлышьҭаз.

XX ашәышықәса аҩбатәи азбжазы, Аԥсни Ҭырқәтәылатәи аԥсуааи рыбжьара еиԥшҵәҟьа акәымзаргьы, аимадарақәа хацыркхеит Шьамтәылеи егьырҭ атәылақәеи рҟны инхо ҳџьынџьуаа рҟны. Ари иалнаршон адунеи атәылақәа ирыланхо аԥсуааи Аԥсни реимадарақәа рырҿиара.
Шьамтәылатәи аԥсуаа рыԥсадгьыл ианахырга Ҭырқәтәыла инанагаз ра­хьтә Шьамтәылаҟа ихҵәаз рхылҵшьҭра еиуоуп.

1994 шықәса ноиабр 26 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥсҭазаараҿы аҵак дуӡӡа змаз ахҭыс ҟалеит. Убри аҽны Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет иаднакылеит исуверену, идемократиату, изинтәу аҳәынҭқарра – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа. 1999 шықәса октиабр 3 азы жәлары зегьы рыбжьыҭарала уи адгылара аиуит. Иара убри аҽныҵәҟьа атәыла иреиҳаӡоу азакәанԥҵаратә усбарҭа  адепутатцәа далырхит Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me